Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Изыҟалома ауаа зегьы мышкы-зны бзиа еибабауа?

Изыҟалома ауаа зегьы мышкы-зны бзиа еибабауа?

«Иԥсхара адырра» № 35

Изыҟалома ауаа зегьы мышкы-зны бзиа еибабауа?

Ихьшәашәахеит иаҳзааигуоу иахь абзиабара

МИЛЛИОНЛА ауаа уаҩы ииҭахым насыԥдақуаны рхы рыԥхьаӡоит, егьрыздыруам ацхыраара ахьыԥшаатәу. Тәанчаҩԥҳәыск еиҭалҳәеит: «Хулԥазык сҿаԥхьа инхо сгула-ԥҳәысеиба сашә аҵәҵәабжьы днасын, исалҳәеит, азаҵәра дшаргуаҟуаз. Сара ирԥшқаны, аха инҭкааны иласҳәеит сшеилахаз. Уи дцеит, дахьсԥырхагахаз азы аҭамзаара даҳәаны».

Игуалсра дууп, аха убри аухаҵәҟьа аԥҳәысеиба лҿылшьит. Ашьҭахь уи атәанчаҩԥҳәыс излалҳәаз ала, ари «лабжьага бубуаны» илзыҟалеит.

Иаҳзааигуоу иахь абзиабара ацәмаҷра лассы-лассы ахлымӡаах ахылҿиаауеит. Босниеи Герцеговинеи, ажәытә Иугославиа, аетникатә еиҿыхарақуа раан миллион-ҩык инареиҳаны рыҩнқуа аанрыжьыр акухеит, жәанызқь-ҩылагьы ауаа ҭахеит. Изшьуадаз урҭ? «Ҳгулацәа ракун,— лгуы ԥыжәжәон зқыҭа ааныжьны иҩуаз ԥҳәызбак.— Ҳара иаадыруан урҭ».

Шәнызқь-ҩыла Руанда иҭахеит, еиҳараӡакгьы ирзааигуоу рнапала. «Хутугьы тутсигьы еицынхон, аҭаацәарақуа еицаԥырҵон, хьаас ирымамызт, егьрыздыруамызт, урҭ рахьтә хуту, ма тутси дызусҭаз,— аанацҳауан агазеҭ «Ниу-Иорк таимс».— Ус, иаалырҟьаны акы аҿаԥсахит... иалагеит анибарҵәара».

Убасҵәҟьоуп Уриатәылангьы: ауриацәеи араԥцәеи иеигулацәоуп, аха уеизгьы шьардаҩык еибацәымӷыуп. Убас еиԥш аизыҟазаашьақуа уаҩы ибарҭоуп Ирландиа акотоликцәеи апротестантцәеи рыбжьара, иара убас егьырҭ атәылақуа рҿгьы хыԥхьаӡарала иҵегьы инеиҳаны ажәларқуа рыбжьара. Ахаангьы ауаҩытәыҩса иҭоурыхаҿы абасеиԥш абзиабара ацәмаҷра ауаа ирхарымгацт.

Изыхьшәашәахазеи иаҳзааигуоу иахь абзиабара?

Ари азҵаара аҭак ҟаиҵоит Ҳазшаз. Уи Иажәа, Абиблиа аҟны, ҳара хазхаанхаз аамҭа «аҵыхутәантәи амшқуа» ахьӡуп. Ари апериод, абиблиатә ԥааимбаражәа ишаҳәо еиԥш, ауаа «аиҩызара бзиа изымбауа» ракуны ианыҟалаша ауп. Абарҭ «иуадаҩӡоу аамҭақуа» Аҩыраҿы иара убасгьы «ашәышықуса анҵәамҭа» захьӡу дрылацәажәауа, Иисус Христос заа ихҳәахьан, «аӡәырҩы рыбзиабара шыхьашәшәахо» (2 Тимофею 3:1—5; Матфея 24:3, 12).

Абасала, ҳаамҭазы иаабауа абзиабара ацәмаҷра-ари адунеи аҵыхутәантәи амшқуа ҳшырхаану аазырԥшуа адыргақуа ирыхуҭакыуп. Насыԥны, ари иара убасгьы иаанаго ауаа-хумгақуа рдунеи иаарласны абзиабара аҳра ахьауа ииашоу адунеи ҿыц ала ишыԥсаххо ауп (Матфея 24:3—14; 2 Петра 2:5; 3:7, 13).

Аха ииашаҵәҟьаны агура злаҳгаша ыҟоума, абри аҩыза аҿыԥсахра шауа,— ауаа зегьы аззиеибабашьа аҵареи ҭынч аицынхареи шрылшо?

Иаҳзааигуоу бзиа ибара — ари реалроуп

«Дызусҭада исзааигуоу?» — ауриацәа иреиуаз закуанҭҵааҩык Иисус диазҵааит актәи ашәышықусазы. Уи, хымԥада, Иисус иҟынтә дазыԥшын абри аҩыза аҭак: «Уара умилаҭ иатәу ауаа». Аха, иуаҩгушаҭаз самариатәик иҭоурых еиҭаҳәаны, Иисус иаҳирбеит, егьырҭ амилаҭқуа иреиуоу ауаагьы иаҳзааигуоу шракуу (Луки 10:29—37; Иоанна 4:7—9).

Иисус инаҵшьны иазгуеиҭеит, Анцәа иахь абзиабара анаҩс ҳара ҳаԥсҭазаараҿы аҩбатәи аҭыԥаҿы игылазарц шахуҭоу иаҳзааигуоу иахь абзиабара (Матфея 22:34—40). Аха уеизгьы, иҟазма аамҭала зҩызцәа бзиа избаҵәҟьоз гуԥҩыуаак? Ааи-урҭ заатәи ақьырсианцәа ракун! Урҭ рыхьӡыԥша дуун ауаа рахь ирымаз рыбзиабарала (Иоанна 13:34, 35).

Аха ишԥаҟоу аусқуа иахьа? Иааирԥшуама аӡәыр Христос ибзиабара аиԥш зеиԥшу? Усумҭак аҿы иаҳәоит: «Иегова Ишаҳаҭцәа русура — ари Иисус иҵаҩцәеи иареи зҿахуы рҳәоз заатәи ақьырсианра аиҭаииреи аиҭашьақугылареи роуп иаанаго... Урҭ зегьы еишьцәоуп» («Encyclopedia Canadiana»).

Иаанагозеи ари? Ари иаанаго Иегова Ишаҳаҭцәа изакузаалакгьы — ауаа рцәаԥштәы, рмилаҭ, ма ретникатә хылҵшьҭра — ирзааигуоу рахь ацәымӷра рыздырҵысырц рхы ишақуна дмырго ауп. Урҭ аӡәгьы ишьра рҿазырк’уам, избанзар, хаҿсахьала иуҳәозар, раҳәақуа ирыларчаԥеит ақуаҭанақуа насгьы раԥсақуа — амаганақуа (Исаия 2:4). Ииашаҵәҟьаны, Иегова Ишаҳаҭцәа злеицырдыруа ирзааигуоу ианрыцхыраатәу урҭ иаадырԥшуа аинициатива алоуп (Галатам 6:10).

Уамашәа ибатәӡам, калифорниатәи агазеҭқуа руак ианыз аредакциатә статиаҿы иахьазгуанаҭоз: «Аҳәара мацара азхоит, адунеи аҿы зегьы Иегова Ишаҳаҭцәа рдунеихуаԥшышьа иадгылозҭгьы, ашьакаҭәареи ацәымӷреи рҵыхуа ԥҵәахьазаарын, адунеигьы напхгара анаҭалон абзиабара» («Sacramento Union»). Венгриатәи журналк аҿы астатиа автор иазгуеиҭеит: «Сара алкаа сазнеит, Иегова Ишаҳаҭцәа рымацара адгьылаҿы инхозҭгьы, аибашьрақуа еихсыӷьрын, аполициауаа ракузар, аиҭанаиааирақуа аконтроль рзууреи апаспортқуа ршареи рымацара акун изҿызаарыз» («Ring»).

Ҳәарада, ауаа аӡәи-аӡәи бзиа еибабаларц азы иаҭахыуп идуӡӡоу, адунеизегьтәи аиҭакрақуа. Абарҭ аиҭакрақуа ҟалашьас ироурызеи? (Шәԥхьа, иҟалозар, аҵыхутәантәи адаҟьа).

Ауаа зегьы бзиа еибабауа ианыҟало

ИИСУС Христос идирҵоз Анцәа иҳәара аҟынтә иаҳбарҭоуп, ҳара шьаҭынкылатәи аиҭакрақуа рҿаԥхьа ҳашгылоу. Иисус еицырдыруа Ашьхатәи иуазажәаҿы иаҳирҵон аныҳәашьа: «Иаиааит Уԥсҳара; иҟалааит угуаԥхара, хыхь ажәҩан аҟнеиԥш ҵаҟа адунеи аҿгьы» (Матфея 6:10).

Изакуузеи Анцәа Иԥсҳара? Ари жәҩанынтәи напхгара зуа, иреалтәу еиҳабыроуп. Убри азоуп уи «Жәҩантәи Аԥсҳара» ҳәа захьӡу. «Адунеи Аҳ», Иисус Христос, и-Аб ари аиҳабыра хадас дазикит (Матфея 10:7; Исаия 9:6, 7; Псалом 71:1—8).

Иаԥеиԥшхарызеи, Анцәа Иԥсҳара анааилакь, цәымӷрала иҭәу иахьатәи адунеи? «Аԥсҳара» «еиланажьуеит иагьхнарбгалоит» ари адунеи иатәу чарҳәара злоу аиҳабырақуа зегьы (Даниил 2:44). Абиблиа иҳаилнаркаауеит: «Ииасуеит адунеи... Анцәа игуаԥхара назыгӡо дыҟазаауеит наунагӡа» (1 Иоанна 2:17).

Анцәа идунеи ҿыц иазкны Абиблиаҿы иаҳәоит: «Аиаша ҟазҵо ауаа адгьыл иазынхзоит, иагьықунхалоит уи наунагӡа» (Псалом 36:9—11, 29; Притчи 2:21, 22). Изакутә аамҭа шьахуузеи иааиран иҟоу усҟан! «Уаҳа икалом аԥсра; аҵәыуареи, агунқьреи, ачымазарақуеи уаҳа ҟалаӡом» (Откровение 21:4). Иԥсхьаҵәҟьоугьы рыԥсы ҭалоит, адгьыл зегьгьы аџьанаҭ хаҭа акуны аҿаԥсахуеит (Исаия 11:6—9; 35:1, 2; Деяния 24:15).

Анцәа идунеи ҿыц аҿы анхаразы, ҳара бзиа ҳаибабаларц ҳахуҭоуп, уи Анцәа ишаҳирҵо еиԥш (1 Фессалоникийцам 4:9). Мрагыларатәи атәылақуа руак аҿы Абиблиа зҵо ахаҵа иҳәеит: «Сара сахыццак’уа сазыԥшуп, Абиблиа ҳшақунаргуӷ’уа еиԥш, дарбанзаалакь егьырҭ ауаа бзиа ишбатәу аниҵалакь аамҭа». Ҳара агура ҳгарц ҳалшоит, Анцәа иихәо шынеигӡауа! «Сара исҳәеит,— иҳәоит иара,— иагьынасыгӡоит уи» (Исаия 46:11).

Аха Анцәа Иԥсҳара анапхгара иаанаго азылԥхарақуа риуразы, шәара ишәыҳуҭоуп адыррақуа рырҳара, адунеи зегь аҟны миллионла ауаа қьиақуа ишыҟарҵо еиԥш (Иоанна 17:3). Абри аҟны шәара ишәыцхраауеит 32-даҟьа змоу аброшиура «Ииҭахуузеи ҳара ҳҟынтә Анцәа?» (аурыс бызшәа). Шәаҳәа аекземплиар, аԥхьатәи адаҟьаҿы иарбоу акупон харҭәааны, насгьы ишәышьҭы ишәзааигуаӡоу адрес шәхы иархуаны.

□ Сара исҭахыуп исоурц аброшиура «Ииҭахуузеи ҳара ҳҟынтә Анцәа?»

□ Абиблиа худа-ԥсада аҩны аҵаразы, иҟалозар, сара шәыҿсымажәда.

[Асахьа иазку аинформациа, адаҟьа 2]

Аснаипери Босниатәи аԥсыжрақуеи: Reuters/Corbis-Bettmann