Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 1

Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа изыӡырҩра?

Ишԥаҳалшо ҳара Анцәа изыӡырҩра?

Анцәа дҳацәажәоит Абиблиа ала. 2 Тимофеи иахь 3:16

Ииашоу Анцәа деиҷаҳаит иԥшьоу шәҟәык аҟны иара ихәыцрақәа анырҵартә. Ари ашәҟәы Абиблиа ауп. Анцәа иҭахуп уара еилукаарц уаҟа ианҵоу акрызҵазкуа аацҳарақәа.

Анцәа идыруеит ҳара иаҳзеиӷьу. Иара аҟәышра зегьы Дахыҵхырҭоуп. Иара уизыӡырҩлар, уара ииашаҵәҟьаны аҟәышра уоуеит (Ефесаа рахь 1:17; Лука иҟнытә 11:28).

Анцәа иҭахуп дарбанзаалак ауаҩы Абиблиа даԥхьаларц. Уи бызшәа рацәала иҟоуп.

Уара Анцәа уизыӡырҩларц уҭахызар, иухәҭоуп Абиблиа аԥхьареи аилкаареи.

Зехьынџьара ауаа иара иажәақәа ирзыӡырҩуеит. Маҭфеи иҟнытә 28:19 (НМ)

Иегова Ишаҳаҭцәа Абиблиа аилкаара иуцхраарц рылшоит.

Дара адгьыл ахьынӡа-наӡааӡо Анцәа изку аиаша ауаа иддырҵоит.

Ари арҵара хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит. Иара убасгьы Анцәа деилукаарц улшоит Иегова Ишаҳаҭцәа реизарақәа рҟны.