Изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?
Ҳара бызшәа рацәала ҳцәажәоит, насгьы еиуеиԥшым адгьыл ахәҭақәа рҿы ҳанхоит, аха иаҳзеиԥшу хықәкык ҳаиднакылоит. Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳара Иегова, Абиблиа Анцәа, насгьы Зегьзшаз, ихьӡ ҳараҳклар ҳҭахуп. Ҳара ҳҽазаҳшәоит Иисус Христос иҿыԥшра, насгьы ҳара ҳзы ҳаҭыруп ақьырсианцәа ҳәа хьӡыс иахьҳамоу. Ҳара зегь иааиԥмырҟьаӡакәа аамҭа азалҳхуеит Анцәа Иаҳреи Абиблиеи ауаа реилыркааразы. Ҳара Анцәеи, насгьы Иаҳреи рыӡбахә ҳҳәоит, даҽакала иуҳәозар, урҭ шаҳаҭра рзаҳуеит, убри аҟынтә ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳәа ҳардыруеит.
Шәахәаԥш ҳара ҳсаит. Шәаԥхьала Абиблиа онлаин. Еиӷьны еилышәкаа ҳара ҳазусҭцәоу, насгьы ҳара ҳҵарақәа́.