Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?
Аҭак шԥаҟашәҵарыз?
-
Ааи.
-
Мап.
-
Иҟалап.
ИАҲӘОЗЕИ АБИБЛИА?
«Иԥсхьоу рахьтә иргылоит» (Аусқәа 24:15, Ауасиаҭ ҿыц).
ИААНАГАР АЛШОЗЕИ АРИ ШӘАРА ШӘЗЫ?
Агәырҭынчра, ишәзааигәоу анышәцәыӡуа (2 Коринфаа рахь 1:3, 4).
Аԥсра ацәшәара аҟынтәи ахақәиҭра (Ауриацәа рахь 2:15).
Ишәызгәакьоу ауаа рԥыларазы иҟаҵәҟьоу агәыӷра (Иоанн 5:28, 29).
ИҲАЛШОМА ҲАРА АБИБЛИА ИАҲӘО АГӘРА ҲГАР?
Ааи, убри азгьы ҳара иҳамоуп амзызқәа хԥа:
-
Анцәа зыԥсы ҭоу зегьы аԥсҭазаара риҭеит. Абиблиаҿы Анцәа Иегова «аԥсҭазаара дахыҵхырҭоуп» ҳәа иӡбахә ҳәоуп (Аԥсалом 36:9; Аусқәа 17:24, 25). Зегьы зшаз, ҳәарада, иԥсхьоу аԥсҭазаарахь рырхынҳәра илшоит.
-
Анцәа ажәытәан ауаа рыԥсы ҭаиҵон. Абиблиа ааҩык рыхьӡ аҳәоит — уахь ирыҵанакуан зықәрахь инеихьаз, иқәыԥшыз, ахацәеи аҳәсеи, адгьыл аҿы зыԥсҭазаара ззырхынҳәыз. Урҭ реиҳараҩык ԥсиижьҭеи акгьы ҵӡомызт, аха руаӡәк ԥшьымш анышә даман! (Иоанн 11:39—44).
-
Анцәа иахьагьы иҭахуп рыԥсы ҭаиҵарц. Иегова аԥсра ицәымӷуп; уи иара иаӷоуп (1 Коринфаа рахь 15:26). Иара ӷәӷәала иӡбаны имоуп уи даиааирц — аԥсра ықәихырц аԥсҭалара абзоурала. Анцәа гәык-ԥсык ала иҭахуп игәалашәараҿ иҟоу зегь ҿыц рбара,— урҭ адгьыл ахь аԥсҭазаараз иргьежьуеит (Иов 14:14, 15).
ШӘАЗХӘЫЦ
Избан ҳара ҳзажәуа, насгьы ҳзыԥсуа?
Абиблиа ари азҵаара аҭак ҟанаҵоит АҞАЗААРА 3:17—19, насгьы РИМАА РАХЬ 5:12 рҟны.