Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 5

Ахәыҷы дшысабиу инаркны дшәааӡала

Ахәыҷы дшысабиу инаркны дшәааӡала

1, 2. Изызҵаалар рыхәҭада ани аби ахәыҷқәа рааӡара иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы?

 «АБАР! Аԥацәа — Иегова иҟынтә ахылҵ»,— иҳәеит 3 000 шықәса раԥхьа инхоз, аџьшьара аазырԥшуаз абык (Ԥсалом 127:3). Ҳәарада, анреи абреи иаанаго́ агәырӷьара — ари зыхә ҳараку Анцәа иҟынтә ҳамҭоуп, уи еиҳараҩык аҭаацәара иалоу ироур рылшоит. Аха ахшара зауа иаарласны еилыркаауеит ани аби рроль анагӡара агәырӷьара адагьы аҭакԥхықәра шацу.

2 Ахәыҷқәа рааӡара даара ицәгьоуп, еиҳарак иахьатәи аамҭазы. Ус шакәугьы, аӡәырҩы уи қәҿиарала инарыгӡоит, уи шрылшо ааирԥшуеит Анцәа идоуҳа змаз аԥсаломшәаҳәаҩ: «Иегова аҩны имыргылозар, баша аџьабаа рбоит уи зыргыло» (Ԥсалом 127:1). Иегова идҵақәа шаҟа еиӷьны инашәыгӡало, убри аҟарагьы ахәыҷқәа рааӡараҿы ақәҿиара шәоулоит. Абиблиаҿы иануп: «Уиқәгәыӷла Иегова гәыкала, уагьақәымгәыӷын ухатәы еилкаара» (Ажәамаанақәа 3:5). Ишәҭахума шәара 20 шықәса ицо ахәыҷы иааӡара апроект шәаналаго, Иегова илабжьара шәаҳар?

АБИБЛИА АХӘАԤШЫШЬА ШӘЫДЫШӘКЫЛ

3. Иарбан ҭакԥхықәроу ахәыҷқәа рааӡараҿы аб иду?

3 Ирацәаҩны аҭаацәарақәа рҿы адунеи ахьынӡа-наӡааӡо ахацәа ирыԥхьаӡоит ахәыҷқәа рааӡара еиҳарак аԥҳәыс илусуп ҳәа. Анцәа Иажәа иануп аҭаацәара аныҟәгара еиҳараӡак аб идуп ҳәа. Аха Абиблиа иануп ахаҵа иҭаацәара аҩныҵҟагьы аҭакԥхықәра шиду. Ҳара ҳаԥхьоит: «Уҩны анҭыҵ уусқәа ҟаҵа, инагӡа урҭ умхырҭаҿгьы, анаҩс уҩнаҭа иҟоу рӷәӷәала» (Ажәамаанақәа 24:27). Анцәа ихәаԥшышьала ани аби ахәыҷы иааӡараҿы еицхыраалароуп (Ажәамаанақәа 1:8, 9).

4. Избан ҳара аӡӷабцәа раасҭа аҷкәынцәа еиӷьаҳшьар захәҭам?

4 Шәышԥарзыҟоу шәара шәхәыҷқәа? Ишдыру еиԥш, Азиа «аӡӷабцәа риира аҭаацәа уиаҟара иаргәырӷьаӡом». Аацҳарақәа ишаадырԥшуа ала, аӡӷабцәа риира иахьагьы Латинтәи Америка «аҵара змоу аҭаацәарақәа» рҿгьы тәамбашақә иазнеиуеит. Аха аӡӷабцәа еиҳа еицәоу хәыҷқәоуп ҳәа рыԥхьаӡара иашам. Ажәытәан еицырдыруаз аб Иаков ихәыҷқәа зегьы, иԥҳацәагьы налаҵаны, «Анцәа иразра абзоурала» исоуз ҳәа дрыхцәажәон. Иисусгьы иара иахь инаргоз ахәыҷқәа зегьы (аҷкәынцәагьы аӡӷабцәагьы) дрықәныҳәон (Матфеи 19:13—15). Ҳара агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иисус Иегова ихәаԥшышьа шааирԥшуаз (Ҩынтәзакәан 16:14).

5. Изызхәыцыр рыхәҭоузеи аҭаацәа, шаҟаҩык ахшара рымазарц рҭаху анырӡбо?

5 Ирыԥхьаӡома шәара шәахьынхо атәылаҿы аԥҳәыс шаҟа лылшо ахшара лхылҵлар еиӷьуп ҳәа? Ишахәҭаҵәҟьоу хаҵеи-ԥҳәыси рхаҭа ирыӡбозар ауп шаҟаҩык ахәыҷқәа рхылҵша. Иҟаҵатәузеи аҭаацәа аԥара рзымхозар ахәыҷқәа афатә рзаахәаразы, реилаҳәаразы, аҵара дырҵаразы? Ҳәарада, хаҵеи-ԥҳәыси уи заа иазхәыцроуп, ианырыӡбо шаҟаҩык ахәыҷқәа рымазарц рҭаху. Ҭаацәарақәак рхәыҷқәа зегьы рызныҟәымгошәа анырбалак, урҭ рыуацәа ирааӡарц ирырҭоит. Ииашоума уи? Мап. Абас еиԥш иҟоу азнеишьа иаа́нагаӡом аҭаацәара рхәыҷқәа рахь ирымоу аҭакԥхықәра уажәшьҭа инармыгӡар ҟалоит ҳәа. Абиблиа иаҳәоит: «Зыуа-зҭахы, зыжьрацәара, зҭаацәа гәҭыхас измам лыгәрахаҵара мап ацәылкхьеит ҳәа иԥхьаӡа, агәрахаҵара змам раҵкысгьы деицәоуп» (1 Тимофеи 5:8). Хаҵеи-ԥҳәыси аҭаацәараҿы ирыду ҭакԥхықәрала иазнеиуазар, ахәыҷқәа рааӡара рылшарц азы, заа ирыӡбоит шаҟаҩык ахшара рымазарц рҭаху. Ирылшома хаҵеи-ԥҳәыси рхы иадырхәар аԥҳәыс лцәалтәымра аҽацәыхьчара аметодқәа? Убригьы дара ирхатә усуп, аха аҽацәыхьчара рыӡбазар, аметод рхаҭа иалырхуеит. «Доусы иара иеидара хьанҭа даҵоуп» (Галаҭаа 6:5). Аха аҽԥыргара зҵазкуа аҽацәыхьчаратә методқәа зегьы абиблиатә принципқәа ирҿагылоит. Анцәа Иегова иҟны «ауп аԥсҭазаара ахыҵхырҭа» (Ԥсалом 36:9). Убри аҟынтә мгәарҭа иҭоу имиц ахәыҷы иԥсҭазаара аҿахҵәара Иегова ӷәӷәала пату иқәымҵара аанарԥшуеит, насгьы ауаҩшьра иаҩызоуп (Ақәҵымҭа 21:22, 23; Ԥсалом 139:16; Иеремиа 1:5).

ШӘХӘЫҶЫ ИҬАХРАҚӘА НАШӘЫГӠАЛА

6. Ианбалагатәу ахәыҷы иааӡара?

6 Ажәамаанақәа 22:6 аҟны иануп: «Арԥыс имҩа дананыло, амҩа иаша дықәҵа». Ахәыҷқәа рааӡара — ари аҭаацәа рзы ихадоу даҽа ҭакԥхықәроуп. Ианбалагатәу ахәыҷы иааӡара? Иалагатәуп зааӡа. Апостол Павел иазгәеиҭеит Тимофеи «дшыхәыҷӡаз» инаркны дшырааӡоз (2 Тимофеи 3:15). Араҟа рхы иадырхәаз абырзен ажәа ахь даҵанакыр алшоит аԥшқа, ма имиц ахәыҷы (Лука 1:41, 44; Аусқәа 7:18—20). Ус анакәха, Тимофеи драаӡон даныхәыҷӡаз инаркны, ус аҟаҵара иашоуп. Зегьы иреиӷьуп ахәыҷы иааӡара уалагар даныԥшқоу инаркны. Иԥшқоугьы адырра игәы азцоит.

7. а) Избан ани аби рҩыџьагьы ҿыц ииз аԥшқа изааигәахалар зрыхәҭоу? б) Иарбан еизыҟазаашьақәаз ирымаз аханатә Иеговеи ихшаазаҵә Иԥеи?

7 «Сара сыԥшқа дшызбазҵәҟьа бзиа дызбеит»,— лҳәеит анык. Еиҳараҩык анацәа убасҵәҟьа рҳәоит. Аамҭа цацыԥхьаӡа ан лхәыҷи лареи еизааигәахоит. Лара агәыԥҳәы аниҿалҵо, уи еиҳагьы еиднакылоит. (Еиҿшәырԥш 1 Фессалоникаа 2:7.) Ан лхәыҷы иахь иаалырԥшуа ахаареи илҳәо ажәақәеи ахәыҷы иемоциатә ҭахрақәа рынагӡараҿы даара ихадоуп. (Еиҿшәырԥш Исаиа 66:12.) Аха ихы шԥамҩаԥигалари аб? Иаргьы ҿыц ииз аԥшқа дизааигәахалароуп. Иегова ихаҭа аҿырԥшы ҳаиҭеит. Матфеи ишәҟәы аҟынтә еилаҳкаауеит Иеговеи ихшаазаҵәу Иԥеи реизыҟазаашьақәа ртәы, уаҟа иануп: «Абри иоуп гәы цаҳә-цаҳәла бзиа избаз, сгәаԥхара-ҳалал злоу сԥа» (Матфеи 3:17; Иоанн 1:14). Абас еиԥш, аб бзиа ихәыҷи иареи реизыҟазаашьақәа реизырҳара дшыхәыҷӡоу далагоит. Абык иҳәоит: «Иаарԥшла убзиабара. Агәыдыҳәҳәалареи агәӡреи ирыхҟьаны макьана аӡәгьы дымԥсӡац».

8. Иарбан ҽазыҟаҵароу аҭаацәа рхәыҷқәа шииз инаркны ирырҭалар рыхәҭоу?

8 Аха ахәыҷқәа уи мацара рызхом. Дышиз инаркны ахәыҷы ихшыҩ азхиоуп аинформациа адкылареи агәынкылареи, уи аинформациа хыҵхырҭас иамоу еиҳараӡак аҭаацәаара роуп. Ҿырԥштәыс иааҳгап ацәажәашьа аҵара. Аҭҵааҩцәа иазгәарҭоит ахәыҷы аԥхьашьеи ацәажәашьеи ирҵара «дышиз инаркны иҭаацәеи иареи реизыҟазаашьа ӷәӷәала иадҳәалоуп ҳәа агәаанагара шыҟоу». Шәиацәажәала шәхәыҷы, шәизаԥхьала иара дшыԥшқоу инаркны. Иаарласны уи шәҿыԥшра иҭаххоит; хәыҷык аамҭа анҵлак, аԥхьашьа ирҵара шәалагоит. Иҟалап иара ашкол ахь дцаанӡа аԥхьашьа иҵар. Уи еиҳарак ихәарҭоуп шәахьынхо атәылаҿы арҵаҩцәа азымхозар, насгьы аклассқәа ахәыҷқәа рыла иҭәызар.

9. Иарбан зегь реиҳа ихадоу хықәку аҭаацәа иргәалашәалар рыхәҭоу?

9 Аҭаацәа-ақьырсианцәа рзы зегь реиҳа ихадоу хықәкуп рхәыҷы идоуҳатә ҭахрақәа рынагӡара (Шәахәаԥш Ҩынтәзакәан 8:3). Изаҭахузеи уи? Уи аҭахуп ахәыҷы Христос иеиԥшу ахаҭара еизирҳаларц, даҽакала иуҳәозар, уи «ауаҩ ҿыц» иакәны дҟаларц азы (Ефесаа 4:24). Уи азы аҭаацәа ирыԥшаалароуп иақәнагоу «аргыларатә маҭәахәқәа», насгьы «аргыларатә методқәа».

ШӘХӘЫҶЫ АИАША ИЕИЛШӘЫРКААЛА

10. Иарбан ҟазшьақәоу ахәыҷқәа еиздырҳалар рыхәҭоу?

10 Аҩны аӷәӷәара еиҳараӡак изыбзоуроу аргылараан ҳхы иаҳархәо амаҭәахәқәа роуп. Апостол Павел иҳәеит ақьырсиантә хаҭара ашьақәыргыларазы зегь иреиӷьу аматериалқәа — ари «ахьы, араӡны, акыр иаԥсоу ахаҳәқәа» роуп ҳәа (1 Коринфаа 3:10—12). Арҭ аматериалқәа иаадырԥшуеит абас еиԥш иҟоу аҟазшьақәа: агәрахаҵара, аҟәыӷара, аиҩдыраара, азиашара, апатуқәҵара, насгьы Иеговеи изакәанқәеи рахь бзиабарала иааурԥшуа аџьшьара (Ԥсалом 19:7—11; Ажәамаанақәа 2:1—6; 3:13, 14). Ишԥарылшо аҭаацәара рхәыҷқәа ирыцхрааларц арҭ аҟазшьақәа реизырҳара ишыхәыҷӡоу инаркны? Урҭ ықәныҟәалароуп акыр шықәса раԥхьа ишьақәыргылаз аиҿкаара.

11. Ишԥарыцхраауаз израильтәи аҭаацәарақәа рхәыҷқәа Анцәа игәы иақәшәоз аҟазшьақәа реизырҳара?

11 Иегова ижәлар Израиль Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь инеигаанӡа, израильаа рҭаацәарақәа иреиҳәеит: «Иахьа анагӡаразы иудысҵо ажәақәа угәаҿы иаанхароуп. Ухәыҷқәа рхы иҭагалала, уагьрылацәажәала уҩны уантәоу, амҩа уанану, уанышьҭалои уангылои» (Ҩынтәзакәан 6:6, 7). Ааи, аҭаацәа рхаҭа рхәыҷқәа аҿырԥшы рырҭалароуп, ирҩызцәахароуп, рацәажәашьа рҵароуп, насгьы адырра рырҭалароуп.

12. Избан изхадоу аҭаацәа рхәыҷқәа рзы иҿырԥш бзианы иҟазарц?

12 Шәҿырԥшыгаз. Раԥхьа Иегова иҳәеит: «Иахьа анагӡаразы иудысҵо ажәақәа угәаҿы иаанхароуп». Анаҩс иациҵеит: «Ухәыҷқәа рхы иҭагалала». Уи иаа́наго, Анцәа игәы иақәшәо аҟазшьақәа раԥхьа ани аби ргәаҿы иҟазароуп. Ани аби аиаша бзиа ирбалароуп, насгьы уи рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәалароуп. Убысҟан ауп ахәыҷы игәаҵанӡа анеира анрылшо (Ажәамаанақәа 20:7). Избан? Избанзар ахәыҷқәа ираҳауа аасҭа ирбо ауп еиҳа ирныруа (Лука 6:40; 1 Коринфаа 11:1).

13. Ишԥарылшо аҭаацәа-ақьырсианцәа Иисус ахәыҷқәа аамҭа шырзалихуаз иаҿыԥшлар?

13 Шәеиҩызцәаз. Иегова израильтәи аҭаацәарақәа иреиҳәеит: «Уагьрылацәажәала уҩны уантәоу, амҩа уанану». Уи анагӡаразы аҭаацәа, еилахазаргьы, аамҭа алырхлароуп рхәыҷқәа ирыцзарц. Иисус, ишаабо еиԥш, еиликаауан ахәыҷқәа аамҭа рзалхра шаԥсоу. Имаҵзура аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ауаа иара «ишҟа ахәыҷқәа ааргауан, дырхьысразы». Дышԥазыҟаз уи Иисус? «Иааигәыдикылан [ахәыҷқәа]... иԥшьеит» (Марк 10:13, 16). Шәазхәыц, Иисус сааҭқәак роуп изаанхаз. Ус ишыҟазгьы, иара ахәыҷқәа аамҭа рзалихуан. Шаҟа ибзиоузеи ари аҿырԥшы!

14. Избан изхәарҭо́у аҭаацәа рхәыҷқәа аамҭа анрыцырхырго?

14 Ишәҵала ахәыҷқәа рацәажәашьа. Шәхәыҷы аамҭа изалшәхлар, уи шәеизыҟазаашьа иацхраауеит. Шаҟа ирацәаны шәеицәажәо, убриаҟара еиӷьны еилышәкаалоит ахәыҷы иҟазшьа шышьақәгылоу. Ишәхашәмыршҭлан, аицәажәара — ари ус баша цәажәарам. Бразилиа инхо анык ус лҳәеит: «Сара исҵар акәхеит аӡырҩышьа — гәыла аӡырҩышьа». Лара иаалырԥшыз ачҳара алҵшәа бзиа аиуит, лԥа игәы аартны ицәаныррақәа лзеиҭеиҳәо далагеит.

15. Иухоумыршҭыр акәзеи аԥсшьара аганахьала?

15 Ахәыҷқәа ирҭахуп «аччара аамҭа... акәашара аамҭа», даҽакала иуҳәозар аԥсшьара аамҭа (Екклезиаст 3:1, 4; Захариа 8:5). Аԥсшьара даара ихәарҭахоит, аҭаацәеи ахәыҷқәеи аамҭа анеицырхырго. Улахь еиқәнаҵоит, аха аӡәырҩы аҭаацәарақәа рзы аԥсшьара иаанагоит ателевизор ахәаԥшра. Ателехәаԥшра дырраҭарақәак аинтерес рыҵазар ауеит, аха ирацәаны егьырҭ адырраҭарақәа ауаҩы игәаԥхашәатә ҭагылазаашьеи аҭаацәа реизыҟазаашьеи бжьнахуеит. Еиӷьхоит ахәыҷқәа рзы ихәарҭоу акы рыцҟаҵара. Ашәа еицышәҳәала, шәеицыхәмарла, шәҩызцәа шәрацәажәала, аинтерес зҵоу аҭыԥқәа рахь шәцала. Абас еиԥш иҟоу аусқәа шәеизааигәартәуеит.

16. Иддырҵалар акәзеи аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова изкны, насгьы ишԥахәҭоу уи аҟаҵара?

16 Идшәырҵала ахәыҷқәа. «Ухәыҷқәа рхы иҭагалала [арҭ ажәақәа]» — иҳәеит Иегова. Аконтекст иаҳнарбоит идҳарҵаша закәу, насгьы уи шыдҳарҵаша. Раԥхьаӡа иргыланы, «бзиа дбала уара у-Нцәа Иегова угәы-наӡала, уԥсы-наӡала, насгьы уԥсҭазааратә мчқәа зегь рыла» (Ҩынтәзакәан 6:5). Анаҩс иануп «иудысҵо ажәақәа... рхы иҭагалала» ҳәа. Ахәыҷқәа амҩақәҵарақәа рышәҭала, Иеговеи изакәанқәеи рахь гәык-ԥсыкала абзиабара еиздырҳаларц. (Еиҿшәырԥш Ауриацәа 8:10.) «Рхы иҭагалала» иаанагоит аиҭахысра ахархәарала дырҵара. Абасала Иегова ишәеиҳәоит иара игәы иақәшәо аҟазшьақәа еиздырҳаларц азы, зегь раԥхьа иргыланы, ахәыҷқәа ишрацәажәалатәу, Иегова изку адырра еиҳа-еиҳа иацҵауа. Арахь иаҵанакуеит иааиԥмырҟьаӡакәа ахәыҷқәа Абиблиа дырҵара.

17. Еиздырҳалар акәзеи аҭаацәа рхәыҷқәа рҿы, насгьы ирыцхраауазеи уи аҟаҵара?

17 Аӡәырҩы аҭаацәарақәа ирдыруеит ахәыҷы игәаҵанӡа акы анагара шаҟа имариам. Апостол Павел ақьырсианцәа ааԥхьара риҭон: «Ҿыц ииз ахәыҷқәа реиԥш, ицқьоу адоуҳатә хшы шәазхьы» (1 Пиотр 2:2). Ажәа «шәазхьы» иаанарԥшуеит аӡәырҩы адоуҳатә фатәы роурц агәазыҳәара шрымаз. Ахәыҷы ус еиԥш иҟоу агәазыҳәара имазарц азы, ани аби ирыԥшаалароуп азнеишьақәа.

18. Иарбан Иисус ихы иаирхәоз методқәоу аҭаацәара зҿыԥшлар рылшо?

18 Иисус ихы иаирхәон ауаа ргәаҵанӡа инеиуаз аҿырԥштәқәа (Марк 13:34; Лука 10:29—37). Ахәыҷқәа рырҵараҿы уи аҩыза аметод еиҳарак алҵшәа аанагоит. Абиблиатә принципқәа дшәырҵала асахьа ԥшӡақәа зну аинтерес зҵоу ажәабжьқәа рыла, иаҳҳәап, «Абиблиатә жәабжьқәа зну сышәҟәы» a аҟынтә. Уи алацәажәара аԥсы ахаҵаны имҩаԥыжәгала. Ахәыҷқәа алшара рышәҭала рырҿиаратә ҟазарақәа аадырԥшларц, асахьа ҭыхуа, абиблиатә хҭысқәа ықәыргылауа. Иисус иара убас ихы иаирхәон азҵаарақәа (Матфеи 17:24—27). Шәиҿыԥшла уи аҿы аҭаацәаратә еихырхәара аан. Анцәа изакәанқәа руак ус баша аиҭаҳәара аасҭа, иқәшәыргылала абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа: изҳаиҭазеи Иегова ари азакәан? Изаҭахузеи уи ақәныҟәара? Ҳабакылнаго уи еилаҳгар? Абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ахәыҷы ицхраауеит Анцәа изакәанқәа шыбзиоу, насгьы ишхәарҭоу рызхәыцреи реилкаареи (Ҩынтәзакәан 10:13).

19. Иарбан хәарҭа дуу ахәыҷқәа ирзаанаго, рҭаацәа абиблиатә принципқәа ирықәныҟәаны ианырааӡо?

19 Шәхәыҷы аҿырԥшы бзиа ишәырбалар, шәиҩызахар, иацәажәашьеи ирҵашьеи шәақәшәар, усҟан даныхәыҷӡоу инаркны шәицхраауеит Иеговеи иареи иааигәоу реизыҟазаашьа аизырҳара. Убас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьа иабзоураны, шәхәыҷы насыԥ змоу қьырсианны дҟалоит. Усҟан иара иқәлацәа аниқәыӷәӷәо, насгьы дхызхуа акы данақәшәо, игәрахаҵара инақәыршәаны ахымҩаԥгара иҽазишәоит. Еснагь шәхәыҷы шәицхраала абарҭ аизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны ишьаларц азы (Ажәамаанақәа 27:11).

ААӠАРА АҴАКЫ ХАДА

20. Иаанагозеи ааӡара, насгьы ишԥалшо уи анагӡара?

20 Ааӡара иаа́нагоит арҵара, рхәыцшьеи ргәи ариашара. Ахәыҷқәа еснагь иааӡалатәуп. Павел абацәа ирабжьеигоит ахәыҷқәа «шәааӡала Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» ҳәа (Ефесаа 6:4). Аҭаацәа рхәыҷқәа бзиабарала ирааӡалароуп, Иегова ишыҟаиҵо еиԥш (Ауриацәа 12:4—11). Бзиабарала ианырааӡо, Иегова иҭахрақәа рзеиҭарҳәоит. Убри аҟынтә Абиблиа иҳанаҳәоит: «Шәазыӡырҩла амҩақәҵара» (Ажәамаанақәа 8:33). Ишԥахәҭоу ахәыҷқәа рааӡара?

21. Иарбан принципқәоу аҭаацәа рхәыҷқәа анырааӡо иргәалашәалар рыхәҭоу?

21 Аӡәырҩы аҭаацәа ирыԥхьаӡоит ахәыҷқәа рааӡара иаа́наго — рыбжьы рдуны рацәҳара, ма рыларҟәра ауп ҳәа. Аха Павел агәҽанызаара риҭоит: «Шәарҭ абацәа, шәыхшара рыԥсахы еибашәмырклан» (Ефесаа 6:4). Ақьырсиан ааԥхьара иҭоуп «зегьы гәҭыӷьӷьала... ԥырхага изҭо ауаа чҳарала, ажәа гәыбзыӷла» дырзыҟазарц (2 Тимофеи 2:24, 25). Аҭаацәа-ақьырсианцәа еилыркаауеит ахәыҷқәа рааӡараҿы аџьбарара аарԥшра шаҭаху, аха ирхадыршҭӡом хыхь иаагоу ажәақәа. Зны-зынла реилыркаара мацара азхаӡом, иаҭаххар алшоит ахьырхәра (Ажәамаанақәа 22:15).

22. Иеилыркаатәузеи ахәыҷы иахьырхәра аҭаххозар?

22 Ахәыҷқәа зегь еиԥшны рааӡара алшом. Аӡәырҩы ахәыҷқәа «ажәала мацара» иузыриашом. Дара азымӡырҩра анаадырԥшуа зны-зынла иахьурхәлар, уи рыԥсҭазаара ахьчоит (Ажәамаанақәа 17:10; 23:13, 14; 29:19). Аха ахәыҷы дзахьурхәуа еиликаауазароуп. Апҟара, насгьы ариашара аҟәыӷара унаҭоит» (Ажәамаанақәа 29:15; Иов 6:24). Уи адагьы, ахьырхәра ҳәаак амазароуп. «[Сара] уахьсырхәуеит иахьынӡаҭаху» ҳәа реиҳәеит Иегова ижәлар (Иеремиа 46:28б). Абиблиа ақәыӡбоит ахәыҷы игәабзиара ашәарҭара иҭазыргыло ԥсахеибакралеи гәымбылџьбаралеи апҟара (Ажәамаанақәа 16:32).

23. Еиликаалар акәзеи ахәыҷы иҭаацәа данахьдырхәуа?

23 Иегова ижәлар шахьирхәуа агәҽанҵара анриҭоз иреиҳәеит: «Уара умшәан... избанзар сара суцуп» (Иеремиа 46:28а). Убас еиԥш ахәыҷы иаҳҭо амҩақәҵара зеиԥшразаалакгьы, уи ашьҭахь иара изцәырымҵроуп агәаанагара аӡәгьы диҭахымызшәа (Кәаласаа 3:21). Уи аҭыԥан ахәыҷы еиликаалароуп иҭаацәа дзахьдырхәуа бзиа дахьырбо азы шакәу.

ШӘХӘЫҶЫ АЦӘГЬАРА АҞЫНТӘ ДШӘЫХЬЧА

24, 25. Иарбан иахьа ахәыҷқәа зцәыхьчалатәу ахәымгара зҵоу шәарҭарас иҟоу?

24 Аӡәырҩы аиҳабацәа рхәыҷра инасыԥыз аамҭаны ирыԥхьаӡоит. Урҭ иргәалашәоит усҟан ирымаз аҭынчра, насгьы рҭаацәа еснагь ишрыцхраауаз агәрагара. Аҭаацәа ирҭахуп дара рхәыҷқәагьы убасҵәҟьа иҟазарц, аха иахьатәи иԥхасҭоу адунеи аҿы ахаан ишыҟамлац еиԥш ицәгьоуп ахәыҷқәа рыхьчара.

25 Иахьа еиҳа-еиҳа ирылаҵәоит ахәымгара зҵоу шәарҭарак — ахәыҷқәа рыхҭакра асексуалтә еизааигәахара азы. Аацҳарақәа излаадырԥшуа ала, ииасыз жәашықәса рыҩныҵҟа Малаизиа ахәыҷқәа рыхҭакра ахыԥхьаӡара ԥшьынтә еизҳаит. Германиа есышықәса 300 000-ҩык ахәыҷқәа амш рыларгоит, Аладатәи Америка иҟоу тәылак аҿы, иҟаҵаз ҭҵаарак ишаҳәо ала, ақәымчра иақәшәоит 9 000 000-ҩык раҟара ахәыҷқәа! Улахь еиқәнаҵоит еиҳараҩык арҭ ахәыҷқәа абас еиԥш иҟоу ахҭакра рыҩнаҿы иахьақәшәо ирдыруа, зыгәра рго ауаа рҟынтә. Аха ахәыҷқәа ирымазароуп изықәгәыӷыртә иҟоу ахьчара — урҭ рҭаацәа. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы дрыхьчар?

26. Иарбан знеишьақәоу ахәыҷқәа ашәарҭара иацәызыхьчо, насгьы ишԥахьчо ахәыҷқәа адырра?

26 Аԥышәа излаҳнарбо ала, ахәымгаҩцәа еиҳарак рхы иадырхәо ацәеижьтә еизааигәахара иазкны имаҷны издыруа ахәыҷқәа роуп, убри аҟынтә ихадоу знеишьас иҟоу — ари ахәыҷы адырра иҭара ауп, уи дхәыҷӡазаргьы. Адырра уахьчоит «амҩа цәгьа аҟынтә, насгьы ихәымгоу зҳәо ауаҩ иҟынтә» (Ажәамаанақәа 2:10—12). Иарбан дыррақәоу? Абиблиатә принципқәа, насгьы агәаԥхашәатә нормақәа инарықәыршәаны ацәгьеи абзиеи рдырра. Иара убас ахәыҷы идыруазар ахәҭоуп иҽеимкәа зхы мҩаԥызго аиҳабацәа шыҟоу, насгьы урҭ рзыӡырҩра шақәнагам, игәаԥхашәадам акы идыргалозар. (Еиҿшәырԥш Даниил 1:4, 8; 3:16—18.) Еицәажәарак азшәмырхан абас еиԥш иҟоу арҵара аан. Идшәырҵаз ибзианы игәныркыларц азы, еиҳараҩык ахәыҷқәа шәызхысыз еиҭах ирзеиҭаҳәалатәуп. Ахәыҷқәа ианрызҳауа, ани аби пату ақәырҵалароуп рхәыҷқәа рхала рыҟазаара азин; абас еиԥш иҟоу азнеишьа абзоурала, ахәыҷы еиӷьны еиликаалоит иаԥсоу ахымҩаԥгашьа закәу. Ҳәарада, ахәыҷы ақәымчра иацәыхьчара зегь иреиӷьу азнеишьақәа руак — ари аҭаацәара анихылаԥшуа ауп.

АНЦӘА ИНАПХГАРА ШӘЫԤШААЛА

27, 28. Дызусҭада аҭаацәара рзы зегьы иреиҳау Ацхырааҩ, урҭ ахәыҷы данырааӡо?

27 Ииашаҵәҟьаны ахәыҷы дшыԥшқоу иааӡара — ари ицәгьоу усуп, аха Анцәа дхазҵо аҭаацәа рымацара иааныжьым. Аӡбаҩцәа раамҭазы инхоз Манои зыхьӡыз хаҵак иаарласны иԥҳәыс ахшара дышлоуаз анеиликаа, Иегова диҳәеит ахәыҷы иааӡараҿы анапхгара ииҭарц. Иегова уи аҭак ҟаиҵеит (Аӡбаҩцәа 13:8, 12, 24).

28 Иахьагьы агәрахаҵара змоу ахәыҷқәа зааӡо аҭаацәагьы Иегова ацхырааразы и́ҳәаларц рылшоит. Ани аби рроль анагӡара — ари имариам усуп, аха иагьҳамҭа дууп. Гаваи инхо хаҵеи-ԥҳәыси ақьырсианцәа ирҳәоит: «Ахәыҷы иуадаҩу ихбыџра аамҭа ааиаанӡа, 12 шықәса шәымоуп. Насгьы шәгәақәкны абиблиатә принципқәа шәхы иашәырхәозар, агәырӷьареи аҭынчреи шәоуеит шәхәыҷқәа гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ аура анырыӡбалак» (Ажәамаанақәа 23:15, 16). Шәхәыҷы ари аҩыза аӡбара анидикылалак, шәаргьы агәазыҳәара шәоуеит абас еиԥш иҟоу ажәақәа рҳәара: «Абар! Аԥацәа — Иегова иҟынтә ахылҵ».

a Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит