Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу ҳабзиабаҩцәа рзы иҟоу?

Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу ҳабзиабаҩцәа рзы иҟоу?

Иарбан гәыӷроу иԥсхьоу ҳабзиабаҩцәа рзы иҟоу?

«Ауаҩы данԥслак, ҩаԥхьа иԥсы ҭалару?» — дазҵааит Иов акыр шықәса раԥхьаҟа (Иов 14:14). Иҟалап, уаргьы уи уазхәыцхьазар. Иарбан цәанырроу иузцәырҵрыз, иузааигәоуи уареи иара абра, адгьыл аҿы, иреиӷьӡоу аҭагылазаашьақәа ахьыҟоу, ҩаԥхьа шәеиқәшәарц шалшо удырызҭгьы?

Абиблиа ҳақәнаргәыӷуеит: «Рыԥсы ҭалашт Уара уԥсцәа, иҩагылашт ацәеижьқәа, ԥсы зхам!» Абиблиа, иара убас, иаҳәоит: «Аиаша ҟазҵо ауаа адгьыл иазынхоит, иагьықәынхалоит уи наунагӡа» (Исаиа 26:19; Ԥсалом 36:29).

Абарҭ ақәыргәыӷрақәа ииашаҵәҟьаны рыгәра ҳгарц азы, ҳара иҳамазароуп аханатә аахыс иҟоу зҵаарақәак рҭакқәа: избан ауаа зыԥсуа? Иԥсхьоу абаҟоу? Насгьы избан агәра ҳгаларц зҳалшо, урҭ ҩаԥхьа аԥсҭазаара роуп ҳәа?

Аԥсра, насгьы ҳара ҳанԥсуа ҳзықәшәо

Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит, Анцәа аханатә ауаа ԥсларц шиҭахымыз. Уи ишеит раԥхьатәи ҩыџьауаа, Адами Евеи, урҭ Едем ҳәа хьӡыс измаз адгьыл џьанаҭ аҿы инирхеит, нас ахшаара роуларц, иџьанаҭыз рынхарҭа адгьыл зегьы иаладырҵәарц рыдиҵеит. Урҭ анԥсышаз убысҟан акәын, иара иҳәатәы иазымӡырҩызҭгьы (Аҟазаара 1:28; 2:15—17).

Адами Евеи Анцәа иразра пату рзақәымҵеит, иагьизымӡырҩит, убри аҟнытә Уи заа ишреиҳәахьаз еиԥш, урҭ ахьырхәра рыхьӡеит. «Узлыху адгьылахь ухынҳәуеит; — Анцәа Адам иеиҳәеит,— избанзар унышәуп уара, анышәахь уагьыхынҳәуеит» (Аҟазаара 3:19). Адам дыршаанӡа дыҟамызт; уи днышәын. Иҳәатәхамҵара, ма игәнаҳара иахҟьаны, Адам изыӡбын анышәахь, аҟамзаара аҭагылазаашьахь, ахынҳәра.

Убри аҟнытә аԥсра — ари аԥсҭазаара аҟамзаароуп. Абиблиа инаҵшьны иазгәанаҭоит аиԥшымра: «Агәнаҳара иақәнагоу — аԥсроуп, Анцәа иҳамҭоу — наӡаӡатәи ԥсҭазаароуп» (Римаа рахь 6:23). Абиблиа, аԥсра — ари зынӡа ухы узымдыруа уаныҟоу аҭагылазаашьа шакәу аарԥшуа, иаҳәоит: «Зыԥсы ҭоу шыԥсуа рдыруеит, аха иԥсхьоу акгьы рыздыруам» (Аекклесиаст 9:5). Ауаҩы данԥсуа, Абиблиа излаҳәо ала, анаҩс иҟало убриоуп: «Иԥсы ихыҵуеит, нас иаргьы анышәахь дхынҳәуеит; убри аҽныҵәҟьа ихәыцрақәа зегь ныҵашәкәа ицоит» (Ԥсалом 145:3, 4).

Уи аԥҟара Едемтәи абаҳчаҿы Адами Евеи ракәзар еилазгаз, нас, ҳара зегьы ҳзыԥсуазеи? Абри аҩыза зхаҟало убриоуп, ҳара зегьы Адам аҳәатәхамҵара анааирԥшы ашьҭахь ҳиит, убри аҟнытә ҳазынтәыкгьы уи иҟынтә агәнаҳареи аԥсреи ҳзынхеит. Абиблиа иҳаилнаркаауеит: «Аӡәы [Адам] иҟынтә агәнаҳара адунеи ишықәнагалаз, агнаҳарагьы аԥсра шаанагаз еиԥш, убас аԥсрагьы ауаа зегь рахь ииасит» (Римаа рахь 5:12; Иов 14:4).

Аха аӡәы абасеиԥш азҵаара ықәиргылар алшоит: «Ауаҩы данԥслак ашьҭахь иаанхауа аԥсы ыҟаӡами?» Аӡәырҩы убри аҩыза ддырҵоит, иагьырҳәоит, аԥсра — ари даа ԥсҭазаарак узаазыртуа ашә акәушәа. Аха абас еиԥш иҟоу агәаанагара Абиблиа иатәӡам. Уи акәым, Анцәа Иажәа излаҳнарҵо ала, уара ухаҭа уоуп ауаҩԥсы ҳәа иԥхьаӡоу, ииашаҵәҟьаны, уара уԥсы — уара ухаҭа уоуп, уцәеижьи ухшыҩи рҷыдарақәа нудкыланы (Аҟазаара 2:7; Ҩынтәзакәан 27:25; Ажәамаанақәа 2:10). Абиблиа, иара убас, иаҳәоит: «Ауаҩԥсы, агәнаҳара иаҵалаз, дыԥсуеит» (Иезекииль 18:4). Абиблиа џьаргьы иаҳнарҵом, ауаҩы ацәеижь анԥслак ашьҭахь ибзаны инхо, имԥсуа аԥсы ихоушәа.

Ауаа ҩаԥхьа инхаларц шрылшо

Агәнаҳареи аԥсреи адунеи ианықәнагала ашьҭахь, Анцәа аԥсҭалара ала аԥсцәа аԥсҭазаарахь рырхынҳәразы игәҭакы ааиртит. Убри аҟнытә Абиблиа иҳаилнаркаауеит: «Абраам... игәы иаанагон, Анцәа аԥсра аҟынтә [иԥа Исаак] диргыларатәы амч имоуп ҳәа» (Ауриацәа рахь 11:17—19). Абраам игәрахаҵара шьаҭа аҵамкәа иҟамызт, избанзар Абиблиа Зегьзымчу Анцәа иӡбахә ала иаҳәоит: «Анцәа аԥсцәа дры-Нцәам, абзацәа роуп, избан акәзар, Уи иҟны зегьы бзоуп» (Лука 20:37, 38).

Ааи, Зегьзымчу Анцәа амч адагьы, имоуп иара ишигәаԥхо ала ауаа рыԥсҭаҵаразы агәаҳәара. Иисус Христос иҳәеит: «Ари џьашәымшьан, избан акәзар иаауеит аамҭа адамра иамоу зегьы Анцәа Иԥа ибжьы анраҳауа, егьцәырҵуеит» (Иоанн 5:28, 29; Аусқәа 24:15).

Иисус абри аниҳәа ашьҭахь, рацәак бжьымсит, ауриа қалақь Наин иалҵны зҿаазхаз аԥсыжцәа еицрыхәхәа иааиԥылеит. Иԥсыз арԥыс аԥҳәысеиба лԥазаҵә иакәын. Ҳәаа змамыз лара лгәырҩа аниба, Иисус игәы даарыцҳанашьеит. Убри аҟнытә, аԥсы иахь ихы нарханы, ибжьы наиқәиргеит: «Арԥызба! уара уоуп изасҳәауа, угыл». Арԥысгьы ашырҳәа дҩықәтәеит, Иисус уи иан дагьлиҭеит (Лука 7:11—17).

Аԥҳәысеиба лаан еиԥшҵәҟьа, убас агәырӷьара ду ҟалеит, Иисус Иаир, ауриацәа рныҳәарҭа ахылаԥшҩы, иҩны даниҭаа. Убри аԥхьа дыԥсит 12 шықәса зхыҵуаз иԥҳа. Аха Иисус Иаир иҩны даныҩнашыла, иԥсыз ахәҷы дналхагылан лықәҿиҭит: «Аԥҳәызба! бгыл» ҳәа. Ларгьы дҩагылеит! (Лука 8:40—56).

Ҳамҭакы ашьҭахь дыԥсит Лазар, Иисус иҩыза. Иисус уи иқыҭахь данаа, ԥшьымш ҵхьан Лазар дыԥсиижьҭеи. Иаҳәшьа Марфа даараӡа дшыгәырҩозгьы, уи агәыӷра аалырԥшит, абас ҳәаны: «Издыруеит, агылараан, аҵыхәтәантәи амш азы дышгылаша». Аха уеизгьы, Иисус адамрахьы днеит, ахаҳә аԥырыргарц нарыдиҵан, ҿыҭны диԥхьеит: «Лазар! уҭыҵ адәныҟа». Иаргьы дҭыҵит! (Иоанн 11:11—44).

Уажәшьҭа уазхәыц анаҩстәи: иҭагылазаашьа шԥаҟаз Лазар, уи ԥшьымш дыԥсны даныкҿаз? Лазар ажәҩанаҿы, мамзаргьы агәаҟрақәа иахьырҭыԥу џьаҳаным сыҟан ҳәа акгьы имҳәеит, уи, хымԥада, ус иҳәарын, уаҟа дыҟазҭгьы. Мап, иԥсны иҟаз Лазар зынӡа ахдырра имамызт, иара ус дшыҟаз дагьаанхон «агылараанӡа, аҵыхәтәантәи амш аҽнынӡа», Иисус убасҟан аԥсҭазаарахь димырхынҳәызҭгьы.

Ииашоуп, Иисус абарҭ иџьашьахәқәа аамҭалатәи ахырҳага мацароуп иааргаз, избанзар уи зыԥсы ҭеиҵаз еиҭах иԥсит. Аха убриала 1 900 шықәса раԥхьаҟагьы ишьақәирӷәӷәахьан, Анцәа имч иабзоураны, иԥсхьоу иҵабыргны ҩаԥхьа анхара шрылшо! Убри аҟнытә Иисус иџьашьахәқәа рыла, мҽхакы ҭбаала акәымзаргьы, иааирԥшит Анцәа Иԥсҳара анапхгара аҵаҟа адгьылаҿы иҟалаша.

Иузааигәоу ауаҩы данԥсуа

Аӷа-аԥсра анугәыдҳалауа, аԥсҭалара иагьа уақәгәыӷуазаргьы, угәырҩа рацәахар алшоит. Абраам ихеиҵон, иԥҳәыс ҩаԥхьа дшынхало, аха уеизгьы ҳаԥхьоит, «Абраам дқьызқьызуа Сарра диҵәыуарц дааит» ҳәа (Аҟазаара 23:2). Аха агәхьаакра шԥааирԥши Иисус? Лазар данԥсы, Иисус «иԥсахы ԥжәеит, дагьааилаӡыӡеит», абри ашьҭахь иаарласынгьы «илаӷырӡ ааит» (Иоанн 11:33, 35). Убри аҟнытә, уара бзиа иубо ауаҩы данԥсуа, аԥсыҽра иадыргахом, уҵәыуар.

Асаби иԥсра ан лзы ҷыдала игәаҟра хьанҭоуп. Убри аҟнытә Абиблиа иаартны иҳанаҳәоит, ан агәырҩа хьанҭа лцәа ианырырц шалшо (4 Аԥсҳарақәа 4:27). Ҳәара аҭахума, ари убасҵәҟьа ихьанҭоуп зысаби дзыԥхаз аб изгьы. «О, аԥсра сзаазгарыдаз уара уцынхәрас»,— дуазыруан аԥсҳа Давид, иԥа Авессалом данԥсы (2 Аԥсҳарақәа 18:33).

Аха уеизгьы, уара аԥсҭалара атәы злахауҵауа ала, улахьеиқәра гәыӷрак ацымкәа иҟам. Абиблиа излаҳәо ала, уара «угәырҩалом, егьырҭ гәыӷра змам реиԥш» (1 Фессалоникаа рахь 4:13). Уи ахаҭыԥан уара, Анцәа уахьиҳәауа иабзоураны, Иара уизааигәахоит, Абиблиагьы уақәнаргәыӷуеит, «Уи дышуцхраауа» ала (Ԥсалом 54:23).