Аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» амҩаԥгаразы анапхгара
Аҵакы
1. Ари адокумент аҿы иаагоу амҩақәҵарақәа аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» иалахәу зегьы ахәарҭа рзаанагоит. Дара рыдҵа аҽазыҟаҵара иалагаанӡа аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи», насгьы ари адокумент иану амҩақәҵарақәа ирыԥхьароуп. Ажәабжьҳәаҩцәа зегьы арҵаратә дҵақәа рыҽрыладырхәларц ргәазҭаҵатәуп. Арҵаратә дҵақәа нарыгӡалар рылшоит макьана жәабжьҳәаҩцәас иҟамлацгьы (урҭ абиблиатә ҵарақәа ирықәшаҳаҭзар, насгьы ақьырсиантә принципқәа инарықәыршәаны инхозар). Жәабжьҳәаҩыс иҟамлац ауаҩы арҵаратә дҵақәа иманы дықәгылаларц шиҭаху иҳәазар, аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» анапхгаҩы уи азы иҟоу аҭахрақәа рыӡбахә изеиҭеиҳәароуп, анаҩс адҵақәа рыҽрылархәразы азин ирҭоу-ирымҭоу иеиҳәароуп. Уи аицәажәара аан ауаҩы Абиблиа изырҵо ажәабжьҳәаҩ (ма Иегова ишаҳаҭу иҭаацәа руаӡәк) дыҟазароуп. Урҭ аҭахрақәа иӡаахым жәабжьҳәаҩыс аҟалара зҭаху ауаҩы изы иҟоу аҭахрақәа иреиԥшуп (od-U ахы 8, абз. 8).
АЛАГАЛАЖӘА
2. Минуҭк. Ашәеи Анцәа иҳәареи рышьҭахь аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» ахантәаҩы аӡырҩцәа апрограммахь аинтерес рызцәыригоит. Иара еиҳарак ирыҵишьроуп аизара ахәарҭа рзаазгар алшо азхәыцрақәа.
«АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА»
3. Ажәахә (жәа-минуҭк). Атема, насгьы ихадоу ҩба-хԥа пункт рҵакы аагоуп аусуратә тетрад аҿы. Ари ажәахә и́дырҵоит аизара ахылаԥшҩы, ма абаҩхатәра злоу аизара ацхырааҩ. Есымчыбжьатәи Абиблиа аԥхьара аихшанҵа ашәҟә ҿыц ала иалагозар, уи ашәҟәы иазку авидеонҵамҭа дырбахоит. Иқәгыло аиашьа авидеонҵамҭа аҵакы дызлацәажәо атема ишадҳәалоу ааирԥшыр илшоит. Иара аӡырҩцәа идеилиркаароуп аусуратә тетрад аҿы иаагоу азхәыцрақәа. Иара убас, аамҭа изхозар, дзыхцәажәо аматериал хазырҭәаауа асахьақәа ихы иаирхәароуп. Аиашьа аплан аҵакы инарҭбааны дахцәажәар иҭахызар, уи иадҳәалоу даҽа материалкгьы ихы иаирхәар илшоит.
4. Адоуҳатә бырлашқәа (жәа-минуҭк). Ари апункт азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла еилыргатәуп. Алагалажәеи ахыркәшаратә жәақәеи ҳәатәӡам. Уи мҩаԥигоит аизара ахылаԥшҩы, ма абаҩхатәра злоу аизара ацхырааҩ. Иара аӡырҩцәа аҩ-зҵаарак риҭар ауп. Уи адагьы, ажәеинраалақәа ирыԥхьатәу-ирыԥхьатәыму ихаҭа иӡбар илшоит. Ҭакк 30 секунд еиҳамзароуп.
5. Абиблиа аԥхьара (ԥшь-минуҭк). Ари адҵа ахацәа ирыдырҵоит. Адҵа змоу ауаҩы алагалажәеи ихзыркәшо ажәақәеи мҳәакәа, иду аматериал даԥхьоит. Аизара ахантәаҩы иҽазишәоит адҵа змоу аԥхьараҿы ирымоу аҟазара аиӷьтәра рыцхраара, урҭ гхада, абжьааԥны ишцәажәо еиԥш, изыԥхьо еилыркаартә, иаҿамхаӡакәа, ииашоу аинтонациеи, аҵакы аазырԥшуа ақәыӷәӷәареи, ааҭгыларақәеи ҟаҵаны иаԥхьаларц азы. Иҟоуп икьаҿу абиблиатә цыԥҵәахақәа, иҟоуп идуу, убри аҟынтә аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» анапхгаҩы арҭ адҵақәа анишо, аҵаҩцәа рылшарақәа дрызхәыцуазароуп.
«АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ»
6. Жәохә минуҭ. Ари ахәҭа аизара иалахәу зегьы ирыцхраауеит ажәабжьҳәараҿы аԥышәа аиура, ауаа рацәажәараҿы рҟазара аиӷьтәра, насгьы амаҵзураҿы ирымоу аҟазара аизырҳареи аҵаҩцәа разыҟаҵараҿы аҽеиӷьтәреи. Иаҭаххар, аизара ахылаԥшыҩцәагьы арҵаратә дҵақәа рыманы иқәгылалар рылшоит. Адҵақәа змоу аброшиура «Уҟазара еиӷьтәла» ма аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҟынтә иаагоу аурок аус адырулароуп. Уи аурок аусуратә тетрад аҿы иану адҵа аганаҿы ахыцқәа ирҭакны иарбоуп. Аихшанҵаҿы иуԥылоит аӡырҩцәа рхы аладырхәыр ахьрылшо апунктқәа. Ари апункт аизара ахылаԥшҩы имҩаԥигоит, ма абаҩхатәра злоу аизара ацхырааҩ. (Ус еиԥш иҟоу апунктқәа шымҩаԥгалатәу абзац 15 аҿы иануп.)
7. Ацәажәара шәалага. Ари адҵа аҵара зҵо ахацәагьы, аҳәсагьы ирырҭоит. Уи ахаҵа ирҭазар, ицхраауагьы дхаҵазароуп, аԥҳәыс илырҭазар, — дыԥҳәысзароуп, ма урҭ ирыцхраауа рыуацәа ракәзароуп. Дара тәазар ма игылазар рылшоит. (Ари адҵа аҵаки аҭагылазаашьеи ирызкны шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)
8. Аинтерес еизшәырҳала. Ари адҵа аҵара зҵо ахацәагьы, аҳәсагьы ирырҭоит. Уи ахаҵа ирҭазар, ицхраауагьы дхаҵазароуп, аԥҳәыс илырҭазар, — дыԥҳәысзароуп (km-U 5/97 7). Дара тәазар ма игылазар рылшоит. Адҵа змоу уаанӡатәи аицәажәара ишацҵатәу дирбар ауп. (Ари адҵа аҵаки аҭагылазаашьеи ирызкны шәрыхәаԥш абзацқәа 12, 13.)
9. Аҵаҩцәа азыҟашәҵала. Ари адҵа аҵара зҵо ахацәагьы, аҳәсагьы ирырҭоит. Уи ахаҵа ирҭазар, ицхраауа дхаҵазароуп, аԥҳәыс илырҭазар, — дыԥҳәысзароуп (km-U 5/97 7). Дара тәазар ма игылазар рылшоит. Ари адҵаҿы идырбатәуп узлагахьоу абиблиатә ҵара шымҩаԥгатәу. Алагалажәеи ахыркәшаратә жәақәеи рҳәара аҭахӡам, адҵа змоу урҭ аурокқәа аус рыдимулозар. Шәықәгылараан иаагоу аматериал зегь шәаԥхьаргьы-шәамыԥхьаргьы шәылшоит.
10. Зыгәра жәго деилшәыркаала. Ари адҵа ажәахә аҳасабала инагӡатәызар, уи ахацәа ирыдырҵоит. Аха аицәажәара аҳасабала инагӡатәызар, ахацәагьы, аҳәсагьы ирыдырҵоит. Уи ахаҵа ирҭазар, ицхраауагьы дхаҵазароуп, аԥҳәыс илырҭазар, — дыԥҳәысзароуп, ма урҭ ирыцхраауа рыуацәа ракәзароуп. Адҵа назыгӡо еилыкка, насгьы апатуқәҵара аарԥшны, атема инақәыршәаны азҵаара аҭак ҟаиҵароуп. Уи азы ихы иаирхәароуп адҵахьы иаагоу азхьарԥш аҿы иҟоу аинформациа.
11. Ажәахә. Ари арҵаратә дҵа ахацәа ирыдырҵоит, уи аизарахь ирхоу ажәахә еиԥш иҳәатәуп. Ажәахә аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» Ацҵа А аҿы иаагоу апунктқәа шьаҭас иамазар, адҵа змоу ари ажәеинраала(-қәа) ажәабжьҳәараҿы рхы ишадырхәаша дирбароуп. Иаҳҳәап, иара урҭ идеилиркаар илшоит уи ажәеинраала рхы иадырхәалар анрылшо, уи ҵакыс иамоу, насгьы уи ацхыраарала ауаа ирацәажәалар шрылшо. Ажәахә аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала» аҟынтә аурокқәа руак аҿы иаагоу апункт шьаҭас иамазар, адҵа змоу уи апункт ажәабжьҳәараҿы рхы ишадырхәаша дирбароуп. Иара аурок актәи апункт аҿы иаагоу аҿырԥштәы дахцәажәар илшоит, ма, уи еиҳа еиӷьзар, аурок аҿы иаагоу даҽа жәеинраалак ихы иаирхәар илшоит.
12. Аҵакы. Ари абзаци анаҩстәи абзаци адҵақәа «Ацәажәара шәалага», насгьы «Аинтерес еизшәырҳала» ирыҵанакуеит. Даҽакала иарбамзар, адҵа назыгӡо ауаҩы хықәкыс имоу Абиблиа иану аҵабырг ауаҩы изеиҭаҳәареи даҽазны иацәажәаразы ашьаҭа ашьҭаҵареи роуп. Адҵа змоу дахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа ргәы иҵхо дазхәыцны, ианаало атема алихроуп. Иара иӡбар илшоит адҵа анагӡаразы амаҵзуразы иҟоу амыругақәа рҟынтә публикациак ма видеонҵамҭак ихы иаирхәару-иаимырхәару. Адҵа змоу хықәкыс имоу ҿырҳәала иҵаны имоу адгалара ахархәара акәӡам. Уи хықәкыс имоу ҟазарала ауаа ишрацәажәалатәу дырбара ауп, иаҳҳәап, ауаҩы хьаас дышумоу аарԥшреи абжьааԥнеиԥш ацәажәареи.
13. Аҭагылазаашьақәа. Адҵа змоу аус здиулар акәу аҭагылазаашьа дахьынхо аҭыԥ ианаалартә еиԥш иҟаиҵароуп. Иаҳҳәап:
(1) Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара. Уи ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжьҳәара (хаҭала, ҭелла, ма асаламшәҟәы ала), насгьы ажәабжьҳәараҿы иҳақәшәаз ауаҩи ҳареи даҽазны ҳаицәажәара ацҵара акәзар алшоит.
(2) Иформалтәым ажәабжьҳәара. Ари аҭагылазаашьа иаҳнарбоит шаҳаҭра ауразы иаабац аицәажәара ҳхы иаҳархәар шҳалшо. Уи иаҳнарбоит аусураҿы, ашкол аҿы, агәылара, атранспорт аҿы, ма ҳусқәа ҳанырҿу иаҳбо ауаа Абиблиа иану зхәыцрак рзеиҭаҳҳәар шҳалшо.
(3) Ауаа еиҳа иахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы ажәабжьҳәара. Уи астендқәа рыла, ауаа аус ахьыруа аҭыԥқәа рҿы, амҩадуқәа рҿы, апаркқәа рҿы, ма ауаа ахьыҟоу даҽа ҭыԥқәак рҿы ажәабжьҳәара акәзар ауеит.
14. Авидеонҵамҭақәеи алитературеи ҳхы ишаҳархәалаша. Адҵа змоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу дазхәыцны, ауаҩы авидеонҵамҭа ма апубликациа иирбар илшоит. Адҵа инақәыршәаны ауаҩы авидеонҵамҭа ирбатәызар, ма адҵа змоу ихаҭа ус иӡбазар, уи иахцәажәатәуп, аха аҿакра аҭахӡам.
«АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА»
15. Ари ахәҭа ашәа ала иалагоит, нас 15 минуҭ рыҩныҵҟа иҟалоит Анцәа Иажәа ҳхы ишаҳархәалаша аазырԥшуа акы-ҩба пункт. Даҽакала иарбамзар, урҭ апунктқәа аизара ахылаԥшыҩцәа, ма абаҩхатәра злоу аизара ацхырааҩцәа ирыдырҵар ауеит. Аха апункт «Аизара аҭахрақәа» мҩаԥызго аизара ахылаԥшыҩцәа мацара роуп. Апрограмма апункт ахцәажәара ала ишьақәгылазар, уи мҩаԥызго аиашьа иаагоу азҵаарақәа рыдагьы, ихатә зҵаарақәагьы аӡырҩцәа ириҭалар ауеит. Алагалажәа кьаҿзароуп, убасҟан ихадоу азхәыцрақәа рҳәаразы, насгьы аӡырҩцәа рҽаладырхәырц азы иазхаша аамҭа ыҟазаауеит. Апрограмма апункт аҿы аинтервиу ыҟазар, уи змырхуа иҭыԥ аҟынтә акәымкәа, асцена аҟынтә дцәажәалар бзиоуп.
16. Аизараҿы Абиблиа аҵара (ҩажәижәаба минуҭ). Ари апункт и́дырҵоит абаҩхатәра злоу аизара ахылаԥшҩы. (Аизара ахылаԥшыҩцәа ахьмаҷу аизарақәа рҿы уи идырҵалар ауеит абаҩхатәра злоу аизара ацхырааҩ.) Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак ари апункт мҩаԥызгало аизара ахылаԥшҩы далырхроуп. Аиашьа ари апункт анымҩаԥиго ихадоу абиблиатә жәеинраалақәеи изхысуа аматериал хәарҭас ирзаанагои дырзааҭгылалароуп, насгьы ианаамҭоу ихиркәшалароуп. Хәарҭа злоу алабжьарақәа уԥшаар улшоит азҵаарақәеи аҭакқәеи рыла ишьақәгылоу ахцәажәара шымҩаԥгалатәу иазку анапхгараҿы (w23.04 24, арамка). Аматериал ибзианы еилдыргазар, аха аамҭа аанхазар, аамҭа агара иаԥсаӡам. Иалшозар, Абиблиа аҵара амҩаԥгареи абзацқәа рыԥхьареи рзы есымчыбжьа еиуеиԥшым аишьцәа алхлатәуп. Аизара ахантәаҩы Абиблиа аҵара иазалху аамҭа ркьаҿтәуп ҳәа а́ҳәара ҟаиҵозар, Абиблиа аҵара мҩаԥызго ихаҭа иӡбароуп уи шыҟаҵатәу. Иаҳҳәап, бзацқәак дырмыԥхьаӡакәа еилиргар ҟалоит.
АХЫРКӘШАРАТӘ ЖӘАҚӘА
17. Х-минуҭк. Аизара ахантәаҩы еиқәиԥхьаӡоит имҩаԥгаз аизара аан зыӡбахә ҳәаз ихәарҭа́з зхәыцрақәак, иара убас иааиуа аиԥылара дахцәажәароуп. Аамҭа аанхар, иааиуа амчыбжь азы адҵақәа змоу иргәалаиршәар илшоит. Даҽакала иарбамзар, ахантәаҩы алаҳәарақәеи асаламшәҟәқәеи дрыԥхьар илшоит. Есымчыбжьатәи ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәеи Аҳратә зал аилыргареи ирызку аихшанҵа (уҳәа убас иҵегьы) асцена аҟынтә иҳәалатәӡам. Уи аинформациа алаҳәарақәа ирызку аӷәаҿы икыдҵатәуп. Асаламшәҟәқәеи алаҳәарақәеи рацәазар, аизара ахантәаҩы «Ақьырсиантә ԥсҭазаара» ахәҭаҿы апунктқәа мҩаԥызго аишьцәа дрыҳәар илшоит рықәгылара аамҭа дыркьаҿырц (шәрыхәаԥш абзацқәа 16, 19). Аизара ашәеи Анцәа иҳәареи рыла ихыркәшахоит.
АРҼХӘАРЕИ АЛАБЖЬАРЕИ
18. Адҵа змоу данықәгылалак ашьҭахь, ахантәаҩы минуҭк аҟара имоуп уи ирҽхәаразы, насгьы иазалху аурок шьаҭас иҟаҵаны алабжьара иҭаразы. Ахантәаҩы арҵаратә дҵа анрылеиҳәо аурок аӡбахә иҳәаӡом. Аха адҵа змаз иқәгылара ашьҭахь ахантәаҩы уи дырҽхәаны, аус здиулоз аурок иҳәар илшоит, насгьы иазгәеиҭар ҟалоит аурок аҟынтә зынагӡара илшаз апунктқәа, мамзаргьы хаала иеилиркаауеит уи аурок еиҭа аус адиулар зихәҭоу, насгьы уи шыҟаиҵаша. Ахантәаҩы иара убас адҵа змаз дирҽхәар илшоит, уи иқәгылараҿы иҷыдоу акы ибазар, иқәгылоз ма аӡырҩцәа ахәарҭа рзаанагоит ҳәа иԥхьаӡозар. Иаҭаххар, ауаҩы хаҭала алабжьара (имаз ма даҽа урокк иазкны) ииҭар илшоит аизара ашьҭахь, ма даҽа аамҭак азы, аброшиура «Уҟазара еиӷьтәла», аброшиура «Ауаа бзиа ижәбала», мамзаргьы ашәҟәы «Школа служения» шьаҭас иҟаҵаны. (Аизара ахантәаҩы, насгьы адҵақәа змаз алабжьара рызҭо аиашьа ироль иазку анапхгара ануп абзацқәа 19, 24, насгьы 25 рҿы.)
ААМҬА
19. Апрограмма апунктқәа мҩаԥызго аамҭа иахымԥалароуп. Ахантәаҩгьы изалху аамҭа дҭаӡалароуп. Аусуратә тетрад аҿы адҵақәа ирзалху аамҭа ануп. Аха адҵа змоу аматериал ибзианы ахцәажәаразы изалхыз аамҭа зегь нимхзар, иаанхаз аамҭагьы ихы иаирхәарц азы еиҳаны аинформациа ааигар акәӡам. Аӡәы ипункт иазалхыз аамҭа дахыԥазар, аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» ахантәаҩы, ма алабжьарақәа рызҭо аиашьа алабжьара хаҭала ииҭар ауп (шәрыхәаԥш абзацқәа 24, 25). Аизара зегьы ашәақәеи Анцәа иҳәарақәеи налаҵаны сааҭки 45 минуҭи иахымԥар ауп.
АРАИОН АХЫЛАԤШҨЫ АИЗАРА ДАНАҬААУА
20. Араион ахылаԥшҩы аизара данаҭаауа, апрограмма мҩаԥыслоит аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» ишану еиԥш, аха ԥсахрак ҟалоит: аизараҿы Абиблиа аҵара аҭыԥан апункт «Ақьырсиантә ԥсҭазаара» аан иҟалоит 30 минуҭ ицо араион ахылаԥшҩы ииҳәо амаҵзуратә ажәахә. Уи амаҵзуратә ажәахә ҟалаанӡа, «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» ахантәаҩы имҩаԥгаз апрограмма дахцәажәоит, иааиуа амчыбжь азы иҟало апрограмма далацәажәоит, иаҭаху алаҳәарақәа ҟаиҵоит, насгьы асаламшәҟәқәа дрыԥхьоит, иара убас араион ахылаԥшҩы асценахь дааиԥхьоит. Амаҵзуратә ажәахә ашьҭахь араион ахылаԥшҩы ашәа алхны аизара хиркәшоит. Аизара анҵәамҭазы иара ихаҭа Анцәа диҳәар илшоит, мамзаргьы даҽа иашьак уи ҟаиҵарц диҳәар ауеит. Араион ахылаԥшҩы аизара данаҭаауа амчыбжь азы акласс хәыҷқәа рҿы аизара зламҩаԥысуа абызшәала адҵақәа рыманы иқәгылаӡом. Аизараҿы агәыԥ ыҟазар, аизара араион ахылаԥшҩы данаҭаауагьы, дара рхала аизара мҩаԥыргар рылшоит, аха араион ахылаԥшҩы ииҳәо амаҵзуратә ажәахә иазыӡырҩырц азы азал ду ахь ихынҳәыр ауп.
АРАИОНТӘ МА АРЕГИОНАЛТӘ КОНГРЕСС АНЫМҨАԤЫСУА АМЧЫБЖЬ
21. Араионтә ма арегионалтә конгресс анымҩаԥысуа амчыбжь азы аизарақәа мҩаԥысӡом. Аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи иргәаларшәатәуп уи амчыбжь азы аизара апрограмма иану аматериал хаҭала ма ҭаацәала еилдыргар шрылшо.
ИИСУС ИԤСРА АГӘАЛАРШӘАРА ИАЗКУ АИԤЫЛАРА АНЫМҨАԤЫСУА АМЧЫБЖЬ
22. Иисус иԥсра агәаларшәара амш азгәаҭара асабша ма амҽыша иақәымшәозар, аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» мҩаԥгатәӡам.
АИЗАРА «ҲАԤСҬАЗААРЕИ ҲМАҴЗУРЕИ» АНАПХГАҨЫ
23. Аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» напхгаҩыс иҟало аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иалырхуа аизара ахылаԥшҩы иоуп. Иара дахылаԥшлоит аиԥылара бзианы еиҿкаазарц, насгьы арҭ амҩақәҵарақәа инарықәыршәаны имҩаԥысларц. Алабжьарақәа рызҭо аиашьеи иареи аус бзианы еицырулароуп. Иҿыцу аусуратә тетрад «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» шааҭыҵыз еиԥш, аизара анапхгаҩы ҩымзтәи адҵақәа зегь ишар ауп. Уахь иаҵанакуеит ажәабжьҳәаҩцәа адҵақәа рызшара адагьы, аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак зықәшаҳаҭу аишьцәа рҟынтә аизара ахантәаҩцәагьы ралхра. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 3—16, насгьы 24.) Адҵа зиҭаша аниӡбо ауаҩы иқәра, имоу аԥышәа, насгьы дзыхцәажәараны иҟоу атема дахцәажәартә дыҟоу-дыҟаму дазхәыцроуп. Апрограмма егьырҭ апунктқәа анишогьы, уи дазхәыцроуп. Урҭ адҵақәа рыҭалатәуп рықәгылара хымчыбжьа иадамзаргьы шыбжьоу. Абланк «Аизара „Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи“ аҟны адҵа» (S-89) ажәабжьҳәаҩцәа адҵақәа рыҭаразы ихы иаирхәалароуп. Аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» анапхгаҩы аинформациа зну аӷәаҿы адҵақәа зегьы рсиа кыдиҵароуп. Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак даҽа аизара ахылаԥшҩык, ма аизара ацхырааҩык далырхыр ауеит, уи аиашьа дицхрааларц азы. Аха апункт «Абиблиа аԥхьара», насгьы аҟәша «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит» аҿы иаагоу апунктқәа рыда, егьырҭ апунктқәа аизара ахылаԥшыҩцәа мацара роуп имҩаԥызгалаша.
АИЗАРА «ҲАԤСҬАЗААРЕИ ҲМАҴЗУРЕИ» АХАНТӘАҨЫ
24. Есымчыбжьа аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» хантәаҩыс дамазаауеит аизара ахылаԥшыҩцәа руаӡәк. (Аизара ахылаԥшыҩцәа ахьмаҷу аизарақәа рҿы хантәаҩыс далырхыр ауеит абаҩхатәра злоу аизара ацхырааҩ.) Уи ирхиароуп алагалажәеи аизара злахиркәшо ажәақәеи. Иара апрограмма ахәҭақәа зегьы рылеиҳәалоит, насгьы аизара ахылаԥшыҩцәа рхыԥхьаӡара маҷзар, егьырҭ апунктқәа мҩаԥигалар илшоит, иаҳҳәап, авидеонҵамҭа ахьдырбатәу, аха иахьахцәажәатәым апунктқәа. Апунктқәа рыбжьара ииҳәо ажәақәа кьаҿзароуп. Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак иалырхуеит ахантәаҩы ироль назыгӡо аизара ахылаԥшыҩцәа. Иалырхыз аизара ахылаԥшыҩцәа еимданы хантәаҩцәас амаҵ рулоит. Аҭыԥантәи аҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны аизара анапхгаҩы егьырҭ аизара ахылаԥшыҩцәа раасҭа еиҳа лассы-лассы хантәаҩыс дҟалалар алшоит. Аизара ахылаԥшҩы аизараҿы Абиблиа аҵара амҩаԥгаразы далхзар, усҟан аизара ахантәаҩы ирольгьы наигӡалар илшоит. Ишәхашәмыршҭлан аизара хантәаҩыс амаҵ зуа аизара ахылаԥшҩы адҵақәа змоу гәык-ԥсыкала ирҽхәалар, насгьы, иаҭахызар, ахәарҭа рзаазго алабжьарақәа риҭалар шихәҭоу. Аизара ахантәаҩы иара убас дахылаԥшлароуп аизара ианаамҭоу ихыркәшазарц (шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 19). Аизара ахантәаҩы иҭахызар, насгьы асценаҿы аҭыԥ ыҟазар, уаҟа даҽа микрофонк иргылар ҟалоит, апиупитр аҟны аишьцәа рҽанеимырдо аамҭазы иара апрограмма апунктқәа рылеиҳәаларц азы. Иара убас ахантәаҩы асценаҿы дтәазар илшоит Абиблиа аԥхьареи «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит» аҿы адҵақәеи змоу рыдҵақәа рыманы иқәгылонаҵы. Уи аамҭа амырӡра ицхраауеит.
АЛАБЖЬАРАҚӘА РЫЗҬО АИАШЬА
25. Еиҳа еиӷьуп ари адҵа ажәахә аҳәараҿы аԥышәа змоу аизара ахылаԥшҩы инаигӡалар. Иара (ианаҭаху) хазы алабжьара риҭалоит аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы еиуеиԥшым адҵақәа зманы иқәгыло, насгьы иаарту ажәахәқәа зҳәо аизара ахылаԥшыҩцәеи аизара ацхырааҩцәеи, иара убас «Ахьчаратә бааш» аҟынтә аҵаразы астатиақәеи аизараҿы Абиблиа аҵареи мҩаԥызго, ма урҭ аиԥыларақәа раан иаԥхьо (шәахәаԥш абзац 19). Аха иара аишьцәа ықәгылацыԥхьаӡа алабжьарақәа римҭалар илшоит. Аизараҿы арҵаратә ҟазара змоу, насгьы аҿаԥыц бзиа зҿоу аизара ахылаԥшыҩцәа маҷымзар, урҭ есышықәса еимданы егьырҭ алабжьарақәа рырҭалар рылшоит.
АКЛАСС ХӘЫҶҚӘА
26. Аизараҿы арҵаратә дҵақәа назыгӡо рацәазар, акласс хәыҷқәа рхы иадырхәалар рылшоит. Классцыԥхьаӡа алабжьара рызҭало, ианаало аиашьа дыҟазароуп, уи аизара ахылаԥшҩы иакәзар еиҳа еиӷьхоит. Иаҭаххар, уи адҵа наигӡалар илшоит абаҩхатәра злоу аизара ацхырааҩ. Аизара ахылаԥшыҩцәа рхеилак ирыӡбар ауп ари адҵа назыгӡало дызусҭахо, иара убас уи аӡәы инаигӡалоу, ма аишьцәа еимдо инарыгӡалоу. Уи адҵа назыгӡало аиашьа абзац 18 аҿы иану аиҿкаара дықәныҟәалароуп. Адҵақәа акласс хәыҷ аҿы имҩаԥысуазар, урҭ ирылахәу акласс ахь ицароуп апункт «Адоуҳатә бырлашқәа» анынҵәалак ашьҭахь. Дара азал ду ахь ихынҳәыроуп аҵыхәтәантәи арҵаратә дҵа анынҵәалак ашьҭахь.
АВИДЕОНҴАМҬАҚӘА
27. Аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы аусуратә тетрад аҟны иаагоу аихшанҵа инақәыршәаны авидеонҵамҭақәа дырбахоит. Урҭ апрограмма JW Library® аҿы иҟоуп, насгьы еиуеиԥшым аелектронтә хархәагақәа рҿы урыхәаԥшлар ҟалоит.
© 2023 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
S-38-ABK 11/23