Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 10

Аҭаацәараҿы аӡәы данычмазаҩу

Аҭаацәараҿы аӡәы данычмазаҩу

1, 2. Ихы ишԥаирхәеи Аҩсҭаа игәыҭшьаагоу ахҭысқәеи ачымазареи, Иов Анцәа дизиашаны даанымхарц азы?

 ИОВ, ҳәарада, инасыԥыз аҭаацәаратә ԥсҭазаара змаз дреиуан ҳҳәар ҳалшоит. Абиблиа иаҳәоит иара «мрагылара инхоз ауаа днарылукаауа дыҟан» ҳәа. Иов жәаҩык ахшара иман: быжьҩык аԥацәеи хҩык аԥҳацәеи. Иара даара дуаҩ беиан, иҭаацәа ибзианы иныҟәигартә алшара иман. Аха зегь раасҭа ихадоу — Иов иҭаацәа рдоуҳатә ҭахрақәа рынагӡараҿы анапхгара ихахьы игон, насгьы Иегова иҿаԥхьа ихәыҷқәа рдоуҳатә ҭагылазаашьа шыҟаз дазхьаауан. Уи иабзоураны иҭаацәа аҳәоуеиқәшәара рыман (Иов 1:1—5).

2 Иов имаз ақәҿиара изгәамҭар ауамызт Аҩсҭаа — Анцәа Иегова иаӷа. Иара дааҟәымҵӡакәа Анцәа имаҵуҩцәа злаиҟьашьыша дашьҭоуп, убри азоуп иара Иов агәаҟра дзақәиршәаз, насыԥ змаз иҭаацәагьы зықәихыз. Уи ашьҭахь Аҩсҭаа «Иов ихы инаркны ишьапы аҟынӡа ахьаа ӷәӷәа зцыз ашәрақәа илихит». Аҩсҭаа дгәыӷуан игәыҭшьаагоу арҭ ахҭысқәеи ачымазареи ирыхҟьаны Иов Анцәа дизиашаны даанхом ҳәа (Иов 2:6, 7).

3. Иарбан симптомқәоу иамаз Иов ичымазара?

3 Абиблиа иаҳәаӡом амедицина аганахьала Иов ичымазара иахьӡыз. Аха уа иаҳәоит уи иамаз асимптомқәа ртәы. Уи ицәеижь ахәа алҵуан, ицәа аԥхҭра ахьит, абаара иалагеит. Иов иԥсыԥ афҩы бааԥсын, ицәеижьгьы абаафҩы ахҟьон. Иара ахьаа дафахьан (Иов 7:5; 19:17; 30:17, 30). Уаҳа царҭа имамызт аҟынтә, ахәа дылатәаны акыцԥҽыхала ицәа иӷьӷьо далагеит (Иов 2:8). Ииашаҵәҟьаны угәы узырхьша ҭагылазаашьоуп!

4. Изықәшәар рылшозеи зны-зынла аҭаацәарақәа зегьы?

4 Шәхы шԥажәбарыз шәара, абри аҩыза ачымазара бааԥс шәымазҭгьы? Иахьа Аҩсҭаа ус иҟоу ачымазарақәа рыла Анцәа имаҵзуҩцәа Иов иеиԥш иргәаҟӡом. Ус шакәугьы ауаатәыҩса рынамӡареи, ҳаԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо астрессқәеи, иааҳакәыршаны иҟоу аҭагылазаашьа аицәахареи ирыхҟьаны, еилаҳкаауазар ауп знымзар-зны ҳҭаацәараҿы аӡәы дычмазаҩхар шилшо. Ҳгәабзиара ҳшацхраауагьы, Иов иеиԥшҵәҟьа ҳамгәаҟыргьы, зны-зынла ҳачмазаҩхар ҳалшоит. Аҭаацәараҿы аӡәы данычмазаҩхо, ииашаҵәҟьаны ауадаҩрақәа цәырҵыр ауеит. Шәааи убри аҟынтә ҳахәаԥшып зехьынџьара иуԥыло ауаҩы иаӷа — ачымазара — аиааираҿы Абиблиа шҳацхраауа (Екклезиаст 9:11; 2 Тимофеи 3:16).

ШӘЫШԤАЗЫҞОУ УИ ШӘАРА?

5. Ишԥазыҟоу аҭаацәараҿы аӡәы маҷк данычмазаҩу?

5 Ауаҩы иԥсҭазаара аритм аҽанаԥсахуа, изыхҟьозаалакгьы, уи ахгара мариам, еиҳарак ачымазара акыраамҭа иузымхәышәтәуазар. Ауаҩы маҷк дычмазаҩхазаргьы, ак ԥсахтәуп, ак мап ацәктәуп. Егьырҭ згәы бзиоу ҭынч рхы мҩаԥыргалар акәхоит, ачымазаҩ иԥсы ишьарц азы. Дара усқәак мап рыцәкра рықәшәар ауеит. Ишыҟазаалакгьы, аҭаацәарақәа реиҳарак рҿы ихәыҷӡақәоугьы ичмазаҩу рашьа ма раҳәшьа, мамзаргьы рҭаацәа дрыцҳаршьоит, аха зны-зынла ахәыҷқәа ус аҟаҵара шаҭаху ргәаларшәалатәуп (Кәаласаа 3:12). Аӡәы маҷк данычмазаҩу, аҭаацәа иаҭаху зегьы аҟаҵара иазхиоуп. Аҭаацәараҿы зегьы азыԥшыр рылшоит ианычмазаҩхалак дара рахьгьы убри аҩыза аиҷаҳара егьырҭ иаадырԥшларц (Матфеи 7:12).

6. Иарбан цәаныррақәоу зны-зынла ицәырҵуа, аӡәы ӷәӷәала насгьы акыраамҭа дычмазаҩызар?

6 Аха иҟаҵатәузеи аӡәы ӷәӷәала, насгьы акыраамҭа дычмазаҩызар, убри аҟынтә аԥсҭазаараҿы иԥсахтәу рацәазар? Иаҳҳәап, аҭаацәараҿы аӡәы адабла исзар, акьыба ихьуазар, ма даҽа чымазарак даргәаҟуазар? Мамзаргьы аӡәы ашизофрениа еиԥш иҟоу ԥсихикатә чмазарак имазар? Раԥхьаӡа иузцәырҵуа ацәаныррақәа — агәрыцҳашьареи агәырҩеи роуп иузааигәоу ауаҩы дахьгәаҟуа азы. Аха агәрыцҳашьара аҭыԥан даҽа цәаныррақәак цәырҵыр алшоит. Аҭынхацәа ргәы ԥнажәар ауеит аӡәы ичымазара дара рыԥсҭазаара ӷәӷәала иахьанырыз, насгьы рхақәиҭра маҷк ахьрымнахыз. Абри аҩыза зыхьуа аҭынхацәа азҵаара рызцәырҵыр рылшоит: «Избан абри сара еиҳа изсыхьыр акәыз?»

7. Дышԥазнеи Иов иԥҳәыс уи ичымазара, насгьы илхашҭзеи лара?

7 Иҟалап Иов иԥҳәыс убри аҩыза ахәыцрақәа лызцәырҵзар. Иаҳгәалаҳаршәап лара лхәыҷқәа рыԥсра иахҟьаны агәырҩа ду шылхылгахьаз. Игәыҭшьаагоу абарҭ ахҭысқәа дрықәшәацыԥхьаӡа, лара еиҳа-еиҳа агәҭынчымра ӷәӷәа лызцәырҵуан. Аҵыхәтәаны лхаҵа уаанӡа згәабзиара ӷәӷәаз, аӷьараҳәа иҟаз, уажәы угәы узырхьуа ачымазара бааԥс шихьыз анылба, Иов иԥҳәыс илхашҭзар ҟалап арҭ агәаҟрақәа зегь хызҩоз, зегь раасҭа ихадаз — Анцәеи дареи ирымаз аизыҟазаашьақәа шракәыз. Абиблиаҿы иҳәоуп: «Усҟан иԥҳәыс иара [Иов] ус иалҳәеит: уара иахьа уажәраанӡагьы уиашара уадгылоума? Анцәа дшәины, уԥсы наҟ!» (Иов 2:9).

8. Иарбан библиатә жәеинраалоу аҭаацәа ирыцхраауа ииашаны рҭагылазаашьа иазнеиларц аҭаацәараҿы аӡәы данычмазаҩу?

8 Лассы-лассы ауаа ргәы каҳауеит, рыԥсахы анеибакуагьы ыҟоуп аӡәы ичымазара иахҟьаны рыԥсҭазаараҿы акы аԥсахра анрықәшәо. Ус шакәугьы, ақьырсиан дзықәшәаз аҭагылазаашьа даназхәыцуа, еиликаауазар ауп гәык-ԥсык ала абзиабара аарԥшразы алшара шимоу. Абзиабараҵәҟьа «ахачҳара амоуп, гәыбылрала ихышхыҵәоит... ахазы афеида иашьҭам... зегьы рыхьчара-рҿыхра иазыхиоуп, зегьы рыгәра агоит, зегьы ирықәгәыӷуеит, зегьы ахҭнагоит» (1 Коринфаа 13:4—7). Иҽеим ацәаныррақәа ҳиааир аҵкыс, еиҳа еиӷьуп иҳалшо зегь ҟаҳҵалар урҭ аанаҳкылаларц азы (Ажәамаанақәа 3:21).

9. Иарбан ажәақәоу аҭаацәараҿы аӡәы дахьычмазаҩу рдоуҳатә, насгьы ремоциатә беиара зыхьчо?

9 Иҟаҵатәузеи аҭаацәараҿы аӡәы дахьычмазаҩу рдоуҳатә, насгьы ремоциатә беиара ахьчаразы? Ҳәара аҭахума, ачымазарақәа зегьы ирҭахуп иҷыдоу, ианаало ахәышәтәышьеи ахылаԥшреи, убри азы ари апубликациаҿы ииашахомызт уи ачымазара шыхәышәтәтәу, ма ачымазаҩ ишихылаԥштәу алабжьарақәа ранҵара. Аха ус шакәугьы Иегова доуҳала «зыбӷа хәоу зегь шьҭихуеит» (Ԥсалом 145:14). Аҳ Давид иҩуан: «Насыԥ имоуп агәаҟ иеиҷаҳауа; Арыцҳара аан Иегова уи дихьчоит. Иегова дихылаԥшлоит, иԥсы еиқәирхоит... Иегова иара дычмазаҩны дахьышьҭоугьы дирӷәӷәоит» (Ԥсалом 41:1—3). Иегова имаҵзуҩцәа рдоуҳатә гәабзиара дацклаԥшуеит, амч риҭоит, даара иӷәӷәаны џьара акы иарааԥсозаргьы (2 Коринфаа 4:7). Ачымазаҩ гәаҟ дызмоу аӡәырҩы ауаа аԥсаломшәаҳәаҩ иажәақәа ирықәшаҳаҭуп: «Сара гәымбылџьбарала сгәаҟуеит. О Иегова, уара уажәала сыԥсҭазаара еиқәырха» (Ԥсалом 119:107).

УЗХӘЫШӘТӘУА АДОУҲА

10, 11. а) Ирыцхраауазеи аҭаацәара ирзааигәоу ичымазара ахгара? б) Ишԥалхылгоз ԥҳәыск лхаҵа ичымазара?

10 Абиблиатә ажәамаана иаҳәоит: «Ауаҩы идоуҳа ицхраауеит ачымазара даиааирц, аха адоуҳа уашәшәыразар, иззычҳауада уи?» (Ажәамаанақәа 18:14). Аемоциатә ааха аҭаацәа зегьы ргәазыҟашьа ианыруеит, «ауаҩы идоуҳа» мацара акәымкәа. Аха «иҭынчу агәы — ацәеижь азы иԥсҭазаароуп» (Ажәамаанақәа 14:30). Аҭаацәа ачымазара ӷәӷәа аиааира рылшоу-ирылымшоу еиҳарак изхьыԥшу ирымоу агәазыҟашьа, ма адоуҳа ауп. (Еиҿшәырԥш Ажәамаанақәа 17:22.)

11 Қьырсианԥҳәыск акыр лычҳар акәхеит хаҵа данца ашьҭахь фышықәса ааҵхьан еиԥш лхаҵа ӷәӷәала данычмазаҩха. «Уи ицәажәара даара ианыԥшит, зынӡа узимацәажәо дҟалеит,— илгәалашәоит лара.— Уи ииҳәарц ииҭахыз аилкааразы даара аџьабаа батәын». Шәазхәыц иара шаҟа дгәаҟуаз, насгьы шаҟа игәы каҳаны дыҟаз. Аха иҟарҵазеи хаҵеи-ԥҳәыси? Дара аизара иацәыхараны ишынхозгьы, аиаҳәшьа илылшоз зегь ҟалҵон доуҳала дыӷәӷәаны даанхарц азы, аорганизациаҿы имҩаԥысуа зегьы лдыруазарц дашьҭан, еиԥмырҟьаӡакәа ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Шәҿыха!» рыла адоуҳатә фатәы лоуларц лҽазылшәон. Уи лара бзиа илбоз лхаҵа дыԥсаанӡа ибара адоуҳатә мчқәа лынаҭон. Иара ԥшьышықәса рышьҭахь дыԥсит.

12. Иарбан цхыраароу ачымазаҩ иҟаиҵар илшо, Иов иҿырԥшы ишаҳнарбаз еиԥш?

12 Иов иҭагылазаашьа ҳахәаԥшуазар, дышгәаҟуазгьы, иара иоуп иӷәӷәаны иаанхаз. «Ҳара ииашоу Анцәа иҟынтәи иҳадаҳкыло абзиа мацара аума, ацәгьа ҳадаҳкылар ахәҭаӡами?» — длазҵааит иԥҳәыс (Иов 2:10). Иџьашьатәым, ԥыҭраамҭак ашьҭахь аҵаҩы Иаков акрычҳара ду аазырԥшыз Иов ҿырԥшыс дахьааигаз! Иаков 5:11 аҟны ҳара ҳаԥхьоит: «Шәара ишәмаҳахьеи Иов иааирԥшыз ахачҳаратәы, ишәымбахьеи убри иалҵшәаны уи Иҳақәиҭу иахьтә иоуз — Иҳақәиҭу дгәыбылҩуп, дрыцҳашьаҩуп». Убас еиԥшҵәҟьа иахьагьы ачымазаҩ игәымшәара лассы-лассы аҭынхацәа ирыцхраауеит ииашоу агәазыҟашьа аарԥшра.

13. Иарбан еиҿырԥшрақәоу иҟаҵатәым, аҭаацәараҿы аӡәы ӷәӷәала данычмазаҩу?

13 Аҭаацәараҿы ачымазаҩ дызмаз еиҳараҩык ауаа ақәшаҳаҭхоит раԥхьаӡа уи аҭагылазаашьа ашьцылара шыцәгьоу. Иара убас, дара ирҳәоит ишыхадоу ауаҩы уи аҭагылазаашьа дшахәаԥшуа. Иҟалап раԥхьа уара узышьцылахьоу уԥсҭазаара аритм аҿы ак аԥсахреи, ма ариашареи цәгьахар. Аха иулшо зегь ҟауҵозар, ҿыц ицәырҵыз аҭагылазаашьа уҽақәуршәар улшоит. Аха убри аамҭазгьы ихадоуп ҳҭагылазаашьа егьырҭ ачымазаҩ дызмам рҭагылазаашьа иаҿҳмырԥшлар, иара убас ҳгәы иаанамгозар ауп дара рыԥсҭазаара еиҳа имариоуп, насгьы «ари иашам!» ҳәа. Аиаша ҳҳәозар, аӡәгьы издырӡом иарбан уадаҩроу егьырҭ ирымоу. Иисус иажәақәа: «Шәааи Сара сахь, игәаҟуа, аидара хьанҭа иаҵоу — Сара шәсырраҳаҭуеит» — ақьырсианцәа зегьы ргәы шьҭнахуеит (Матфеи 11:28).

АПРИОРИТЕТҚӘА РЫШЬАҚӘЫРГЫЛАРА

14. Априоритетқәа ииашаны ишԥашьақәыргылатәу?

14 Аҭаацәараҿы аӡәы ӷәӷәала дычмазаҩхазар, зегьы иргәалашәозар бзиан Анцәа идоуҳа зҵоу ажәақәа: «Абжьагаҩцәа ахьырацәоу ақәҿиара ҟалоит» (Ажәамаанақәа 15:22). Ирылымшари аҭаацәа зегьы еизаны ачымазара иахҟьаз аҭагылазаашьа иалацәажәар? Ҳәарада ииашахон Анцәа и́ҳәар, насгьы Анцәа Иажәаҿы анапхгара рыԥшаар (Ԥсалом 25:5). Излацәажәар рыхәҭоузеи аҭаацәа? Ахәышәтәышьа, аԥара, аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿы иҟоу аҽыԥсахрақәа — арҭ азҵаарақәа зегьы ӡбатәуп. Зхахьы изгода еиҳарак ачымазаҩ ихылаԥшра? Иарбан цхыраароу егьырҭ иҟарҵало? Ишԥарныруеи арҭ аԥсахрақәа аҭаацәараҿы зегьы? Дышԥеиҷаҳалар акәу ачымазаҩ ихылаԥшра еиҳарак зхахьы изго уи идоуҳатә, насгьы егьырҭ иҭахрақәа?

15. Дышԥарыцхраауеи Иегова ачымазаҩ гәаҟ дызмоу аҭаацәарақәа?

15 Ҳара гәык-ԥсык ала Анцәа инапхгара ҳаҳәозар, инарҵауланы Иажәа ҳазхәыцуазар, насгьы гәымшәарыла Абиблиа иаҳнарбо амҩа ҳаныланы ҳцозар, уи лассы-лассы ҳаззыԥшым азылԥхарақәа ҳзаанагоит. Ачымазаҩ деиӷьымхар ауеит. Ус акәзаргьы, ҳара Иегова ҳаниқәгәыӷуа, уи алҵшәа бзиақәа аанагоит (Ԥсалом 55:22). Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩуан: «Убзиабаратә қьиара, о Иегова, сара сдырӷәӷәон. Сгәы змырҭынчуа ахәыцрақәа анысиааиуаз, уара урҭынчрақәа сара сгәы дырԥхон» (Ԥсалом 94:18, 19; шәахәаԥш иара убас Ԥсалом 63:6—8).

АХӘЫҶҚӘА ИШРЫЦХРААТӘУ

Аҭаацәа еицхыраауазар, ирымоу ауадаҩрақәа ириааир рылшоит

16, 17. Изызхьарԥштәузеи ахәыҷқәа, рашьа ма раҳәшьа ичымазара атәы анырзеиҭарҳәо?

16 Аҭаацәараҿы аӡәы ӷәӷәала дычмазаҩызар, уи ахәыҷқәа ауадаҩрақәа рацәаны ирызцәырнагар алшоит. Ихадоуп аҭаацәа ахәыҷқәа иреилдыркаар иарбан ҭахрақәоу ицәырҵыз, насгьы иарбан цхыраароу ахәыҷқәа иҟарҵар рылшо. Аҭаацәараҿы ахәыҷы дычмазаҩхазар, егьырҭ ахәыҷқәа идеилыркаатәуп: аҭаацәа ичмазаҩу ахәыҷы еиҳа иналкааны иеиҷаҳауазар, уи ишаанамго егьырҭ еиҳа еиҵаны бзиа ирбоит ҳәа. Ахәыҷқәа агәаареи аицлабреи шрыбжьало ус баша ахәаԥшра аҵкыс, аҭаацәараҿы ачымазара иахҟьаны ицәырҵыз ауадаҩрақәа анеицырхырго, аҭаацәа ахәыҷқәа ирыцхраар ауеит дара еиҳа еизааигәахарц, насгьы гәык-ԥсык ала абзиабара аадырԥшларц.

17 Арыцҳашьара узцәырызго ажәақәа ахәыҷқәа еиҳа ргәаҵанӡа инеиуеит, иуадаҩу амедицинатә терминқәа раасҭа. Убри аҟынтә дара ирзеиҭоуҳәар ауеит ачымазаҩ хьаақәас имоу. Ичмазаҩу ахәыҷы имариоу аусқәа аҟаҵара шилымшо анырбо, згәы бзиоу ахәыҷқәа иҟалап еиҳа «еихӡыӡаалар, еишьцәаҵас бзиа еибабалар» (1 Пиотр 3:8).

18. Ишԥарылшо аҭаацәа еиҳа изызҳахьоу ахәыҷқәа иреилдыркаар иарбан уадаҩрақәоу ачымазара иахҟьаны аҭаацәараҿы ицәырҵыз, насгьы иарбан хәарҭоу уи аилкаара ирзаанаго?

18 Еиҳа изызҳахьоу ахәыҷқәа идеилыркаатәуп имариам аҭагылазаашьақәа шцәырҵыз, насгьы аҭаацәа зегьы ахамеигӡара аадырԥшлар шакәу. Иҟалап аҭаацәа ахәыҷы ичымазара иадҳәаланы ахарџь рацәаны ирымазар, убри аҟынтә егьырҭ ахәыҷқәа ирҭаху зегьы аахәара рылымшозар. Иаргәаалома уи дара, насгьы ак рыгдырхазшәа рхы рбалома? Мамзаргьы дара еилыркаауама рҭаацәа уажәы ишырцәыцәгьоу, убри аҟынтә акы мап шацәктәу? Ихадоуп арҭ азҵаарақәа аҭаацәара ишалацәажәо, насгьы изакәытә гәазыҟашьоу аҩнаҭаҿы иҟоу. Ииашаҵәҟьаны ирацәоуп аӡәы дахьычмазаҩхо аҭаацәарақәа. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҿы ахәыҷқәа Павел ииҳәаз аҟаҵашьа рҵеит: «Шәхы-шәыԥсы мацаразыҳәа, ахамаԥагьара аҳаҭыр азы егьҟашәымҵан, ахӡырымгара шәашьҭаз, шәызлоу ауааԥсыра раҵкыс еиҳаны шәгылоушәа шәгәы иаанашәмырган. Доусы ихы ашьҭазаара мацара акәымкәа, егьырҭ рҭагылазаашьа, ргәаҳәара ҳасаб рзуны дныҟәалааит» (Филиппаа 2:3, 4).

АХӘЫШӘТӘРА ИШАЗНЕИЛАТӘУ

19, 20. а) Иарбан ҭакԥхықәроу идло аҭаацәара иахагылоу, изааигәоу аӡәы данычмазаҩхо? б) Иарбан напхгароу ахәышәтәра аганахь ала Абиблиа иаҳнаҭо, уи амедицинатә рҵагашәҟәы шакәымгьы?

19 Иҭышәынтәалоу ақьырсианцәа Анцәа изакәанқәа еилазымго ахәышәтәра мап ацәыркӡом. Аҭаацәараҿы аӡәы данычмазаҩхалак, ақьырсианцәа рҽазыршәоит уи игәаҟрақәа дырмаҷырц. Аха аҳақьымцәа еиҿагыло алабжьарақәа ҳарҭар ҟалоит, убри аҟынтә урҭ даара хшыҩзышьҭрала ирызхәыцтәуп. Иара убас, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ицәырҵуеит ачымазара ҿыцқәа, урҭ реиҳарак ирымаӡам зегьы еицырзеиԥшу ахәышәтәышьа. Зны-зынла ицәгьоуп ииашаҵәҟьоу адиагноз ақәыргылара. Ус анакәха, иҟаиҵар акәузеи ақьырсиан?

20 Абиблиа зыҩуаз руаӡәк дҳақьымын. Апостол Павел амедицина аганахь ала Тимофеи ихәарҭа́з алабжьара ииҭеит. Аха Аҩыра — ари напхгароуп ауаҩы игәаԥхашәатә, насгьы идоуҳатә ԥсҭазаараҿы, уи медицинатә рҵагашәҟәым (Кәаласаа 4:14; 1 Тимофеи 5:23). Убри аҟынтә аҭаацәара иахагылоу ахәышәтәра аганахь ала иҭышәынтәалоу рхатәы ӡбарақәа рыдыркылалар ауп. Иҟалап дара ҳақьымк игәаанагара акәымкәа, еиҳаны еилыркаарц рыӡбар. (Еиҿшәырԥш Ажәамаанақәа 18:17.) Ҳәарада, дара иахьынӡазалшо ала еиӷьны ирзааигәоу ачымазаҩ ицхраарц рҭахуп, убри аҟынтә дара зыквалификациа ҳараку аҳақьымцәа рҿы ацхыраара рыԥшаауеит. Егьырҭ ауаа итрадициатәым ахәышәтәра еиҳа еиӷьыршьоит. Аха ақьырсианцәа ргәабзиара иадҳәалоу азҵаарақәа анырыӡбо, Анцәа Иажәа «ршьапазы илашарбаганы, рымҩазы илашараны» иаанхоит (Ԥсалом 119:105). Дара анапхгара Абиблиаҿы ирыԥшаауеит (Исаиа 55:8, 9). Абас, ақьырсианцәа аспиритизм иадҳәалоу адиагностика рҽацәырыхьчоит, абиблиатә принципқәа еилазго ахәышәтәра мап ацәыркуеит (Ԥсалом 36:9; Аусқәа 15:28, 29; Аатра 21:8).

21, 22. Дышԥарызхәыцуаз Азиа инхоз ԥҳәыск абиблиатә принципқәа, насгьы ишԥаиашахеи илыдылкылаз аӡбара лара лҭагылазаашьаҿы?

21 Шәааи Азиа инхоз ԥҳәыс қәыԥшк дзықәшәаз ахҭыс ҳазхәыцып. Лара Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа рыцылҵо даналага ашьҭахь, иаарласны илаамҭамкәа аӡӷаб длоуит, уи 1 470 грамм дыҟан. Шаҟа лгәы лнархьзеи лара аҳақьым иажәақәа, ахәыҷы ишахәҭоу деизҳалаӡом, насгьы ахаангьы дызныҟәаӡом ҳәа аниҳәа. Аҳақьым длабжьеит асаби ахәыҷааӡарҭа далҭарц. Уи аԥҳәыс лхаҵа длак-ҩакуан, иҟаиҵара издыруамызт. Иабалыԥшаарыз ацхыраара?

22 Ари аԥҳәыс еиҭалҳәоит: «Сара исгәалашәон Абиблиа ианыз: „Абар! Аԥацәа — Иегова иҟынтә ахылҵ, амгәарҭа иҭоу — ҳамҭоуп“» (Ԥсалом 127:3). Лара «лхылҵ» аҩныҟа дганы длааӡарц лыӡбеит. Раԥхьа иқәыԥшыз ан даараӡа илцәыцәгьан, аха лара илыцхраауан Иегова ишаҳаҭцәа реизара аҟынтә лҩызцәа-ақьырсианцәа; уи абзоурала лара илылшеит ахәыҷы илҭахыз ацхыраара лыҭара. Жәаҩа шықәса рышьҭахь уи аӡӷаб Аҳратә зал ахь аизарақәа рахь днеиуан, насгьы дгәырӷьаҵәа лықәлацәа драцәажәон. Ан илҳәоит: «Сара даараӡа сеигәырӷьоит абиблиатә принципқәа ииашоу аӡбара адкылараҿы иахьсыцхрааз. Абиблиа сыцхрааит Анцәа Иегова иҿаԥхьа сыламыс цқьаны ахьчара, насгьы сыԥсы ҭанаҵы сзыргәаҟлар алшоз сгәы ахәра анысымҵеит».

23. Иарбан гәырҭынчгоу ачымазцәеи урҭ ирхылаԥшуеи рзы Абиблиа иану?

23 Ачымазарақәа наунагӡа иҳашьҭазаалаӡом. Аԥааимбар Исаиа ҳаԥхьаҟа иҟало аамҭа азы иҳәеит: «Дарбанзаалак инхо аӡәгьы иҳәаӡом: „Сара сычмазаҩуп“» (Исаиа 33:24). Ари аԥааимбаражәа нагӡахоит хара имгакәа иҟало адунеи ҿыц аҿы. Аха макьана ҳара ачымазареи аԥсреи ҳарҿагылазар ауп. Насыԥны, Анцәа Иажәа иҳаднагалоит анапхгареи ацхыраареи. Абиблиа иаҳнаҭо ихадоу ахымҩаԥгашьатә нормақәа рҽырыԥсахӡом, насгьы зҽызыԥсахуа инаӡам ауаа ргәаанагарақәа иреиԥшӡам. Убри азы ауп иҟәыӷоу ауаҩы аԥсаломшәаҳәаҩ дызиқәшаҳаҭхо: «Иегова изакәан наӡоуп — аԥсҭазаара унаҭоит. Иегова игәаларшәара уақәгәыӷыртә иҟоуп — аԥышәа змам аҟәыӷара инаҭоит... Иегова иӡбарақәа зегь иашоуп... Урҭ рынагӡара ҳамҭа дууп» (Ԥсалом 19:7, 9, 11).