Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 11

Шәыҩнаҭақәа рҿы аҭынчра шәыхьчала

Шәыҩнаҭақәа рҿы аҭынчра шәыхьчала

1. Иарбан мзызқәоу иҟоу аҭаацәарақәа еиҟәызго?

 НАСЫԤ рымоуп абзиабареи, аилибакаареи, аҭынчреи ахьыҟоу аҭаацәара. Ҳақәгәыӷуеит шәара шәҭаацәараҿгьы убасҵәҟьа ишыҟоу. Аха угәы унархьыртә иҟоуп аҭаацәарақәа жәпакы хыхь зыӡбахә ҳәоу аҭагылазаашьа иахьацәыхароу, насгьы мзызқәак ирыхҟьаны аҭаацәара ахьеиҟәыгоу. Изыхҟьозеи аҭаацәараҿы аиҟәыгара? Ари ахаҿы ҳара ҳазааҭгылоит х-мзызк. Ҭаацәарақәак рҿы зегьы динхаҵарак ныҟәыргом. Егьырҭ аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа анԥса, ма абԥса дрымоуп. Иҟоуп иара убас ҭаацәарақәак, зда ԥсыхәа ыҟам рымазарц, мамзаргьы рматериалтә ҭагылазаашьа еиҳа еиӷьыртәырц иахьашьҭоу иахҟьаны аилибамкаара анрызцәырҵуа. Ишыҟазаалакгьы, ҭаацәарақәак ирԥырхагоу аҭагылазаашьа егьырҭ зынӡаск ирԥырхагамзаргьы ауеит. Избан?

2. Иабарыԥшаауеи шьоукы аҭаацәаратә ԥсҭазаара иазкны анапхгара, аха иабаԥшаатәу зегьы иреиӷьу анапхгара?

2 Раԥхьаӡа иргыланы, даара ихадоуп иарбан хәаԥшышьоу иумоу. Уара гәык-ԥсык ала даҽаӡәы игәаанагара аилкаара уашьҭазар, иҟалап аҭаацәараҿы акзаара шыхьчатәу убар. Аҩбатәи, ихадоуп уара анапхгара ахьуԥшаауа. Аӡәырҩы ауаа дара аус рыцызуа, ргәылацәа, рыуацәа, иара убас егьырҭ ауаа иҟарҵо алабжьарақәа ирықәныҟәоит. Аха шьоукы изықәшәаз аҭагылазаашьа инақәыршәаны Анцәа Иажәа иаҳәо еилыркаауеит, нас еилыркааз рыԥсҭазаараҿы иқәныҟәоит. Ишԥалшо уи аҩнаҭаҿы аҭынчра ахьчара? (2 Тимофеи 3:16, 17).

БХАТӘ ҨЫЗА ДАҼА ГӘРАХАҴАРАК ИМАЗАР

3. а) Иаҳәозеи Абиблиа даҽа динхаҵарак змоу ауаҩы аҭаацәара ицалалара азы? б) Иарбан принципқәоу изықәныҟәатәу аҭаацәараҿы аӡәы Анцәа дхаиҵозар, аха егьи — мап?

3 Абиблиаҿы ҳара иҳабжьгоуп даҽа динхаҵарак змоу ауаҩы аҭаацәара ҳицаламларц (Ҩынтәзакәан 7:3, 4; 1 Коринфаа 7:39). Аха иҟалап бара хаҵа банца ашьҭахь абиблиатә ҵабырг еилыбкаазар, аха бхатә ҩыза Абиблиа аҵара даламгазар. Иҟаҵатәузеи усҟан? Ҳәарада, аибагаратә ҿаҭахьа амч шамоу иаанхоит (1 Коринфаа 7:10). Абиблиаҿы инаҵшьны иазгәаҭоуп ахаҵеи аԥҳәыси анеибага урҭ еилыҵыр шыҟамло, насгьы иаанаԥхьоит урҭ рҳәоуеиқәымшәарақәа аус рыдырулаларц, иара убас урҭ рыӡбара иацәхьамҵларц (Ефесаа 5:28—31; Тит 2:4, 5). Аха иҟаҵатәузеи, бхатә ҩыза Абиблиа зыӡбахә аҳәо адинхаҵара быдыбкылар имуазар? Иара аизарақәа рахь бимышьҭлар ауеит, мамзаргьы иҭахымхар алшоит ихатә ҩыза ҩнаҭацыԥхьаӡа дныҟәо Абиблиа аӡбахә лҳәалар. Бхы шԥамҩаԥыбгари бара усҟан?

4. Ишԥалылшо аԥҳәыс лхатә ҩыза иеилкаара, иара лыгәрахаҵара лыцеиҩимшозар?

4 Бхы базҵаа: «Избан сара сыԥшәма ус дызхәыцуа?» (Ажәамаанақәа 16:20, 23). Иҟалап иара игәы ҭынчымзар, бызҿу ахьизеилымкаауа азы. Мамзаргьы иуацәа иқәыӷәӷәозар ауеит, дара рзы аҵак ду змоу аҵасқәа рныҟәгара бахьаҟәыҵыз азы. Аӡәы лхаҵа ус иҳәеит: «Сара схала аҩны санаанхоз, скарыжьызшәа схы збон». Уи ахаҵа адинхаҵара иԥҳәыс димнахызшәа игәы иабон. Аха аԥагьара иԥырхаган дшызаҵәыз аҳәара. Иҟалап бхатә ҩыза агәра иргатәызар, Иегова бзиа дахьыббо бара ишыбԥырхагам иаргьы уаанӡа еиԥш бзиа ибара. Бара бхатә ҩыза аамҭа ицхгара буалуп.

5. Ишԥалыхәҭоу аԥҳәыс аҭышәынтәалара аарԥшра, лхатә ҩыза даҽа динхаҵарак ныҟәигозар?

5 Уеизгьы ицәырҵыз аҭагылазаашьақәа рҿы ҟәыӷарыла бхы мҩаԥыбгарц бҭахызар, даара ихадоу акы иазхәыцтәуп. Анцәа Иажәа аҳәса аанаԥхьоит: «Аҳәса, ианакәзаалакь шәхацәа ражәа шәацныҟәала, Иҳақәиҭу ила иахәҭаны ишыԥхьаӡоу аиԥш» (Кәаласаа 3:18). Абас ала Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит ахьыԥшымратә гәазыҟашьа ааҳмырԥшларц. Иара убри адагьы ари ажәеинраалаҿы ажәақәа «Иҳақәиҭу ила иахәҭаны ишыԥхьаӡоу аиԥш» иаадырԥшуеит ухатә ҩыза уанизыӡырҩуа Иҳақәиҭугьы изыӡырҩра шаҭаху. Иахәҭоуп аҭышәынтәалара аарԥшра.

6. Иарбан принципқәоу ақьырсианԥҳәыс илгәалашәалар лыхәҭоу?

6 Аизарақәа рҭаареи Абиблиа шьаҭас измоу ҳхаҵара атәы егьырҭ рзеиҭаҳәареи ари ииашоу амҵахырхәара иахәҭакуп, ақьырсиан урҭ тәамбашақә дырзымнеилароуп (Римаа 10:9, 10, 14; Ауриацәа 10:24, 25). Иҟабҵарызи бара, аӡәы инҭкааны Анцәа иҭахрақәа рҟынтә акы бацымныҟәарц мчыла ибыдигалозҭгьы? Иисус Христос иапостолцәа ирҳәеит: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» (Аусқәа 5:29). Урҭ аԥсҭазаараҿы узықәшәо аҭагылазаашьақәа рҿы ауаҩы ихы мҩаԥигалар шихәҭоу узырбо аҿырԥшы аанрыжьит. Бгәазҭанаҵома бара Иегова иахь ибымоу абзиабара закәанла иара иитәу азиашара аарԥшра? Уи аамҭазы бхатә ҩыза бзиа дбауа, пату иқәҵауа, баанхалома бара Анцәа убас бизиашаны, бхатә ҩыза дыбмыргәамҵуа? (Матфеи 4:10; 1 Иоанн 5:3).

7. Ишԥалылшо ақьырсианԥҳәыс дыӷәӷәаны даанхарц?

7 Иисус иазгәеиҭон уи еснагь ишымариамхо. Иара имаҵзуҩцәа ргәырҽаниҵон егьырҭ аиашамҵахырхәара иахьаҿагыло аҟынтә ҭаацәарақәак рҿы Анцәа дхазҵо ауаа изаҵәызшәа, ирыцынхои дареи а́ҳәа рыбжьысызшәа рхы рбо ишалаго (Матфеи 10:34—36). Уи аҩыза дақәшәеит Иапониа инхоз ԥҳәыск. Лхаҵа 11 шықәса ауадаҩрақәа дрықәиршәон. Иара даара гәымбылџьбарала длызнеиуан, насгьы лассы-лассы аҩныҟа днаишьҭӡомызт. Аха лара дызҿыз аус аанлыжьуамызт. Уи ақьырсиантә еизара аҟынтә лҩызцәа даара илыцхраауан. Лара дааҟәымҵӡакәа Анцәа диҳәон, насгьы 1 Пиотр 2:20 иану ажәақәа даара ддырлахҿыхуан. Уи ақьырсианԥҳәыс агәра ганы дыҟан: лара дыӷәӷәаны дзаанхар, ҽнак зны лхаҵа Иегова имаҵзураҿы иҽшлыдикыло. Уи амшгьы ааит.

8, 9. Иҟалҵалар акәзеи аԥҳәыс, лхаҵа иахәҭам аҽыԥныҳәа лимҭарц азы?

8 Ирацәоуп бхатә ҩыза дшыбзыҟоу аԥсахразы ибыцхраауа алабжьарақәа. Иаҳҳәап бхаҵа бдинхаҵара игәамԥхозар, даҽа усқәак рҿы дашшлартә иҟабымҵан. Аҩны цқьаны ибымаз. Бҭеиҭыԥш бацклаԥшла. Абзиабареи аџьшьареи раарԥшра бамеигӡалан. Бхаҵа дыбмырџьалан, бидгылала. Ирба иара инапхгара бшазыԥшу. Биргәаазар, аҭак ибымҭан (1 Пиотр 2:21, 23). Ибгәаларшәала ауаа шынаӡам, аимак ҟалар, раԥхьа аҭамзаара ашьҭаҵара базхиаз (Ефесаа 4:26).

9 Бара бхаҵа ихәы аҟаҵара бахьымӡозар, аизарақәа ирхарабымҵалан. Иара убас амаҵзура бҽалабырхәырц азы, быԥшәма аҩны даныҟам аамҭа албхлар былшоит. Иҟәыӷоу ақьырсианԥҳәыс лхаҵа аӡырҩра даназхиам абиблиатә жәабжь изеиҭаҳәара далагаӡом. Уи аҭыԥан лара апостол Павел иҟаиҵаз алабжьара дацныҟәоит: «Хаҵа ирымоу аҳәса, шәхацәа рҳәатәы хашәҵала, шәырзыӡырҩла, урҭ агәрахаҵара рыламзар агәрахаҵара роуразы — Шәыԥсҭазаара иаҵоу ацқьареи Анцәа иҿаԥхьа ишәымоу ашәаӡыӡареи ирҿыԥшны» (1 Пиотр 3:1, 2). Хаҵа ирымоу ақьырсианҳәсақәа иахьынӡарылшо Анцәа идоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа раарԥшра иашьҭоуп (Галаҭаа 5:22, 23).

УХАТӘ ҨЫЗА ДАҼА ГӘРАХАҴАРАК ЛЫМАЗАР

10. Дышԥалызныҟәалар ихәҭоу Анцәа дхазҵо ахаҵа даҽа динхаҵарак змоу иԥҳәыс?

10 Иҟаҵатәузеи ахаҵа дқьырсианзар, аха аԥҳәыс — мап? Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿгьы Абиблиа анапхгара унаҭоит. Уа иаҳәоит: «Егьырҭ зегьы ирызкны, арҭ ажәақәа зтәу Иҳақәиҭу иакәым, сара соуп: аишьцәа-гәрахаҵацәа рыбжьара ԥҳәысс агәрахаҵара змам дызмоу, лхаҵа дицҟазарц лҭахызар, ахаҵа ус еиԥш иҟоу аԥҳәыс длылмҵыроуп» (1 Коринфаа 7:12). Абиблиа иара убас ахацәа ирылабжьоит: «Шәыҳәса бзиа ижәбала» (Кәаласаа 3:19).

11. Ишԥаилшо ахаҵа агәеилых бзиеи аҳаҭырбареи аарԥшра даҽа гәрахаҵарак змоу иԥҳәыс лахь?

11 Уԥҳәыс даҽа динхаҵарак лымазар, еиҳарак уҽазышәала лара лахь апатуқәҵара аарԥшра, насгьы лцәаныррақәа урызхәыцла. Лара дхәыҷӡам, убри аҟынтә азин лымоуп лхатә динхаҵаратә гәаанагарақәа лымазарц, урҭ уара урықәшаҳаҭымзаргьы. Уазымԥшын уара угәрахаҵара атәы анылзеиҭоуҳәалак лара иаразнак лгәаанагара лыԥсахуеит ҳәа. Лҭаацәеи лареи иныҟәыргоз адинхаҵара иашам ҳәа лаҳәара аасҭа, ибзиоуп ачҳара аарԥшны, Аҩыра ухы иархәаны улацәажәалар. Аизара иадҳәалоу аусқәа ирацәаны аамҭа рықәурӡуазар, лара дзаҵәушәа лхы лбозар ауеит. «Сара исҭахуп еиҳа аамҭа сзалухларц!» — лҳәозар ауеит лара, иҟалап убри азы акәзар изылгәамԥхо уара Иегова имаҵ ахьыууа. Ачҳара умаз. Лара лахь иааурԥшуа абзиабара лгәазҭанаҵар алшоит аиашамҵахырхәарахь аиасра (Кәаласаа 3:12—14; 1 Пиотр 3:8, 9).

АХӘЫҶҚӘА РААӠАРА

12. Ишԥарықәныҟәатәу абиблиатә принципқәа ахәыҷқәа рааӡараҿы, хаҵеи-ԥҳәыси рдинхаҵарақәа еиԥшымзаргьы?

12 Зны-зынла ицәгьахар алшоит динла еиҟәыгоу аҭаацәараҿы ахәыҷқәа рааӡара. Ишԥарықәныҟәатәу абиблиатә принципқәа ари аҭагылазаашьаҿы? Абиблиа еиҳарак абацәа роуп ахәыҷқәа рымҩақәҵаразы аҭакԥхықәра зыднаҵо, аха иара убас ангьы илыдуп уи аҭакԥхықәра (Ажәамаанақәа 1:8; еиҿшәырԥш Аҟазаара 18:19; Ҩынтәзакәан 11:18, 19). Аб аҭаацәараҿы хадара иуеит, Христос ихадара азхеимҵозаргьы.

13, 14. Иҟалҵалар лылшозеи аԥҳәыс, ахәыҷқәа аизарахь ргара, ма Абиблиа рырҵара лхаҵа азин лимҭозар?

13 Анцәа дхазымҵо абацәа шьоукы мап ацәыркӡом адинхаҵаратә зҵаарақәа рҿы ан ахәыҷқәа амҩақәҵарақәа рылҭаларц. Егьырҭ уи иақәшаҳаҭым. Иҟаҵатәузеи, бхатә ҩыза ахәыҷқәа аизарахь ибгалар, мамзаргьы аҩны Абиблиа рыцыбҵалар имуазар? Ус анакәха, бара аҭышәынтәалара аарԥшны ҭакԥхықәрақәак еилабыгӡалар ауп: Анцәа Иегова иҿаԥхьа, бхаҵа ихадарахьы, насгьы бхәыҷқәа рганахь ала ибымоу аҭакԥхықәрақәа. Ишԥеилагӡатәу абарҭқәа зегьы?

14 Ҳәарада, бара уи азы Анцәа биҳәалоит (Филиппаа 4:6, 7; 1 Иоанн 5:14). Аха ишакәзаалакгьы, бара боуп изыӡбо бхы шымҩаԥыбгалаша. Бара бхаҵа хаала ибырбозар аҭаацәараҿы иара иду аҭакԥхықәра бхахьы ибгар шыбҭахым, усҟан иара еиҳа иҽирҭынчыр ауеит. Бхаҵа ахәыҷқәа аизарахь ргара, ма иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа рырҵара азин бимҭозаргьы, бара уеизгьы дырҵара былшоит. Есҽны ахәыҷқәа рацәажәареи, насгьы бхымҩаԥгашьа бзиеи рыла урҭ брыцхраар былшоит Иегова бзиа дырбаларц, Иажәа агәра ргаларц, аҭаацәа (иара убас рабгьы уахь дналаҵаны) пату рықәырҵаларц, егьырҭ ауаа ирызхәыцларц, насгьы аџьабаа пату ақәырҵаларц. Аамҭа цацыԥхьаӡа бхаҵа ари аҩыза ааӡара иацу алҵшәа бзиақәа ибар илшоит, усҟан бџьабаа ҳаҭыр ақәиҵар ауеит (Ажәамаанақәа 23:24).

15. Иарбан ҭакԥхықәроу иду Анцәа дхазҵо аб ихәыҷқәа рааӡараҿы?

15 Уԥҳәыс Анцәа дхалымҵозар, ахәыҷқәа «Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» иуааӡаларц аҭакԥхықәра уара уоуп издыло (Ефесаа 6:4). Убри аамҭазгьы ҳәарада уара ухатә ҩыза лахь иааурԥшлароуп ақьиара, абзиабара, аилкаара.

УҬААЦӘА РДИНХАҴАРА ДАҼАКЫЗАР

16, 17. Иарбан библиатә принципқәоу ахәыҷқәа иргәалашәалар рыхәҭоу, рҭаацәа рдинхаҵара иеиԥшым даҽа динхаҵарак рыдыркылозар?

16 Иаабац ак акәны иҟалеит зықәра намӡац ахәыҷқәа рҭаацәа ртәы акәымкәа, даҽа динхаҵарак анрыдыркыло. Уаргьы убри аҩыза уақәшәама? Ус анакәха, уаргьы Абиблиаҿы алабжьара уԥшаар улшоит.

17 Анцәа Иажәаҿы иҳәоуп: «Шәызхылҵыз рҳәатәы шәацныҟәала, убас аиԥш шәхымҩаԥгара ҳа́қуп. „Уаби уани аҳаҭыр рықәҵа“» (Ефесаа 6:1, 2). Уахь иаҵанакуеит аҭаацәа рахь ахәарҭа аазго апатуқәҵара аарԥшра. Аха аҭаацәа рҳәатәы ахаҵара шыхадоугьы, Анцәа иаша ихашҭра ҟалом. Ахәыҷы ихала аӡбарақәа идикылартә ианизҳалак, иҟаиҵо аусқәа ирыцу аҭакԥхықәрагьы иазҳауеит. Арахь иаҵанакуа ауаатәыҩсатә закәанқәа мацара ракәӡам, аха Анцәа изакәанқәагьы рықәныҟәара ауп. «Ҳарҭ, ҳарбанзаалакь, Анцәа иҿаԥхьа хаҭа-хаҭала аҭак ҟаҳҵоит» — аҳәоит Абиблиа (Римаа 14:12).

18, 19. Ишԥарылшо ахәыҷқәа еиҳа еиӷьны рҭаацәа идеилдыркаарц иныҟәырго адинхаҵара, рҭаацәеи дареи рдинхаҵарақәа еиԥшымзар?

18 Уара иумоу угәрахаҵара иахҟьаны уԥсҭазаараҿы ак аԥсахра уқәшәозар, уҽазышәа уҭаацәа ргәаанагара аилкаара. Уара абиблиатә ҵарақәа анеилукаауа, насгьы уанрыцныҟәо ухымҩаԥгашьаҿы апатуқәҵара, аӡырҩра, аҭаацәа ирҳәо ахымԥара уашьҭазар, иҟалап уи дара аргәырӷьар. Аха ҿыц иудукылаз адинхаҵара иахырҟьаны дара пату зқәырҵо рҵасқәеи ргәаанагарақәеи мап рцәукуазар, уҭаацәа ргәы иаанагар ҟалоит рџьабаа зегь аӡы иауҭазшәа. Уҭаацәа даара ргәы иҵхозар ауеит уара ԥхьаҟатәи уԥеиԥш, узҿу аус ауаа ахыччозар, мамзаргьы уҭаацәа ргәаанагарала аԥсҭазаараҿы ушьапы уқәзыргылаша ахықәкы шьҭуумхуазар. Дара аԥагьарагьы рԥырхагахар алшоит. Уҭаацәа ргәы иаанагозар ауеит урҭ ирҳәо аасҭа уара иуҳәо еиҳа ииашоуп ҳәа уԥхьаӡошәа.

19 Убри аҟынтә иахьынӡазалшо ала уҭаацәа аизара аиҳабацәа, ма аизара аҟынтә доуҳала ишәу қьырсианк иабадырыртә иҟаҵа. Ааԥхьара рыҭ уҭаацәа Аҳратә зал ахь, рхала ирбартә, насгьы ираҳартә еиԥш Иегова ишаҳаҭцәа зусҭцәоу. Аамҭа цацыԥхьаӡа уҭаацәа ргәаанагара рыԥсахыр ҟалоит. Аҭаацәа зынӡаск рҽандырцәгьогьы, иаҳҳәап алитература аныԥхасҭартәуа, мамзаргьы аизарахь аныҟәара азин анрырымҭо, уеизгьы иҟоуп алшара даҽа ҭыԥк аҿы алитература аԥхьара, ақьырсианцәа рыҿцәажәара, насгьы иформалтәымкәа ажәабжь аҳәара, егьырҭ рыцхраара. Иара убасгьы уара Анцәа уиҳәалар улшоит. Хбыџқәак еиҳаны Анцәа имаҵ аура алшара роурц азы, ирызҳаанӡа, насгьы хазы анхара ицаанӡа ҳәа иԥшыроуп. Уҭаацәараҿы аҭагылазаашьа шыҟазаалакгьы, иухоумыршҭын «уани уаби ҳаҭыр рықәҵара». Уара уганахь ала иулшо зегь ҟаҵа аҭаацәараҿы аҭынчра ахьчаразы (Римаа 12:17, 18). Зегь раасҭа ихадоу, Анцәеи уареи шәеиҩызара уашьҭаз.

АԤАԤСЕИ АԤҲАԤСЕИ РААӠАРА — ИМАРИАМ УСУП

20. Иарбан цәаныррақәоу ахәыҷқәа ирызцәырҵыр рылшо, анԥса, ма абԥса дрымазар?

20 Лассы-лассы аҭаацәараҿы ауадаҩрақәа цәырызго — ари адинхаҵара иадҳәалоу аҳәоуеиқәымшәарақәа ракәӡам, аха аҭаацәараҿы ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа роуп. Иахьа ирацәоуп аҭаацәарақәа аԥаԥса, ма аԥҳаԥса дахьырааӡо. Абас еиԥш иҟоу аҭаацәараҿы ахәыҷқәа ахыбаареи агәаареи рызцәырҵуазар, мамзаргьы ирызгәакьоу ран, ма раб дырҭиуашәа рхы рбозар ауеит. Убри иахырҟьаны дара ранԥса, ма рабԥса гәык-ԥсык ала ахәыҷқәа рзы иҭаацәа бзианы ирзыҟазарц иҟарҵо аҽазышәарақәа мап рыцәкны, ирҿагылар рылшоит. Ирыцхраауазеи аҭаацәа ирызгәакьам рхәыҷқәеи дареи реизыҟазаашьа еиӷьыртәырц?

Иуааӡо ахәыҷқәа узгәакьазаргьы-иузгәакьамзаргьы Абиблиа анапхгара уақәгәыӷла

21. Избан игәакьам ани аби иҷыдоу аҭагылазаашьақәа шрымоугьы, абиблиатә принципқәа рхы иадырхәалар зрыхәҭоу?

21 Еилкаатәуп арҭ аҭаацәарақәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа шрымоугьы, егьырҭ аҭаацәарақәа ақәҿиара рымазарц ирыцхраауа абиблиатә принципқәа даргьы ишырнаало. Урҭ апринципқәа урзымхәыцлар, иҟалап раԥхьа ауадаҩрақәа маҷхазшәа убар, аха хәыҷык ашьҭахь уи агәхьаа узаанагар алшоит (Ԥсалом 127:1; Ажәамаанақәа 29:15). Еизшәырҳала аҟәыӷареи аиҩдыраареи; аҟәыӷара — Анцәа ипринципқәа рықәныҟәаразы, уи акыраамҭа ахәарҭа шузаанаго дырны, аиҩдыраара — уҭаацәа ражәақәеи русқәеи ҵакыс ирымоу еилукааларц. Иара убас рхьаа рыцеиҩушалар ауп (Ажәамаанақәа 16:21; 24:3; 1 Пиотр 3:8).

22. Избан ахәыҷқәа изырцәыцәгьоу ранԥса, ма рабԥса ирызгәакьоу шьоук реиԥш рыхәаԥшра?

22 Уара иузгәакьам ахәыҷқәа уааӡозар, иҟалап дара рҭаацәа уахәҭакхаанӡа шәеизыҟазаашьақәа бзиазҭгьы. Аха рҭаацәара уаналахәха, шәара шәеизыҟазаашьақәа рҽырыԥсахзар ауеит. Ахәыҷқәа дыргәалашәоит уаҳа ирыцнымхо рҭаацәа руаӡәк, насгьы иҟалап дара ргәы иаанагозар уи дырҭиуазшәа, мамзаргьы уара ран, ма раб иҭыԥ аанукылозшәа. Зны-зынла дара иуаҽԥнырҳәар ауеит уара ран, ма раб уакәым ҳәа. Уи даара угәы унархьуеит. Аха «агәаара уахымыццаклан» (Екклезиаст 7:9). Ахәыҷқәа рахь азнеишьа аԥшааразы, иаҭахуп агәеилых бзиеи арыцҳашьареи.

23. Ишԥахәҭоу иузгәакьам ахәыҷқәа рахьырхәра?

23 Арҭ аҟазшьақәа еиҳарак ихадоуп ахәыҷқәа рахьырхәра анаҭаху. Ааӡашьа иашазар ауп (Ажәамаанақәа 6:20; 13:1). Ахәыҷқәа зегь еиԥшым аҟынтә, аҭагылазаашьа инақәыршәаны ахьырхәышьагьы еиԥшхом. Игәакьам аҭаацәа шьоукы ирҳәоит ԥыҭраамҭак ари аҭаацәаратә ҭакԥхықәра игәакьоу ан, ма аб игар еиӷьуп ҳәа. Аха ихадоуп ахьырхәра иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы аҭаацәа аҳәоуеиқәшәара рымазарц, насгьы ианахьдырхәуа ахәыҷқәа игәакьоу-игәакьам ҳәа еилырымхларц (Ажәамаанақәа 24:23). Азыӡырҩра хадоуп, аха ҳшынаӡам шәхашәмыршҭлан. Иахшәмырҟьацәалан. Бзиабарала шәхәыҷқәа ахьшәырхәла (Кәаласаа 3:21).

24. Ишԥарылшо аҭаацәараҿы еизгәакьам агәаԥхашәатә проблемақәа рҽырцәырыхьчар?

24 Ауадаҩрақәа рацәаны уҽырцәухьчар улшоит, уҭаацәа урацәажәозар. Ус еиԥш иҟоу аицәажәарақәа еиҳа ихадоу азҵаарақәа рзааҭгылара иуцхраауеит. (Еиҿшәырԥш Филиппаа 1:9—11.) Уи абзоурала аҭаацәараҿы зегьы еилыркаауеит дасу иҟаиҵар илшо аҭаацәаратә хықәкқәа рынагӡаразы. Иара убас аҭаацәараҿы иаарту аицәажәарақәа агәаԥхашәатә уадаҩрақәа рҽацәыхьчара иацхраауеит. Аӡӷабцәа ирыцхраатәуп ирдырырц рабԥсеи ирыцрааӡо рашьцәеи рҿаԥхьа рыҽшеиларҳәалаша, насгьы рхы шымҩаԥыргалаша, иара убас аҷкәынцәа ирзеиҭаҳәатәуп ранԥсеи ирыцрааӡо раҳәшьцәеи ишырзыҟазар акәу (1 Фессалоникаа 4:3—8).

25. Иарбан ҟазшьақәоу иузгәакьам ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәараҿы аҭынчра ахьчаразы ани аби ирыцхраауа?

25 Иузгәакьам ахәыҷқәа рааӡара мариам, аха ачҳара аарԥшла. Иҿыцу аизыҟазаашьақәа шәоурц азы, иаҭахуп аамҭа. Иузгәакьам ахәыҷқәа бзиа урбарц, насгьы пату уқәырҵарц азы аџьабаа ӷәӷәа батәуп. Уи иулшо усуп. Аҟәыӷареи агәеилых бзиеи, насгьы Иегова игәаԥхара анагӡаразы агәаҳәареи — арҭ зегь реиҳа ихадоуп иузгәакьам ахәыҷқәа ахьыҟоу аҭаацәараҿы аҭынчра ыҟазарц (Ажәамаанақәа 16:20). Арҭ аҟазшьақәа егьырҭ ауадаҩрақәагьы рыхгара иуцхраауеит.

ИҞАЛОМА ШӘҬААЦӘАРАҾЫ АКЗААРА, АМАТЕРИАЛТӘ МАЗАРА ШӘАШЬҬАЗАР?

26. Ишԥарылшо аматериалтә уадаҩрақәеи аматериалтә мазара ииашамкәа азнеиреи аҭаацәараҿы акзаара иаԥырхагахар?

26 Аматериалтә уадаҩрақәеи аматериалтә мазара ииашамкәа азнеиреи ирыхҟьаны аҭаацәараҿы акзаара ҟамлар ауеит. Лахьеиқәҵагоуп, аха ҭаацәарақәак рҿы аԥара азы аҭыӡшәеи амал ду амазааразы агәаҳәара ӷәӷәеи, мамзаргьы хәыҷӡак еиӷьны инхаларц ахьырҭаху ирыхҟьаны аҭынчра рцәыӡуеит. Хаҵеи-ԥҳәыси аус аныруа «сара схатә ԥара сымоуп, уара — уара утәы» ҳәа ахәыцра иахьалаго азы акзаара ҟамлар ауеит. Ус еиԥш иҟоу аилибамкаара ыҟамзаргьы, русуратә аамҭеихшара иахҟьаны дара ишахәҭоу еиԥш изеибамбозаргьы ҟалоит. Лассы-лассы иҟалалоит адунеи ахьынӡа-наӡааӡо абацәа аԥара арҳаразы акыраамҭа — мызла, мамзаргьы шықәсыла — хара ианыҟоу. Уи ауадаҩра ӷәӷәақәа цәырнагар алшоит.

27. Иарбан принципқәоу иҟоу афинанстә уадаҩрақәа змоу аҭаацәарақәа рзы?

27 Иузышьақәыргылом иалкаау аԥҟарақәа арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы ухы шымҩаԥугаша, избанзар аҭаацәарақәа зегьы дара рхатәы уадаҩрақәеи рхатә ҭахрақәеи рымоуп. Аха уеизгьы абиблиатә лабжьара рыцхраар ауеит. Иаҳҳәап Ажәамаанақәа 13:10 аҟны иаарԥшуп аилибамкаарақәа рҽацәырыхьчарц зылшо «еилабжьо» шракәу. Аилабжьара иаанаго ахатә гәаанагара аибыҳәара мацара акәӡам, аха алабжьара аԥшаареи егьи уи азҵаара иазкны игәаанагара аилкаареи роуп. Иара убас ишәнаало абиуџьет шьақәшәыргылар, уи шәыцхраауеит зегьы шәыжәҩахыр еибаркны шәеицхырааларц. Иҟалап хаҵеи-ԥҳәыси рҩыџьагьы ирымоу ахарџь ахҩаразы зны-зынла, мамзаргьы аамҭала ҳәа аусура рықәшәар, еиҳарак аҭаацәараҿы ахәыҷқәа, ма ахылаԥшра зҭаху ауаа ыҟазар. Уи аҩыза аныҟало, ахаҵа иԥҳәыс агәра лиргалароуп лара лзгьы аамҭа шимоу. Ахәыҷқәеи иареи абзиабара аарԥшуа, уаанӡа лхала дзыхьӡоз аусқәа рҿы илыцхраалар рылшоит (Филиппаа 2:1—4).

28. Иарбан гәаларшәароу, уи рхадмыршҭуазар, аҭаацәа акзаара рымазарц ирыцхраауа?

28 Ари адунеи аҿы ауаҩы ԥарада хәарҭа имам, аха уи анасыԥ шузаанамго ухоумыршҭын. Ҳәарада, аԥара аԥсҭазаара унаҭом (Екклезиаст 7:12). Аиашазы аԥара уԥсҭазаараҿы мыцхәы аҭыԥ ааннакылозар, доуҳалеи гәаԥхашәалеи укаҳар улшоит (1 Тимофеи 6:9—12). Шаҟа еиӷьузеи раԥхьа Анцәа Иаҳреи уи иҵабырги аԥшаара, аԥсҭазаараҿы зда ԥсыхәа ҳамам ҳазҳархаларц азы иаҳбо аџьабаа иара дшазылԥхо агәра ганы! (Матфеи 6:25—33; Ауриацәа 13:5). Адоуҳатә интересқәа аԥхьатәи аҭыԥ анааныркыло, насгьы раԥхьа Анцәеи уареи аҭынчра шәыбжьазарц уанашьҭоу, уара иубоит уҭаацәа џьара ак аҿы еилибамкаауазаргьы, уԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадоу аганқәа рҿы акзаара иашаҵәҟьа шшәымазаауа.