Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 6

Адунеизегьтәи аӡхыҵра. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

Адунеизегьтәи аӡхыҵра. Иаҳнарҵозеи уи ҳара?

Анцәа ауаа цәгьақәа ҭаирхеит, аха Нои иҭаацәеи иареи рыԥсҭазаара еиқәирхеит. 2 Пиотр 2:5, 6

Ҩынҩажәа мши ҩынҩажәа ҵхи ақәа леиуан, насгьы адгьыл зегьы аӡы ахыҵәеит.

Ауаа цәгьақәа зегьы ҭахеит. Амаалықь ҿагылаҩцәа рцәеижь аанрыжьит, идемонцәангьы иҟалеит.

Аковчег иҭаз рыԥсы еиқәхеит. Аамҭақәак рышьҭахь Нои иҭаацәеи иареи шыԥсызгьы, Анцәа урҭ аԥсҭазаарахь ирхынҳәуеит наӡаӡа инхаларац азы.

Анцәа еиҭах ауаа цәгьақәа ықәихуеит, насгьы ибзиоу ауаа рыԥсҭазаара ихьчоит. Маҭфеи иҟнытә 24:37—39

Аҩсҭааи адемонцәеи ауаа ржьара иаҿуп.

Иахьа еиҳараҩык ауаа, Нои ихаан еиԥш, абзиабара зҵоу Иегова инапхгара рыдыркылаӡом. Иаарласны Иегова ауаа цәгьақәа ықәихуеит (Лука иҟнытә 17:26, 27).

Иҟоуп Нои иеиԥшу ауаа. Дара Анцәа изыӡырҩуеит. Урҭ ауаа Иегова Ишаҳаҭцәа роуп.