Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?
Ишԥаҟашәҵарыз аҭак?
-
Ааи.
-
Мап.
-
Иҟалап.
ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?
«Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом» (Аатра 21:4, Ауасиаҭ Ҿыц).
ИААНАГАР АЛШОЗЕИ УИ ШӘАРА ШӘЗЫ?
Агәраганы аҟазаара, Анцәа агәаҟрақәа шааимго (Иаков 1:13).
Агәҭынчра, Анцәа ҳшеиликаауа ахьаҳдыруа (Захариа 2:8).
Агәыӷра ӷәӷәа, агәаҟрақәа рҵыхәтәа шыҟало (Аԥсалом 37:9—11).
ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?
Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа ҩба:
-
Анцәа ицәымӷуп агәаҟрақәеи аиашамреи. Иарбан цәанырроу имаз Анцәа Иегова, ижәлар гәымбылџьбарала ианрықәыӷәӷәоз? Абиблиаҿы иҳәоуп иара ишхьааигоз, арҭ ауаа «ԥсгаха рызымҭоз рҟынтәи ишгәынқьуаз» анибоз (Аӡбаҩцәа 2:18).
Анцәа ҭынч дзахәаԥшӡом ауаа егьырҭ ишрықәыӷәӷәо анибо. Абиблиаҿы иҳәоуп «акгьы зхарам ршьа казҭәо анапы» шицәымӷу (Ажәамаанақәа 6:16, 17).
-
Анцәа хаҭала зегьы дҳаиҷаҳауеит. Абиблиаҿы иҳәоуп «дасу ихатә рыцҳареи ихатә хьааи идыруеит» ҳәа. Аха ҳара ҳауадаҩрақәа рҿы ҳхала ҳааныжьым — Иегова идыруеит ҳхьаақәа ртәы (2 Ашықәсынҵа 6:29, 30).
Иегова Иаҳра абзоурала иаарласны иқәихуеит ҳара зегь хаҭала ҳзықәшәо агәаҟрақәа (Матфеи 6:9, 10). Аха уажәы иара гәрыцҳашьарала ргәы ирҭынчуеит ицхыраара иашьҭоу зегьы (Аусқәа 17:27; 2 Коринфаа рахь 1:3, 4).
ШӘАЗХӘЫЦ
Избан Анцәа агәаҟрақәа зиаҩижьуа?
Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит РИМАА РАХЬ 5:12, насгьы 2 ПИОТР 3:9 рҟны.