Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 4

Лара лаби Иеговеи лыргәырӷьон

Лара лаби Иеговеи лыргәырӷьон

Иарбан ажәоу Иеффаи Иегова ииҭо?

Иеффаи иԥҳа лаб иажәа налыгӡеит, уи шымариамызгьы

Дубома асахьаҿы аӡӷаб?~ Ари Иеффа́и захьӡу ахаҵа иԥҳа лоуп. Абиблиа иҳанаҳәаӡом лара лыхьӡ, аха ҳара иаадыруеит уи лаби Иеговеи шлыргәырӷьоз. Уааи Иеффаи иԥҳаи иареи ҳрабадырып.

Иеффаи даара дуаҩ бзиан, иԥҳагьы Иегова изкны ирацәаны илзеиҭеиҳәон. Иара убасгьы уи дхаҵа ӷәӷәан, насгьы аԥышәа змаз ԥхьагылаҩын. Убри азоуп израильаа изырҭаххаз иара дреиҳабхарц раӷацәа ианрабашьуаз.

Иеффаи Анцәа диҳәеит ижәлар аиааираҿы дрыцхраарц. Иара Анцәа ажәа ииҭоит аиааира ганы дгьежьыр, раԥхьаӡа иҩны идәылҵуа Иегова дышииҭо. Уи ауаҩы иԥсы ҭанаҵы Анцәа иԥшьаныҳәарҭаҿы амаҵ иулар акәхоит. Аԥшьаныҳәарҭа ари усҟантәи аамҭазы Анцәа иахьимҵахырхәоз ҭыԥын. Иеффаи аиааира игеит, уазхәыци! Иудыруама раԥхьаӡа идәылҵыз дызусҭоу иара аҩныҟа даныхынҳә?~

Иԥҳа лакәын! Иара уаҳа ахшара димамызт, уажәшьҭа иԥҳа ианлызҳа, уи лыҩнаҭа аанлыжьыр акәхеит. Иеффаи уи даара ицәыхьанҭан. Аха иухоумыршҭын уи Анцәа ажәа шииҭаз. Иԥҳа иаразнак иалҳәеит: «Саб, Иегова ажәа иуҭазар, уи наугӡар ауп».

Есышықәса Иеффаи иԥҳа лҩызцәа лбара инеиуан

Иеффаи иԥҳагьы илцәыцәгьан, избанзар лара илдыруан аԥшьаныҳәарҭаҿы амаҵ зуаз хаҵа ишымцоз, ахшарагьы шырмоуаз. Аха лара даара илҭахын лаб иажәа налыгӡарц, насгьы Иегова длыргәырӷьарц. Ари лара лзы еиҳа ихадан ахаҵацара аасҭа. Убри азоуп лыҩны ааныжьны, лыԥсы ахьынӡаҭаз аԥшьаныҳәарҭаҿы дзынхоз.

Угәы ишԥаанаго, иаргәырӷьозма лара иҟалҵаз Иеговеи лаби?~ Ҳәарада! Иеффаи иԥҳа леиԥш Иегова уизыӡырҩуазар, насгьы бзиа дубозар, уаргьы иулшоит Иеговеи уҭаацәеи рыргәырӷьара.

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ