Адунеи Ҽыц ҭынч аҿы аԥсҭазаара
Адунеи Ҽыц ҭынч аҿы аԥсҭазаара
Изакутә цәаныррақуоузеи иуызцәырҵ’уа, абри атрактатаҿы апеизаж уанахуаԥшуа? Угуазымҳәаӡои уаҟа иубо аҭынчреи, анасыԥи, аманшәалареи? Ҳәара аҭахума, ирыҳәоит. Аха баша хуцрақуаӡами, ма фантазиаӡами, абри еиԥш аԥсҭазаара знымзар-зны адгьыл аҿы иҟалап ҳәа агурагара?
Еиҳараҩык, иҟалап, ус ргу иаанагозар. Иахьа иҳамоу — аибашьрақуеи, ацәгьаурақуеи, амлакреи, ачымазарақуеи, ажәреи роуп,— зегь рыҟнытә акык-ҩбак заҵәык ҳгуалаҳаршәозаргьы. Аха агуӷразы аҵаҵӷу ыҟоуп. Ԥхьаҟа иԥшуа, Абиблиа иаҳәоит, «ҳара, [Анцәа] ҳазлақуиргуӷыз ала, аҵабырг иахьаҭыԥу ажәҩан ҿыци адгьыл ҿыци ҳарзыԥшуп» ҳәа (2 Петра 3:13; Исаия 65:17).
Абиблиа ала, арҭ «ажәҩан ҿыци» «адгьыл ҿыци» — амаҭәартә жәҩан ҿыцҵәҟьеи, ма, ажәакала, иҿыцҵәҟьоу адгьыли ракуӡам. Адгьыли ажәҩани шан хьаҳәа-ԥаҳәа рымаӡамкуа, Абиблиагьы иаҳнарбоит, урҭ шаанхо наӡаӡа (Псалом 88:37, 38; 103:5). «Адгьыл ҿыц» шьақугылазаауеит ауаа қьиақуа, адгьыл аҿы иқунхауа рыла, «жәҩан ҿыцны» иҟалоит хьаҳәа-ԥаҳәа змам жәҩантәи Аԥсҳара, мамзаргьы аиҳбыра, ари адгьылаҿы ауаажәларра напхгара рзызуа акуны. Аха ииашоума агуаанагара, «адгьыл ҿыц», мамзаргьы иџьашьахуу адунеи ҿыц ҟалоит хәа?
Иазгуашәҭа афакт, абри еиԥш еиқушәшәа иҟоу аԥсҭазаара ҳадгьыл азыҳәан, аханатә Анцәа игуҭакқуа ирыхуҭакны ишыҟаз. Иара раԥхьатәи ҩыџьа ауааԥсыра адгьылаҿы едемтәи Аџьанаҭ ианықуигала, ириҭеит адҵа џьашьаху: «Шәыҿиала, шәеизҳала, адгьыл ықушәырҭәаа, егьышәтәышәтәа иара» Бытие 1:28). Ааи, Анцәа хықукыс имаз, арҭ аҩыџьагьы ахуҷқуа роурци, насгьы, аҵыхутәаны, урҭ р-Џьанаҭ адгьыл зегьы иамҽхаркырци акун. Дара уи ашьҭахь Анцәа ихымхуцырц шырыӡбазгьы, убриалагьы наӡаӡа аԥсҭазаара ишаԥсамыз шаадырԥшызгьы, Анцәа аханатә имаз ихықукы аҽамыԥсахӡеит. Уи нагӡахароуп адунеи ҿыц аҿы! (Исаия 55:11).
(Аиашазы, уара ашьапкра «Ҳара ҳаб» аҿы Анцәа Иԥсҳара ааирацы уаниҳәо, Иара ижәҩантә еиҳабыра адгьыл ацәгьара аҟынтә ахы иақуиҭнатәырци, насгьы уи адунеи ҿыц напхгара азнауларци рзы уиҳәоит (Маҭфеи 6:9). Ҳаргьы агура ҳгарц ҳалшоит, Анцәа ари ашьапкра аҭак шыҟаиҵо, избанзар Иара Иажәа ҳақунаргуӷ‘уеит: «Ауаа қьиақуа адгьыл рзынхоит, иагьықунхалоит наӡаӡа» (Псалом 36:29).
Анцәа идунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара
Анцәа аханатә игу иҭаз абзиарақуа зегьы нагӡауа, Анцәа Иԥсҳара иаҳзаанагоит акы иузадымкылауа адгьылтә барақьаҭра, иара иишаз зегьы адгьылаҿы уи иалачаларцазы. Рҵыхутәа ԥҵәоит ацәымӷреи амцхаҵарақуеи, аҵыхутәангьы зегьы ари адгьылаҿы еиҩызцәа гуакьақуаны иҟалоит. Абиблиаҿы Анцәа ҳақуиргуӷ‘уеит, Иара «адунеи ахьынӡанаӡааӡо аибашьрақуа шааникыло». «Жәлари-жәлари еиҿагыланы раҳәақуа шьҭырх‘уам, аибашьышьагьы уаҳа ирҵалом» (Псалом 45:10; Исаия 2:4).
Аҵыхутәаны, адгьыл зегьы абаҳча иеиԥшу џьанаҭ ссирны аҽаԥсах‘уеит. Абиблиа иаҳәоит: «Илахҿыххашт ацәҳәыреи адгьыл шабеи, егьгурӷьашт уаҩы дахьықунымхо атәылагьы, егьышәҭышт нарциссшәа... Ихуҵҟьоит ацәҳәыраҿы аӡқуа, адәеиужьаҿгьы аӡыҳәҵәақуа. Аӡы ацәаара ӡмыжьныгьы иҟалашт, ишабо адгьылгьы — аӡқуа ирхыҵхырҭаны» (Исаия 35:1, 6, 7).
Аџьанаҭ дгьылаҿы насыԥ умазаарц азы аҭагылазаашьақуа зегьы ҟалоит. Афатәзымхара иахҟьаны Псалом 66:7; 71:16) Зегьы рџьабаа алыҵшәа иалачалоит, избанзар Ҳазшаз ҳақуиргуӷ‘уеит: «...Ажь-ӡахуақуа еиҭарҳалоит, рҽаҩрагьы рфалоит... Еиҭарҳалаӡом, даҽаӡәы ифаларацы» (Исаия 65:21, 22).
ауаа млашьуа уаҳа ахаангьы иҟалаӡом. «Адгьыл иаҳнаҭеит аҽаҩра»,— аҳәоит Абиблиаҿы (Анцәа идунеи ҿыц аҿы ауаатәыҩса ауаа рацәа ахьеицынхо аҩндуқуеи, мамзаргьы иажәхьоу ахуҵанхарҭақуеи рҿы уаҳа инхалаӡом, Анцәа игуҭакы излаҳәо ала: «Егьдыргылоит аҩнқуа, егьынхалоит уаҟа... Идыргылаӡом, даҽаӡәы дынхаларц азы». Абиблиа иара убасгьы ҳақунаргуӷ‘уеит: «Баша аџьа рбалаӡом» (Исаия 65:21—23). Абасала, ауаа ирымазаауеит алыҵшәа змоу, рхыргуақубзиазтәуа аусура. Аԥсҭазаара гурҿыӷьагахом.
Аамҭақуак рыла Анцәа Иԥсҳара еиҭашьақунаргылоит Едемтәи абаҳчаҿы агыгшәыгқуа рыбжьареи ауааи агыгшәыгқуеи рыбжьареи иҟаз аизыҟазаашьа бзиа. Абиблиа иаҳәоит: «Акуџьмеи асыси еицынхалоит, алымгьы асысгьы еицышьҭазаауеит; аҳәысгьы, алым ҿагьы, ацәгьы еицыҟазаауеит, ахуҷгьы инеигааигалоит урҭ» (Исаия 11:6—9; Осия 2:18).
Шәазхуци: аџьанаҭтә дгьылаҿы иара убасгьы ачымазарақуеи ацәеижьтә мчыдарақуеи хушәтәызаауеит. Анцәа Иажәа агура ҳнаргоит: «Инхо рахьтә аӡәгьы иҳәараны дыҟам: „сара сычмазаҩуп“» (Исаия 33:24). «Ирыцқьоит Анцәа урҭ рылабжышқуа, аԥсрагьы уаҳа иҟалом; аҵәыуарагьы, аҳәҳәарагьы, ачымазарагьы уаҳа иҟалаӡом; избанзар ииасхьеит ажәытәра» (Откровение 21:4).
Уара узыҳәан уи ҟалашьас иамоу
Анцәа ҳзықуиргуӷыз аҵабырг ахьыҟоу адунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара, хымԥада, угуаҵа аҟнынӡа инеит. Шьоукгьы, иҟалап, ргу иаанагозар, абарҭ реиԥш иҟоу азылԥхарақуа мыцху ибзиацәоуп, агураҵәҟьа узымго аҟнынӡа ҳәа, аха урҭ нагӡахоит, избанзар бзиа ҳазбо Ҳазшаз иҟнытә иаауеит дара (Псалом 144:16; Михей 4:4).
Ҳара адгьылаҿы иааираны иҟоу аџьанаҭ аҿы наӡаӡа аԥсҭазаара ҳҭахызар, ҳәарада, ҭахрақуак ҳрықушәо ҳаҟазароуп. Иисус Анцәа иашьапкраан ихадоу ҭахрак азгуеиҭеит: «Наӡаӡатәи ԥсҭазаарас иҟоу, Уара-Иаӡәкыу Анцәа иаша — удырреи Уара Иааушьҭыз Иисус Христос идырреи роуп» (Иоанн 17:3).
Ус анакуха, ҳара ииашаҵәҟьаны Анцәа идунеи ҿыц аҿы аԥсҭазаара ҳҭахызар, зны Анцәа игуаԥхо еилаҳкаароуп, насгьы уи наҳагӡалароуп. Избанзар ифактуп, абри «адунеии уи агуахуара хумгақуеи шыиасуа, Анцәа игуаԥхара назыгӡо наӡаӡа дшаанхо», ҳара бзиа ҳазбо Ҳазшаз иҟнытә азылԥхарақуа иаауа наунагӡа далачаларц (1 Иоанн 2:17).