Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 3

Раав Иегова игәра лгон

Раав Иегова игәра лгон

Уааи ҳхаҿы иааганы ҳазхәыцып Иерихо́н ҳаҟазшәа. Ари ақалақь Иегова дхазымҵо ауаа ахьынхо Ханаан адгьыл аҿы иҟоуп. Ара дынхоит Раав захьӡу аԥҳәыс.

Раав даныхәыҷыз илзеиҭарҳәалон Моисе́и Амшын Ҟаԥшь шеиҩишаз, насгьы израильаа Мысра́ ишалигаз. Иара убас лара илаҳахьан Иегова израильаа раӷацәа риааира дышрыцхрааз. Абар лара еилылкаауеит израильаа Иерихон азааигәара ар шдыргылаз.

Раав аԥшыхәыҩцәа лыхьчеит, избанзар Иегова игәра лгон

Хәылбыҽхак ҩыџьа израильаа маӡала Иерихон гәарҭарц ицеит. Арҭ рҩызцәа ауаа аԥшыхәыҩцәа ҳәа ирышьҭоуп. Дара Раав лахь ианнеилак, урҭ лыдылкылоит, аухагьы иаанҿасуеит. Уи ауха Иерихон аҳ иарҳәоит ақалақь аԥшыхәыҩцәа шалалаз, насгьы Раав лҿы ишаангылаз. Усҟан аҳ урҭ ркырц ауаа ишьҭуеит. Раав лыҩны ахыб аҿы ҩыџьа аԥшыхәыҩцәа лҵәахуеит (уи аҭыԥ аҿы аҩнқәа рхыбқәа ҟьаҟьан), насгьы аҳ иааишьҭыз ауаа иралҳәоит: «Ааи, урҭ ахацәа ара иҟан, аха урҭ ақалақь иалҵны ицахьеит. Ирласны шәрышьҭал, шәрыхьӡоит!» Иудыруама уара Раав аԥшыхәыҩцәа зылыхьчо?~ Лара Иегова игәра лгоит, насгьы илдыруеит израильаа ханаантәи адгьыл шриҭо.

Аԥшыхәыҩцәа Раав лҟынтәи идәықәлаанӡа ажәа лырҭеит Иерихон ахырбгалараан лҭаацәеи лареи шеиқәдырхо. Иудыруама уара уи илыдырҵаз?~ Дара ус ларҳәоит: «Бԥенџьыр аҟынтәи ашаха ҟаԥшь кнаҳа. Ус ҟабҵар, быҩны иҟоу ауаа зегь еиқәхоит». Раав аԥшыхәыҩцәа ишларҳәаҵәҟьо иҟалҵоит. Иудыруама анаҩс иҟало?~

Иегова Раав лҭаацәеи лареи еиқәирхеит

Мышқәак рышьҭахь израильаа ҿымҭ, ашьшьыҳәа ақалақь акәшара иалагеит. Фымш рыҩныҵҟа дара есыҽны знык ақалақь иакәшоит. Аха абыжьбатәи амш аҽны ақалақь бжьынтә иакәшоит, насгьы рыбжьы ҭыганы иҳәҳәоит. Усҟан Иегова ақалақь иаакәыршаны иҟоу аҭӡамцқәа еилаҳартә иҟаиҵоит. Аха ашаха ҟаԥшь ахьыкнаҳаз аҩны ааха амоуит. Иубома уи уара асахьаҿы?~ Раав лҭаацәеи лареи еиқәырхоуп!

Иунарҵозеи уара Раав лҿырԥшы?~ Раав Иегова игәра лгон, избанзар уи иҟаиҵахьаз аџьашьахәқәа зегьы лдыруан. Уаргьы иџьашьахәу Иегова иусқәа ртәы еилукаарц улшоит. Игәра угома уара Иегова Раав леиԥш?~ Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ааи шакәу!

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ