Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 7

Абунтҟаҵаҩ аҩнаҭаҿы даныҟоу

Абунтҟаҵаҩ аҩнаҭаҿы даныҟоу

1, 2. а) Иарбан ажәамааноу Иисус ирзеиҭеиҳәаз, аиудеиатә динхаҵаратә напхгаҩцәа шиашам ааирԥшырц? б) Иаҳнарҵозеи ҳара Иисус иажәамаана ихбыџхахьоу ахәыҷқәа ирызкны?

 ИИСУС Христос иԥсра мышқәак шагыз, гәыԥҩык иудеиатәи адинхаҵаратә напхгаҩцәа изырхәыцша зҵаарак риҭеит. Иара дразҵааит: «Иахышәҳәаауазеи абри? Дыҟан ҩыџьа аҷкәынцәа змаз хаҵак. Раԥхьатәи днаидгылан иеиҳәоит: сыҷкәын! Иахьа сӡахәаҭраҿ уцаны аус уы. Аха иара аҭакс иҳәоит: «исҭахым»; нас, данахьхәы, дцеит. Днаидгылт егьи, аԥхьатәи иеиҳәаз иаҳәауа. Уи аҭак ҟаиҵоит: «сцоит, саҳ»; аха дымцаӡеит. Абарҭ аҩыџьа рахьтә заб игәаҳәара назыгӡаз дарбану? Аҭак ирҭоит: актәи» (Матфеи 21:28—31).

2 Ари аҿырԥшала Иисус иазгәеиҭеит аиудеиатә напхгаҩцәа шиашамыз. Урҭ, аҩбатәи аԥа иеиԥш, Анцәа иҳәатәы ишықәныҟәало рҳәахьан, аха ражәа нармыгӡеит. Аӡәырҩы аҭаацәа иазгәарҭоит ари ажәамаана ишаанарԥшуа Иисус аҭаацәаратә ԥсҭазаара атәы бзианы ишидыруаз. Ари аҿырԥшала иара ибзианы иааирԥшит лассы-лассы ишыуадаҩу аҿар зызхәыцуа, насгьы рхы шымҩаԥырго аилкаара. Ахәыҷы данхбыџу ауадаҩ рацәа уалеиҵар алшоит, аха нас аҭакԥхықәра злоу, зегь пату зқәырҵо иакәны дҟалар ауеит. Уи ҳгәалашәалароуп ихбыџхахьоу рбунтҟаҵара апроблема ҳаналацәажәо.

ДЫЗУСҬАДА АБУНТҞАҴАҨ?

3. Избан аҭаацәа изрыхәҭам рхәыҷы дбунтҟаҵаҩуп ҳәа иаразнак иԥхьаӡара?

3 Иҟоуп зҭаацәа иаартны ирҿагыло ахәыҷқәа. Шәаргьы ижәдыруазар ҟалап нкылашьа змам ахәыҷы дызмоу аҭаацәа. Аха ахәыҷы дышбунтҟаҵаҩу еснагь аилкаара мариам. Уи адагьы, аилкаара цәгьоуп ҭаацәарак аҿы изызҳаз ахәыҷқәа руаӡәк данбунтҟаҵаҩхо, руаӡәк — мап. Иҟарҵар акәзеи аҭаацәа, рхәыҷы иҽырцәгьаны абунтҟаҵара далагар? Ари азҵаара аҭак ҳаурц азы, шәааи раԥхьа ҳалацәажәап абунтҟаҵаҩ дызусҭоу.

4—6. а) Дызусҭада абунтҟаҵаҩ? б) Иргәалашәалар рыхәҭоузеи аҭаацәа, рхәыҷы зны-зынла дырзымӡырҩуазар?

4 Абунтҟаҵаҩ — ари цасҳәа, иҽазҵәылхны иреиҳау амчрақәа ирзымӡырҩуа, ма ирҿагыло, насгьы иатәазымбо ауаҩы иоуп. Ҳәарада, ахәыҷы «ихы абзамыҟәра ҭалар» алшоит (Ажәамаанақәа 22:15). Убри аҟынтә ахәыҷқәа зны-зынла рҭаацәаратә, ма даҽа мчрак иаҿагылоит. Еиҳараӡак ари ҟалалоит ахәыҷы ихбыџра аамҭазы цәеижьлеи емоциалеи данеизҳауа. Аԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа дарбанзаалак ауаҩы изаанагоит астресс, ахбыџра аамҭа акәзар, уи зегьы — ԥсахра аамҭоуп. Ихбыџхаз шәыҷкәын, ма шәыӡӷаб ихәыҷра ааныжьны, ақәранаӡарахьы амҩа дықәлоит. Убри аҟынтә, ахбыџра аамҭазы ахәыҷы иҭаацәеи иареи ауадаҩрақәа рыбжьалоит. Лассы-лассы аҭаацәа уи аамҭа ааныркылар рҭахуп, аха ахәыҷқәа идырццакуеит.

5 Ахбыџ-абунтҟаҵаҩ мап ацәикуеит иҭаацәа пату зқәырҵо. Ишәхашәмыршҭлан, знык-ҩынтә азымӡырҩра — ари бунтҟаҵарам. Иҟоуп адоуҳара аганахьала аинтерес маҷны измоу, ма зынӡаск иаазмырԥшуа ахәыҷқәа, аха уи иаанагом ахәыҷқәа бунтҟаҵаҩцәоуп ҳәа. Шәахымццакын шәхәыҷқәа бунтҟаҵаҩцәоуп ҳәа рыԥхьаӡара.

6 Иаҿагылома рыхбыџра аамҭазы ахәыҷқәа зегь рҭаацәа равторитет? Мап. Аԥсҭазаара иаҳнарбоит абунтҟаҵара злоу ахәыҷқәа шырацәам. Аха иҟаҵатәузеи, ахәыҷы абунтшьҭыхра даҟәымҵуазар? Изыхҟьозеи уи?

АБУНТШЬҬЫХРА ЗЫХҞЬО

7. Ишԥалшо Аҩсҭаа идунеи ахәыҷы абунтшьҭыхра игәазҭанаҵар?

7 Абунтшьҭыхра мзыз хадас иамоу иааҳакәыршаны иҟоу Аҩсҭаа идунеи ауп. «Адунеи зегь Ацәгьа инапаҵаҟа иҟоуп» (1 Иоанн 5:19, АдҾ). Аҩсҭаа инапаҵаҟа иҟоу адунеи еизнарҳауеит ақьырсианцәа зҿагылоу агәнаҳара злоу аҟазшьақәа (Иоанн 17:15). Иахьа ауаа рхымҩаԥгашьа еиҳа ицәгьоуп, ишәарҭоуп, насгьы иҽеим анырра унаҭоит анкьа аасҭа (2 Тимофеи 3:1—5, 13). Аҭаацәа рхәыҷқәа амҩақәҵара рырымҭозар, ргәырҽанырымҵозар, насгьы ирмыхьчозар, усҟан «ҿагылара зуа амчрақәа раҳ идоуҳа» рымҩахҟьара азымариахоит (Ефесаа 2:2). Уахь иаҵанакуеит рықәлацәа анрықәыӷәӷәогьы. Абиблиаҿы иануп: «Ахшыҩдақәа рҟны аус змоу арыцҳара дақәшәоит» (Ажәамаанақәа 13:20). Убас еиԥш, ари адунеи адоуҳа злаҽу ауаа ҩызцәас ишьҭызхуа, уи адоуҳа анырра инаҭоит. Иқәыԥшу Анцәа ипринципқәа рықәныҟәара зегь иреиӷьу аԥсҭазааратә мҩа ишықәнаҵо еилыркааразы, иааиԥмырҟьаӡакәа ацхыраара рҭахуп (Исаиа 48:17, 18).

8. Иарбан мзызқәоу ахәыҷы абунтҟаҵара игәазҭазҵо?

8 Абунтшьҭыхра мзызс иамазар алшоит иара убас аҭаацәараҿы иҟоу аҭагылазаашьа. Иаҳҳәап, аҭаацәа руаӡәк далкоголикзар, ма арҩышьыгақәа здызкыло иакәзар, мамзаргьы гәымбылџьбарала егьырҭ дрызныҟәозар, уи ахәыҷы идунеихәаԥшышьа ԥхасҭанатәыр алшоит. Абунт шьҭыҵыр ҟалоит иҭынчу аҭаацәараҿгьы, ахәыҷы иҭаацәа иаха рымамшәа ибар. Аха ахәыҷқәа рбунтшьҭыхра зхароу аҩны анҭыҵ иҟоу анырра мацара акәӡам. Хәыҷқәак мап ацәыркуеит рҭаацәа пату зқәырҵо, урҭ Анцәа ипринципқәа рыла ишынхогьы, рхәыҷқәа иаарыкәыршаны иҟоу анырра аҟынтәи ишырыхьчогьы. Избан ус зыҟало? Иҟалап, ауаҩы дахьынаӡам — ҳапроблемақәа зыхҟьо даҽа мзызк — иахҟьаны акәзар. Павел иҳәеит: «Аӡәы заҵәык [Адам] ихҟьаны адунеи агәнаҳа аҭааит, агәнаҳа — аԥсра ахылҿиааит, абасала, урҭ зегьы иԥсуа-ианыҵуа уааԥсырахеит, избан акәзар агәнаҳа иаҵалт» (Римаа 5:12). Адам зха́да акгьы иазымхәыцуаз бунтшьҭыхыҩны дҟалеит, иагьырзаанижьит ихылҵ ашьҭамҭа цәгьа. Аӡәырҩы ихбыџхахьоу ахәыҷқәа раԥхьатәи ауаҩы Адам иеиԥш ибунтҟаҵаҩцәахеит.

ИГӘШАҬОУ ИЛИИ, НАСГЬЫ ИЏЬБАРОУ РОВОАМ

9. Иарбан знеишьоу ааӡараҿы ахәыҷы абунтҟаҵара игәазҭазҵо?

9 Ахәыҷқәа абунтшьҭыхра ргәазҭазҵо даҽа мзызс иҟоу, аҭаацәа ахәыҷқәа рааӡараҿы аҭышәынтәалара ахьаадмырԥшуа ауп (Кәаласаа 3:21). Шьоукы аҭаацәа мыцхәы рҽырџьбараны рхәыҷқәа аҳәаақәа рзықәдыргылоит, насгьы иахьдырхәуеит. Егьырҭ мыцхәы агәшаҭара аадырԥшуеит, аԥышәа змам ахәыҷқәа зыхьчаша апринципқәа ддырҵаӡом. Ари аҭагылазаашьаҿы ишахәҭаҵәҟьоу азнеира мариаӡам. Ахәыҷқәа зегь рҭахрақәа еиԥшӡам. Аӡәы еиҳаны ахылаԥшра иҭахуп даҽаӡәы иаасҭа. Ишыҟазаалакгьы, Абиблиа иану ҩ-ҿырԥшык иаҳдырбоит аҭаацәа мыцхәы рҽырџьбарареи, ма мыцхәы рыгәшаҭареи иамоу ашәарҭара.

10. Избан аԥхьаԥшьаҩы бзиа Илии иҽеим аб иакәны дзыҟалаз?

10 Ажәытәтәи Израиль инхоз аԥхьаԥшьаҩы Илии ахәыҷқәа иман. Илии 40 шықәса Анцәа имаҵ иуан, ҳәарада, иара Анцәа Изакәан бзиаӡаны идыруан. Илии ииашаны инаигӡон иаԥыз, аԥшьаҩы ихәҭаз аҭакԥхықәра, иԥацәагьы, Офнии Финееси, Анцәа Изакәан дазыҳаҵҳаҵо идирҵон. Аха Илии иҷкәынцәа рахь мыцхәы агәшаҭара ааирԥшуан. Офнии Финееси аԥшьаҩцәа рҭакԥхықәра нарыгӡон, аха «ихәа́рҭамыз уаан», акрыфареи игәаԥхашәадоу ргәазыҳәарақәеи рынагӡара мацара иашьҭан. Дара иԥшьоу адгьыл аҿы ахьымӡӷ узырго аусқәа шыҟарҵозгьы, Илии изыгәаӷьуамызт рмаҵура рымхра. Иара хыхь-хыхьла акәын лахь шриҭоз. Илии игәшаҭара иаанарԥшуан Анцәа иаасҭа иԥацәа пату шрықәиҵоз. Уи иахҟьаны Илии иԥацәа ицқьоу Иегова имҵахырхәара иаҿагылеит, убри азы Илии иҩнаҭа зегь арыцҳара иақәшәеит (1 Самуил 2:12—17, 22—25, 29; 3:13, 14; 4:11—22).

11. Иднарҵозеи аҭаацәа Илии иҿырԥшы бааԥсы?

11 Абарҭ ахҭысқәа анымҩаԥысуаз Илии иԥацәа духахьан, аха уи иаҳнарбоит шаҟа ишәарҭоу ааӡара ииашамкәа азнеира. (Еиҿшәырԥш Ажәамаанақәа 29:21.) Аӡәырҩы аҭаацәа ирцәеилагеит абзиабареи агәшаҭареи, убри аҟынтә ишьақәдыргылаӡом инеиԥынкыланы, еилыкка иҟоу аҟәыӷара зҵоу аԥҟарақәа, насгьы ирыдырцалаӡом урҭ рынагӡара. Абас еиԥш иҟоу аҭаацәа рхы иадырхәаӡом абзиабара зҵоу ахьырхәра, ахәыҷқәа Анцәа ипринципқәа анеиларгогьы. Абас еиԥш иҟоу агәшаҭара иахҟьаны, ахәыҷқәа аҭаацәеи егьырҭ ауааи пату рықәҵара иаҟәыҵуеит. (Еиҿшәырԥш Екклезиаст 8:11.)

12. Иарбан гхоу Ровоам иҟаиҵаз амчра ахархәараҿы?

12 Амчра ахархәара ииашамкәа иаазырԥшыз даҽаӡәы иҿырԥшы ыҟоуп, уи Ровоам иоуп. Иара еидыз Израиль аҵыхәтәантәи аҳ иакәын, уи дуаҩыцәгьан. Ровоам иҭынхаз атәылаҿы инхоз ауаа иаадырԥшуан агәынамӡара, уи иаб Соломон ирықәиҵаз аидара иахҟьаны. Еиликаама Ровоам урҭ ауаа? Мап. Ажәлар Ровоам и́ҳәеит рџьабаа ирмаҷырц, аха зықәрахь инеихьаз алабжьаҩцәа иҟәыӷоу ражәақәа дырзымӡырҩыкәа, рџьабаа еиҳагьы иациҵеит. Ровоам иааирԥшыз аԥагьара иахҟьаны, аладатәи жәа-шьҭрак абунт шьҭырхит, аҳрагьы ҩыџьара аҽашеит (1 Аҳцәа 12:1—21; 2 Ашықәсынҵа 10:19).

13. Иҟарҵар акәзеи аҭаацәа, Ровоам иеиԥш агха рмыхьырц?

13 Ровоам изку абиблиатә аацҳара аҭаацәа иднарҵо рацәоуп. Урҭ Иегова дрыԥшаалароуп и́ҳәарала, насгьы ааӡараҿы рхы иадырхәо аметодқәа абиблиатә принципқәа ирыҿдырԥшлароуп (Ԥсалом 105:4). Екклезиаст 7:7 аҟны иануп: «Агәаҟра иҟәыӷоу игәазҭанаҵоит хшыҩдарала ахымҩаԥгара». Заа ихәыцны ишьақәыргылоу аҳәаақәа ахәыҷқәа ирырҭоит аизҳаразы алшара, насгьы ацәгьара аҟынтә иахьчоит. Аха мыцхәы аџьбарареи ирацәаны аҳәаақәа рышьақәыргылареи ахәыҷқәа анеизҳалак рхы агәрагара рыцәнарӡыр алшоит. Аҭаацәа аҭышәынтәалара аарԥшны ахәыҷқәа иахьынӡахәҭоу ахақәиҭра рырҭозар, ианаҭаху инақәырӷәӷәаны мап рҳәозар, насгьы еилыкка иҟоу аҳәаақәа шьақәдыргылозар, усҟан ахәыҷқәа реиҳараҩык абунт аҟаҵара рҭаххом.

ИШАХӘҬОУ АХӘЫҶЫ ДУААӠОЗАР, АБУНТШЬҬЫХРА ДАЦӘУХЬЧАР УЛШОИТ

Ахәыҷқәа рыхбыџра аамҭа иадҳәалоу ауадаҩрақәа ириааирц рҭаацәа рыцхраауазар, усҟан ахәыҷқәа еиҳа иҭышәынтәаланы ирызҳауеит

14, 15. Ишԥазыҟазар рыхәҭоу аҭаацәа рхәыҷы иахьизҳауа?

14 Ахәыҷы иахьизҳауа аҭаацәа агәырӷьара рзаанагоит, аха агәҭынчымра рнаҭоит иара ихала аӡбарақәа идикыло, насгьы ихы дақәгәыӷуа даналаго. Иџьашәымшьалан ахәыҷы данеизҳауа аамҭазы иара итәы иаиргозар, насгьы ишәҳәо дазхьамԥшуазар. Ишәхашәмыршҭлан: аҭаацәа-ақьырсианцәа хықәкыс ирымоу иҭышәынтәалоу, аҭакԥхықәра злоу, ишәу ақьырсиан иааӡара ауп. (Еиҿшәырԥш 1 Коринфаа 13:11; Ефесаа 4:13, 14.)

15 Иагьа ицәгьазаргьы, аҭаацәа ҟазшьас ишьҭырымхроуп ахәыҷы еиҳа ахақәиҭра данаҳәо, еснагь мап ицәкра. Уеизгьы ахәыҷы деизҳалароуп хаҭарак иаҳасабала. Ихбыџхахьоу аӡәырҩы макьана ихәыҷызаргьы, адуцәа рхәаԥшышьа шьҭырхуа иалагоит. Иаҳҳәап, иқәыԥшыз аҳ изкны Абиблиа иануп: «Данқәыԥшыз [15 шықәса раҟара анихыҵуаз] инаркны иабшьҭра иатәыз, Давид дзымҵахырхәоз Анцәа иԥшаара далагеит» (2 Ашықәсынҵа 34:1—3).

16. Еилыркаар рыхәҭоузеи ахәыҷқәа, еиҳау аҭакԥхықәра рыдырҵозар?

16 Аха ахақәиҭра иаҵанакуеит аҭакԥхықәра. Убри азы «ҿыц еизҳаз» ахәыҷы алшара ишәҭ иӡбарақәеи ихымҩаԥгашьеи алҵшәа инырырц. Апринцип «ауаҩы илаиҵаз ауп иааирыхуа» ахәыҷқәагьы адуцәагьы аҵанакуеит (Галаҭаа 6:7). Ахәыҷқәа апроблемақәа зегь рҟынтә еснагь иузыхьчом. Аха иҟаҵатәузеи шәхәыҷы ухаҿы иузаамго акы аҟаҵара игәы иҭазар? Зуал бзианы иназыгӡо аҭаацәа шәакәзар, «мап» шәҳәароуп. Мап ззышәҳәаз амзыз деилшәыркаар шшәылшогьы, шәажәа «мап» «ааи» акәымхароуп. (Еиҿшәырԥш Матфеи 5:37.) Шәҽазышәшәа шәҽырҭынчны, аха агәра игартә шәхәыҷы «мап» ицәкра, избанзар «ажәа ҭынч агәеибакра ааннакылоит» (Ажәамаанақәа 15:1).

17. Иарбан ҭахрақәоу ахәыҷқәа ироур рылшо, насгьы ишԥарыхәҭоу аҭаацәа урҭ рыцхраалар?

17 Ааӡараҿы шәхы иашәырхәо аметодқәа еснагь ишәымԥсахлар, уи шәхәыҷқәа ахьчоит, ирзышьақәшәыргылаз аԥҟарақәа рықәныҟәара еснагь ирықәшаҳаҭымзаргьы. Аҭаацәа ргәалаҟазаара иахҟьаны рыԥҟарақәа еснагь рҽырыԥсахуазар, уи ахәыҷқәа арҩашьоит. Уи адагьы, ахәыҷқәа ргәы шьҭышәхуазар, шәрыцхраауазар ашәареи, аԥхашьареи, рхы агәрамгареи иаиааирц, усҟан урҭ еиҳа иҭышәынтәаланы иҟалоит. Ахәыҷқәа иара убас пату ақәырҵоит рҭаацәа дара рыгәра анырго. (Еиҿшәырԥш Исаиа 35:3, 4; Лука 16:10; 19:17.)

18. Иарбан ахәыҷқәа ирызку информациоу аҭаацәа ргәы шьҭызхуа?

18 Аҭаацәараҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, абзиабареи аныҟала, уи ани аби ргәы арҭынчуеит, ахәыҷқәагьы ахәарҭа рзаанагоит (Ефесаа 4:31, 32; Иаков 3:17, 18). Арыжәтәхҭакреи, ақәымчреи, ма даҽа иҽеим ныррак ахьыҟоу аҭаацәараҿгьы еизҳауа аӡәырҩы ахәыҷқәа рҭаацәа иреиԥшымкәа, уаа бзиақәаны иҟалоит. Убри аҟынтә шәҭаацәараҿы шәхәыҷқәа шышәыхьчо рныруазар, насгьы бзиа ишыжәбо, ишрыцҳашәшьо, шәышрызҿлымҳау деилшәыркаауазар, дара рхақәиҭра шҳәаақәышәҵогьы, абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны шәышрылабжьогьы, шәхәыҷқәа шәзызгәдуу уааны ирызҳауеит. (Еиҿшәырԥш Ажәамаанақәа 27:11.)

АХӘЫҶҚӘА АРЫЦҲАРА ИАНАҚӘШӘО

19. Иарбан ҭакԥхықәроу иду ахәыҷы, иҭаацәа дшысабиу амҩа иаша иқәҵара шрыхәҭоугьы?

19 Аҭаацәа ишахәҭоу рҭакԥхықәра анынарыгӡо, ҳәарада уи даара акраҵанакуеит. Ажәамаанақәа 22:6 аҟны иаҳәоит: «Амҩа иаша дықәҵа арԥыс; уи дацәхьаҵӡом данажәлакгьы». Аха иаҳҳәар ҳалшозеи ауадаҩра дуқәа ирықәшәо ахәыҷқәа рзы, урҭ рҭаацәа шыбзиоугьы? Иалшома ус ҟалар? Ааи. Ажәамаанақәа рҿы иану ажәақәа рҿырԥшлатәуп ахәыҷқәа рҭаацәа ишырзыӡырҩлаша аазырԥшуа егьырҭ ажәеинраалақәа (Ажәамаанақәа 1:8). Аҭаацәараҿы акзаара ыҟазарц, аҭаацәеи ахәыҷқәеи абиблиатә принципқәа рхы иадырхәалароуп. Аҭаацәеи ахәыҷқәеи меицхыраауазар, ауадаҩрақәа ирықәшәоит.

20. Иҟарҵар рыхәҭоузеи аҭаацәа, рхәыҷы ихарала агха анихьуа?

20 Иҟарҵар акәзеи аҭаацәа рхәыҷы агха анихьуа, насгьы арыцҳара данақәшәо? Усҟан ахәыҷы еиҳагьы иҭахуп ацхыраара. Аҭаацәа рхәыҷы аԥышәа шимам ргәалашәозар, еиҳа ирзымариахоит изықәшәаз ауадаҩра ахгара. Павел аԥышәа змоу ақьырсианцәа алабжьара риҭеит: «Шәарҭ доуҳа змоу шәакәны шәызлаҟоу ала, агәнаҳа иаҵалаз ауаҩԥсы шәицхраа» (Галаҭаа 6:1). Убасҵәҟьа аҭаацәа рхәыҷы изнеир рылшоит акы хьаас иахьимкуаз азы агха анихьуа. Ахәыҷы ихымҩаԥгашьа шиашамыз, насгьы даҽазны уи иҽшацәихьчаша еилыкка ианизеиҭарҳәо, иҭаацәа ибзианы иеилдыркаароуп ицәгьоу ҳәа ирыԥхьаӡо иара шиакәым, аха ииашам ихымҩаԥгашьа ауп. (Еиҿшәырԥш Иуда 22, 23.)

21. Иҟарҵар ахәҭоузеи аҭаацәа, ақьырсиантә еизара иаҿыԥшны, рхәыҷқәа гәнаҳара дук ҟарҵазар?

21 Иҟаҵатәузеи ахбыџ агха ӷәӷәа ҟаиҵазар? Усҟан ахәыҷы иҷыдоу ацхыраареи анапхгара бзиеи иҭахуп. Аизара иалахәу агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, уи иабжьыргоит дахьхәырц, насгьы аизара аиҳабацәа рҟны ацхыраара даҳәарц (Иаков 5:14—16). Агәнаҳа ҟазҵаз данахьхәлак ашьҭахь, аизара аиҳабацәа доуҳала дыӷәӷәахарц ицхраауеит. Аҭаацәараҿы агха ҟазҵаз ахәыҷы ицхраара аҭакԥхықәра зду ани аби роуп, аха иаҭаххар ҟалоит уи аизара аиҳабацәагьы раҳәара. Ахәыҷы гәнаҳа дук ҟаиҵазар, аҭаацәа аизара аиҳабацәа рхеилак иацәырымҵәахыроуп.

22. Иарбан еизыҟазаашьоу ирыхьчар рыхәҭоу аҭаацәа, Иегова иҿыԥшны, рхәыҷы гха ӷәӷәак ҟаиҵазар?

22 Ахәыҷы ауадаҩра ӷәӷәа данақәшәо, уи аҭаацәа аргәаҟуеит. Згәы каҳаз аҭаацәа ироур ауеит агәаҳәара рыԥсахы еибакны ахәыҷы иршәара, аха уи иара еиҳагьы даргәаауеит. Ишәхашәмыршҭын убри аамҭазы ахәыҷы шәышизныҟәо ԥхьаҟатәи иԥсҭазаара ишаныруа. Ишәгәалашәыршәала Иегова дшазхиаз зымҩа иацәыхҟьаз ижәлар рыгхақәа ранажьра, урҭ иҟарҵаз иахьхәызҭгьы. Шәырзыӡырҩы абзиабара зҵоу Иегова иажәақәа: «Шәааи, ҳаизыҟазаашьақәа еилҳаргап,— иҳәеит Иегова.— Шәыгәнаҳақәа ицәаԥшьу аба еиԥшзаргьы, асы еиԥш ишкәакәахоит. Иҟаԥшь-цәеиқәароу аба еиԥш иҟаԥшьыуарцеиуазаргьы,— аласа еиԥш иҟалоит» (Исаиа 1:18). Шаҟа иҿырԥшы бзиоузеи аҭаацәа рзы!

23. Иҟарҵар рыхәҭоузеи, насгьы иҟарымҵар акәзеи аҭаацәа, рхәыҷқәа руаӡәк агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар?

23 Убри аҟынтә шәҽазышәшәала ишьақәҟьаз ахбыџ ихымҩаԥгашьа иԥсахырц игәазҭаҵара. Ишәыԥшаала алабжьара бзиа аԥышәара змоу аҭаацәеи аизара аиҳабацәеи рҿы (Ажәамаанақәа 11:14). Шәхымҩаԥгашьеи шәцәажәашьеи ирыхҟьаны шәхәыҷы ахынҳәра ицәыцәгьахартә иҟашәымҵан. Шәҽырцәышәыхьчала нкылашьа змам агәеибакреи ажәа хжәақәеи (Кәаласаа 3:8). Агәыӷра шәцәымӡын (1 Коринфаа 13:4, 7). Ишәцәымӷыз ацәгьара, аха убри аамҭазгьы шәхәыҷқәа гәымбылџьбарала, рыцҳашьарада шәырзымныҟәан. Зегь реиҳа ихадоу — шәхәыҷқәа аҿырԥшы бзиа рышәҭала, насгьы Анцәа иахь ишәымоу агәрахаҵара шәырӷәӷәала.

ЦАСҲӘА АБУНТ ШЬҬЫЗХУА АХБЫЏ ИШИЗНЫҞӘАТӘУ

24. Иарбан уадаҩроу зны-зынла ақьырсиантә ҭаацәараҿы иҟалало, аха ишԥарыхәҭоу аҭаацәа уи иазнеилар?

24 Иҟалоит аҭагылазашьақәа ахәыҷы ақьырсиантә нормақәа мап рыцәкны, абунт анышьҭихуа. Усҟан ҳрызхәыцроуп аҭаацәараҿы егьырҭ ахәыҷқәа рыманшәалара шеиқәҳархаша. Шәгәышәҽаныз шәымчқәа зегьы абунт шьҭызхыз иахь ишәмырхарц, избанзар уи егьырҭ ахәыҷқәа ирԥырхагахар алшоит. Уи ауадаҩра шәҭаацәа рҟынтә имҵәахыкәа, шәалацәажәаны шәҭаацәа ргәы шәырҭынч. (Еиҿшәырԥш Ажәамаанақәа 20:18.)

25. а) Иарбан шьаҿақәоу аҭаацәа иҟарҵар рыхәҭоу ақьырсиантә еизаразы ишьақәыргылоу ақәырԥшы иаҿыԥшны, рхәыҷы цасҳәа абунт шьҭихуазар? б) Иргәалашәалар акәзеи аҭаацәа, рхәыҷқәа руаӡәк абунт шьҭихуазар?

25 Апостол Иоанн аизараҿы абунт шьҭызхуа, насгьы зҽызымԥсахуа изы иҳәон: «Шәыҩны дшәыдшәымкылароуп, аԥсшәа иашәымҳәароуп» ҳәа. Аҭаацәа убасҵәҟьа рыӡбар рылшоит, зықәра наӡоу рхәыҷы ихымҩаԥгашьа бааԥсызар (2 Иоанн 10). Иагьа иуадаҩзаргьы, ахьаа унаҭозаргьы, зны-зынла ус аҟаҵара аҭахуп, аҭаацәараҿы егьырҭ ахәыҷқәа рыхьчаразы. Шәҭаацәа хьчалатәуп, насгьы ирхылаԥшлатәуп. Убри аҟынтә шәааҟәымҵӡакәа шәықәныҟәала еилыкка иҟоу, насгьы аҟәыӷара зҵоу аԥҟарақәа. Егьырҭ ахәыҷқәагьы шәрацәажәала. Шәразҵаала ашкол аҿы, насгьы аизараҿы русқәа зеиԥшроу. Уи адагьы, идеилшәыркаала абунт шьҭызхуа шәхәыҷы ихымҩаԥгашьа шәшадымгылогьы, игәаӷ шышәкым. Шәрықәыӡбала ахәыҷы иҟаиҵо аус бааԥсқәа, иара иакәымкәа. Иаков ҩыџьа иԥацәа ргәымбылџьбарара иахҟьаны рҭаацәа зегь агәаҟра ианҭадыргыла, Иаков иишәииз иҷкәынцәа ракәӡамызт, аха иузнымкыло рыԥсахеибакра акәын (Аҟазаара 34:1—31; 49:5—7).

26. Ргәы зырҭынчуазеи аҭаацәа бзиақәа, рхәыҷқәа руаӡәк абунт шьҭихуазар?

26 Иҟалап шәара шәҭаацәараҿы иҟалаз азы аха́ра шәхахьы ижәгозар. Шәара анцәаиҳәарала Иегова илабжьара шәықәныҟәо, ишәылшо зегь ҟашәҵозҭгьы, шәхы аха́ра адҵара аҭахым. Шәара шәроль бзианы анагӡаразы ишәылшо зегь ҟашәҵозар, шәгәы шәырҭынч, инаӡоу аҭаацәа ыҟаӡам. (Еиҿшәырԥш Аусқәа 20:26.) Шҭаацәараҿы абунт шьҭыхра згәы иҭазкыз аӡә дыҟазар, ари ԥышәара дууп, аха агәра ганы шәыҟаз Анцәа шәшеиликаауа, насгьы гәыкала имаҵ зуа ахаангьы ишаанимыжьуа (Ԥсалом 27:10). Убри аҟынтә шәҽазышәшәа егьырҭ шәхәыҷқәа рзы шәыҩны иҭынчу ишәарҭадароу ҭыԥны иҟаларц.

27. Изықәгәыӷыр рылшозеи абунт шьҭызхуа ахәыҷы иҭаацәа, иҟьалаз аԥа изку ажәамаана ргәаларшәо?

27 Уи инеиҳангьы, ахаангьы агәыӷра шәцәымӡын. Имҩахҟьаз ахәыҷы иааӡараҿы шәара аџьабаа ижәбаз, аҵыхәтәаны игәы аҟынӡа инеины алҵшәа инаҭар алшоит (Екклезиаст 11:6). Қьырсиантә ҭаацәарақәак шәара шәҭагылазаашьа аҩыза иақәшәахьеит, насгьы Иисус иажәамаанаҿы зыӡбахә ану иҟьалаз аԥа иеиԥш, рхәыҷқәа рыхынҳәра рбахьеит (Лука 15:11—32). Убасҵәҟьа ҟалар алшоит шәара шәҭаацәараҿгьы.