Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХӘҬА 8

Иаа́нагозеи Иисус иԥсра уара узы?

Иаа́нагозеи Иисус иԥсра уара узы?

Иисус дыԥсит ҳара ҳанхаларц азы. Иоанн иҟнытә 3:16

Иисус данԥсы хымш рышьҭахь, ҳәсақәак идамрахьы ианааи, аӡәгьы дшыҟамыз рбеит. Иегова Иисус иԥсы ҭеиҵеит.

Уи ашьҭахь Иисус иапостолцәа дрызцәырҵит.

Иегова Иисус иԥсҭазаара ирхынҳәит амч ду змоу, ԥсра зқәым доуҳатә шамҭак иеиԥш. Иисус иҵаҩцәа ирбон иара ажәҩанахь дышхалоз.

Анцәа Иисус иԥсы ҭеиҵеит, дагьыҟаиҵеит Аҳас иара Иаҳраҿы. Аартра 11:15

Иисус ауаатәыҩса рҿыхразы иԥсҭазаара ахҭниҵеит (Маҭфеи иҟнытә 20:28). Убри аҿыхра абзоурала Анцәа иҳаиҭоит алшара наӡаӡа анхаразы.

Иегова Иисус адгьыл Аҳас дазикит. Иара анапхгара ицыруеит ииашоу 144 000-ҩык ауаа, ажәҩанахь аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵаз. Иисус, насгьы 144 000-ҩык ишьақәдыргылоит ииашоу жәҩантә ҳәынҭқарра — Анцәа Иаҳра (Аартра 14:1—3).

Анцәа Иаҳра адгьыл џьанаҭны иҟанаҵоит. Уаҳа иҟалом аибашьрақәа, ацәгьоурақәа, аӷарреи амлакреи. Ауаа ииашаҵәҟьаны насыԥ рымазаауеит (Ԥсалом 145:16).