АЗҴААРА 11
Ихьуазеи ауаҩы данԥслак ашьҭахь?
«Иԥсы анихыҵуа, анышә ахь дхынҳәуеит, игәы иҭеихәыцуаз зегьы уи амш аҽны иӡуеит»
(Аԥсалом 146:4).
«Зыԥсы ҭоу ишыԥсуа рдыруеит, аха иԥсхьоу акгьы рыздырӡом... Унапы иҟанаҵо зегьы ухы уамеигӡакәа иҟаҵала, избанзар анышә аҿы — уара уахьцо аҭыԥ аҿы — иҟам аусурагьы, агәҭакқәагьы, адыррагьы, аҟәышрагьы»
(Екклезиаст 9:5, 10).
«[Иисус] иациҵеит: „Ҳҩыза Лазарь дыцәеит, аха сара иаарԥшра сцоит“. Иисус Лазарь дыԥсит ҳәа ауп ииҳәарц ииҭахыз, аха дара уи дыцәоуп ҳәа иҳәарц иҭахыз џьыршьеит. Усҟан Иисус урҭ иаартны иреиҳәеит: „Лазарь дыԥсит“»