Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Игәы иҭеикзеи Анцәа ҳара ҳзы?

Игәы иҭеикзеи Анцәа ҳара ҳзы?

ШӘАРА агазеҭқәа шәанрыԥхьо, ателевизор шәанахәаԥшуа, мамзаргьы арадио шәаназыӡырҩуа ижәбоит, насгьы ишәаҳауеит ирацәаны ацәгьоурақәеи, аибашьрақәеи, атерроризми шыҟоу. Уи инеиҳангьы, шәара шәхатә уадаҩрақәа шәымазар алшоит, иҟалап шәычмазаҩызар, мамзаргьы даара ишәзааигәаз аӡәы дыԥсызар.

Шәхы шәазҵаа:

  • Иҭахызма Анцәа сҭаацәеи сареи ҳзы абри аҩыза аԥсҭазаара?

  • Исыцхраар алшозеи сыуадаҩрақәа рыӡбара?

  • Иҟалома знымзар-зны адунеи аҿы ииашаҵәҟьоу аҭынчра?

Абиблиаҿы иануп арҭ азҵаарақәа рҭак.

АБИБЛИАҾЫ ИАНУП АНЦӘА АДГЬЫЛ АҾЫ АԤСАХРА ДУҚӘА ШЫҞАИҴО

  • Ауаа уаҳа ичмазаҩхалаӡом, иажәлаӡом, насгьы иԥслаӡом (Аатра 21:4)

  • «Ицыркьуа ашьабысҭа еиԥш дышьҭыԥалоит» (Исаиа 35:6)

  • «Алашәцәа рыблақәа аатуеит» (Исаиа 35:5)

  • Иԥсхьоу рыԥсы ҭаҵахоит (Иоанн 5:28, 29)

  • Аӡәымзар-аӡәгьы дычмазаҩхаӡом (Исаиа 33:24)

  • Адгьыл иқәынхало зегьы меигӡарахда афатә роуеит (Аԥсалом 72:16)

ШӘЫЗҴААРАҚӘА РҬАК АБИБЛИАҾЫ ИШӘЫԤШААЛА

Азныказы шәара шәгәы иаанагар алшоит раԥхьатәи адаҟьақәа рҿы шәзыԥхьаз алакә иеиԥшуп ҳәа. Аха Анцәа агәра ҳиргоит иара иаарласны адгьыл аҿы арҭ аԥсахрақәа шыҟаиҵо. Абиблиа аҟынтә уи шыҟаиҵо еилаҳкаар ҳалшоит.

Аха Абиблиа аҭҵаара хәарҭас иаҳзаанаго уи мацара акәӡам. Уи иҳаилнаркаауеит уажәнатә аԥсҭазаара ҳалагәырӷьаларц, насгьы насыԥ ҳамазарц азы иҟаҳҵар ҳалшо. Шәрызхәыц шәгәы иҵхо азҵаарақәа. Иҟалап урҭ аԥареи, шәҭаацәареи, шәгәабзиареи ирыдҳәалазар. Мамзаргьы ишәзааигәоу аӡәы дышәцәыԥсызар ҟалоит. Абиблиа абарҭ ауадаҩрақәа рыхгара ишәыцхраар алшоит, уи инеиҳангьы, агәҭынчра аиура ишәыцхраауеит, избанзар абас еиԥш иҟоу ихадоу азҵаарақәа рҭак шәнаҭоит, иаҳҳәап:

Шәара ари ашәҟәы шәахьаԥхьо иаанарԥшуеит Абиблиа иану еилышәкаарц шышәҭаху. Ари ашәҟәы уи аҿы ишәыцхраауеит. Абзацқәа рҿы иаагоу азҵаарақәа рыбзоурала Абиблиа еиӷьны аилкаара шәылшоит. Миллионҩыла ауаа иргәаԥхоит Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара. Ҳара агәра ҳгоит уи шәаргьы ишышәгәаԥхо. Анцәа дышәзылԥхааит, насгьы Абиблиа ишәнарҵо аилкаара дшәыцхрааит!