Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АУРОК 6

Давид акгьы дацәшәаӡомызт

Давид акгьы дацәшәаӡомызт

Иҟауҵозеи уара акы уанацәшәо?~ Иҟалап уара уани уаби рахь уҩуазар. Аха дыҟоуп ацхыраара узҭар зылшо даҽаӡәы. Уи адунеи аҿы зегь раасҭа дыӷәӷәоуп. Иудыруама уи дызусҭоу?~ Ари Анцәа Иегова иоуп. Уажәшьҭа уааи Давид захьӡыз арԥыс ҳихцәажәап. Абиблиа уи иӡбахә аҳәоит. Иара идыруан Иегова ианакәзаалакгьы дышицхраауаз, убри аҟынтә акгьы дацәшәомызт.

Давид иани иаби дшыхәыҷӡаз инаркны Иегова бзиа дышбатәу идырҵон. Уи ашәарҭа данҭагылоу дымшәаларц ицхраауан. Давид идыруан Иегова Иҩыза шиакәу, насгьы еснагь ицхраара дшазхиоу. Ҽнак зны Давид ауасақәа шихьчоз, алым аацәырҟьан, уасак аашьҭнаԥааит! Иудыруама Давид иҟаиҵаз? Алым даҿалан ишьит, бџьарда дшыҟазгьы! Даҽазны ауасақәа амшә анрыжәла, Давид убригь ишьит. Угәы ишԥаанаго, ицхраауадаз Давид?~ Ҳәарада, Иегова.

Ҽнак зны Давид агәымшәара ду ааирԥшит. Израильаа филистимаа ҳәа захьӡыз ажәлар ирабашьуан. Филистимтәи аруаа рыбжьара дыҟан даараӡа зоура дууз аӡәы — адауаԥшь! Уи Голиа́ф ихьӡын. Иара израильтәи аруааи Иеговеи дырхыччон. Голиаф израильаа ирылеиҳәеит иабашьразы ицәырҵырц, аха зегь ицәшәон. Давид ари аниаҳа, Голиаф ус иеиҳәоит: «Сара суабашьуеит! Иегова дсыцхраауеит уара уиааира!» Угәы ишԥаанаго, илазма Давид агәымшәара?~ Ааи. Иудыруама анаҩс иҟалаз?

Давид ахаҳә аршәгеи иџьаџьам хә-хаҳәки иманы Голиаф диԥылоит. Голиаф Давид дышқәыԥшыз аниба, дихыччо далагоит. Аха Давид иара ус иеиҳәоит: «Уара а́ҳәа уманы сара усҿагылоит, аха сара Иегова ихьӡ ала уара суҿагылоит!» Давид ахаҳә аршәга ахаҳә нагәылеиҵан, ирууааӡа адауаԥшь ианигәыдиҵа, илахьҵәҟьа иаахеит! Уи акәхеит, Голиаф дыԥсны Давид дҩаимҵаҳаит! Филистимаа ари анырба, ишәан, еибарыҩны ицеит. Ишԥаилшеи иқәыԥшыз Давид адауаԥшь ииааира?~ Уи Иегова дицхрааит. Иегова адауаԥшь иаасҭа дыӷәӷәоуп!

Давид дшәаӡомызт, избанзар Иегова диқәгәыӷуан

Иаҳнарҵозеи ҳара Давид иҭоурых?~ Иегова зегь раасҭа дыӷәӷәоуп, насгьы Уҩыза иоуп. Убри аҟынтә уара узыцәшәо ак ҟалар, иухоумыршҭын Иегова агәымшәара аарԥшра дышуцхраауа!

ШӘАԤХЬА ШӘБИБЛИАҾЫ

  • Ԥсалом 56:3, 4

  • 1 Самуил 17:20—54