Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 4

Дызусҭада Иисус Христос?

Дызусҭада Иисус Христос?

1, 2. а) Шәара еицырдыруа уаҩык ихьӡу жәдыруазар, ишәҳәар шәылшома уи ибзианы дыжәдыруеит ҳәа? Иҳаилшәыркаа. б) Иарбан гәаанагарақәоу ауаа ирымоу Иисус изкны?

ИАХЬА адунеи аҿы ирацәоуп зегьы еицырдыруа ауаа. Иҟалап шәара ԥыҭҩык ирыхьӡу жәдыруазар. Аха аӡәы ихьӡ жәдыруазар, уи ибзианы дыжәдыруеит ҳәа аанагаӡом. Иҟалап шәара уи иԥсҭазаашьоу, насгьы дзеиԥшраҵәҟьоу шәзымдыруазар.

2 Иисус Христос адгьыл аҿы данынхоз ашьҭахь 2 000 шықәса раҟара шыҵхьоугьы, шәара уи иӡбахә шәаҳахьазар ауеит. Аха шьоукы Иисус иӡбахә шраҳахьоугьы, уи дызусҭаҵәҟьаз рыздырӡом. Џьоукы ирҳәоит уи дуаҩ бзиан ҳәа, даҽа шьоукы дԥааимбарын ҳәа, егьырҭ уи Дынцәоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Дызусҭадаз Иисус шәара шәгәанала? (Шәахәаԥш Ацҵа 12.)

3. Избан изхадоу Анцәеи Иисуси ирызку аҵабырг адырра?

3 Иисус изку аҵабырг адырра даара ихадоуп. Избан? Абиблиа иануп: «Наӡаӡатәи ԥсҭазаарас иҟоу Уара, иаӡәу Анцәа иаша удырреи Уара Иааушьҭыз Иисус Христос идырреи роуп» (Иоанн 17:3). Ааи, шәара Иеговеи Иисуси ирызку аҵабырг жәдыруазар, наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы шәынхалар шәылшоит (Иоанн 14:6). Уи адагьы, Иисус иреиӷьу аҿырԥшы ҳзынижьит, иара иаҳирбеит аԥсҭазаараҿы ихадаҵәҟьоу, насгьы ауаа ишрызныҟәалатәу (Иоанн 13:34, 35). Актәи ахаҿы ҳара еилаҳкааит Анцәа изку аҵабырг. Уажәы еилаҳкаауеит Иисус изкны Абиблиа иану.

МЕССИА ДҲАԤШААИТ!

4. Ҵакыс ирымоузеи ажәақәа «Мессиа», насгьы «Христос»?

4 Иисус диаанӡа акыршықәса шыбжьаз Абиблиа ианын Иегова Мессиа, мамзаргьы Христос, адгьыл ахь дшааишьҭуа. Ажәа «Мессиа» ауриа бызшәаҟынтә иаауеит, «Христос» — абырзен бызшәаҟынтә. Арҭ ажәақәа иаадырԥшуеит Анцәа Мессиа иҷыдоу адҵа анагӡаразы дшалихыз. Мессиа Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегь наигӡоит. Уи инеиҳангьы, шәара еилышәкаауеит иара адгьыл аҿы даныҟаз иҟаиҵаз уажәнатә ахәарҭа шәзаанагар шалшо. Аха Иисус диаанӡа аӡәырҩы ргәы иҵхон азҵаара: «Дызусҭахода Мессиа?»

5. Агәра ганы иҟазма Иисус иҵаҩцәа иара Мессиа шиакәыз?

5 Иисус иҵаҩцәа изқәыргәыӷыз Мессиа дшырыԥшааз агәра ганы иҟан (Иоанн 1:41). Иаҳҳәап, Симон Пиотр Иисус иеиҳәеит: «Уара Христос уоуп» (Матфеи 16:16). Избан Иисус Мессиа шиакәу агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо?

6. Дышԥарыцхрааи Иегова згәы цқьоу ауаа Мессиа дызусҭоу аилкаара?

6 Иисус диаанӡа Анцәа иԥааимбарцәа Мессиа изкны ирҩыз даара ирацәан. Урҭ аԥааимбаражәақәа рыбзоурала ауаа Мессиа дызусҭахо еилыркаар рылшон. Ишԥа? Шәхаҿы иаажәг ауаа рацәа ахьыҟоу авокзал аҿы ишәзымдыруа ауаҩы шәиԥыларц ишәыҳәазшәа. Уи дзеиԥшроу, ишәу-ихоу шәарҳәар, ҳәарада, иԥшаара шәзымариахоит. Убас еиԥшҵәҟьа Иегова аԥааимбарцәа рыла иҳәеит Мессиа дзеиԥшрахо, иарбан усу уи инаигӡало, насгьы иарбан хҭысқәоу иԥсҭазаараҿы иҟало. Урҭ аԥааимбаражәақәа зегь ахьынаӡаз абзоурала згәы цқьоу ауаа Иисус Мессиа шиакәу еилыркаар рылшоит.

7. Иарбан ҩ-ԥааимбаражәақәоу Иисус Мессиа шиакәу шьақәзырӷәӷәо?

7 Абар урҭ рахьтә ҩ-ԥааимбаражәак. Актәи, Иисус диаанӡа 700 шықәса шыбжьаз Михеи иҳәеит Мессиа ақалақь хәыҷ Вифлеем аҿы дираны дшыҟаз (Михеи 5:2). Убасҵәҟьа иагьыҟалеит! (Матфеи 2:1, 3—9). Аҩбатәи, аԥааимбар Даниил иҳәеит Иисус 29 шықәса ҳ. ҳ. азы дшаауа (Даниил 9:25). Ҳара еилҳаргеит Иисус Мессиа шиакәу шьақәзырӷәӷәо хыԥхьаӡара змам аԥааимбаражәақәа рҟынтә ҩ-ԥааимбаражәа заҵәык. (Шәахәаԥш Ацҵа 13.)

Иисус иҽанӡааих Мессиа, мамзаргьы Христос, иакәхеит

8, 9. Ишьақәзырӷәӷәазеи Иисус иҽанӡааихуаз аҽны иара Мессиа шиакәу?

8 Иегова ихаҭа ишьақәирӷәӷәеит Иисус Мессиа шиакәу. Анцәа Иоанн Аӡӡаахҩы агәра ииргеит Мессиа дызусҭоу аилкаара ицхраауа адырга шииҭо. 29 шықәса ҳ. ҳ. азы Иисус иҽӡааихырц азы Иордантәи аӡиас ахь даннеи Иоанн уи адырга иоуит. Абиблиаҿы иануп: «Иисус иҽӡаахны аӡы данааҭыҵ, абар, жәҩангәашәԥхьара изаатит, ибеит Анцәа Идоуҳа, аҳәыҳә ԥшра аманы, Иара ишҟа илбаауаны. Иагьгеит, убасҟан, ажәҩан ахьтә абжьы: „Абри Иоуп Бзиа избо, Сгәахәара Злоу Сара Сԥа“» (Матфеи 3:16, 17). Иоанн ари аниба, насгьы Анцәа ибжьы аниаҳа Иисус Мессиа шиакәыз еиликааит (Иоанн 1:32—34). Убри аҽны Иисус Анцәа идоуҳа аниоу нахыс иара Мессиа иакәхеит. Уи Анцәа Аҳас, насгьы Напхгаҩыс иалихыз иакәхеит (Исаиа 55:4).

9 Абиблиатә ԥааимбаражәақәа, Иегова ихаҭа ииҳәаз ажәақәа, насгьы Иоанн Аӡаахҩы иибаз адырга,— абарҭқәа зегьы Иисус Мессиа шиакәу шьақәдырӷәӷәоит. Аха дабантәиааи иара, насгьы иарбан ҟазшьақәоу иааирԥшуаз? Шәааи уи иазкны Абиблиа иану ҳахәаԥшып.

ДАБАНТӘИААИ ИИСУС?

10. Ианузеи Абиблиа Иисус адгьыл ахь даанӡа дахьыҟаз иазкны?

10 Абиблиаҿы иануп Иисус адгьыл ахь даанӡа акыраамҭа ажәҩан аҿы дшынхоз. Аԥааимбар Михеи иҳәеит Мессиа жәытә-натә аахыс дшыҟаз (Михеи 5:2). Иисус ихаҭагьы иҳәон адгьыл аҿы ауаҩ иеиԥш диаанӡа ажәҩан аҿы дшынхоз. (Шәаԥхьа Иоанн 3:13; 6:38, 62; 17:4, 5.) Иара адгьыл ахь даанӡагьы Иеговеи иареи иҷыдоу аизыҟазаашьақәа рыбжьан.

11. Избан Иегова Иисус даараӡа бзиа дзибо?

11 Иегова Иисус даараӡа бзиа дибоит. Избан? Избанзар иара зегь раԥхьаӡа дишеит. Убри аҟынтә Иисус «зегь раԥхьаӡа ишаз» ҳәа изҳәоуп * (Кәаласаа рахь 1:15, АдҾ). Уи адагьы, иара уи ихала дишеит, аӡәгьы дицхраауамызт. Убри азоуп иара «Анцәа Ихшаазаҵә» зихьӡу (Иоанн 3:16). Иара убас егьырҭ ашамҭақәа ршара Иегова ицхраауаз Иисус заҵәык иоуп (Кәаласаа рахь 1:16). Уи инеиҳангьы, Абиблиаҿы «Ажәа» ҳәа зызҳәоу Иисус заҵәык иоуп, избанзар иара ила Иегова амаалықьцәеи ауааи драцәажәон, насгьы анапхгара риҭон (Иоанн 1:14).

12. Иабантәиҳдыруеи Анцәеи Иисуси аӡә шракәым?

12 Шьоукы ргәы иаанагоит Анцәеи Иисуси аӡә роуп ҳәа. Аха Абиблиа иаҳнарҵо уи акәӡам. Уа иануп Иисус дшан ҳәа, ус анакәха, Анцәа дишаанӡа иара дыҟамызт. Аха Зегьзшаз Иегова еснагь дыҟан (Аԥсалом 90:2). Анцәа Иԥа иеиԥш Иисус ахаангьы дагьазхәыцуамызт Анцәа иҭыԥ аанкылара. Абиблиаҿы еилыкка иануп Аб Аԥа иаасҭа дшеиҳау. (Шәаԥхьа Иоанн 14:28; 1 Коринфаа рахь 11:3.) «Зегьзымчу Анцәа» Иегова заҵәык иоуп (Аҟазаара 17:1). Дгьыли-жәҩани рҿы иара иеиҳау, насгьы иара иаасҭа амчра змоу аӡәгьы дыҟам. (Шәахәаԥш Ацҵа 14.)

13. Избан Абиблиаҿы Иисус «уаҩы ибарҭам Анцәа дихаҿроуп» ҳәа зизҳәоу?

13 Иегова ажәҩани адгьыли ишаанӡа Иԥа Иисуси иареи миллиард шықәсала рыжәҩахыр еибыҭаны аус еицыруан. Урҭ даараӡа бзиа еибабоит! (Иоанн 3:35; 14:31). Иисус Иаб иҟазшьақәа даараӡа ибзианы иааирԥшуан, убри аҟынтә Абиблиаҿы «Уи — уаҩы ибарҭам Анцәа дихаҿроуп» ҳәа изҳәоуп (Кәаласаа рахь 1:15).

14. Диир шԥалшоз Анцәа Иԥа ауаҩ иеиԥш?

14 Иегова бзиа иибо Иԥа дазхиан ажәҩан ааныжьны адгьыл аҿы ауаҩ иеиԥш аира. Аха иҟалар шԥалшоз уи аҩыза? Иегова аџьашьахәы ҟаиҵеит. Иара Иԥа иԥсҭазаара аҭаацәара иаламлацыз Мариа лымгәарҭахьы ииаигеит. Уи абзоурала Иисус абыда диир илшон. Убас ала Мариа агәнаҳа змамыз, инаӡаз ахәыҷы длоуит, уи Иисус ихьӡылҵеит (Лука 1:30—35).

ИАРБАН ҞАЗШЬАҚӘОУ ИИСУС ИААИРԤШУАЗ?

15. Ишԥашәылшо Иегова еиӷьны деилышәкаар?

15 Матфеии, Марки, Лукеи, Иоанни рышәҟәқәа Иисус иԥсҭазаареи иҟазшьақәеи ирызкны иҳарҳәо рацәоуп. Арҭ аԥшь-шәҟәык Аевангелиеқәа ҳәа ирышьҭоуп. Иисус Иаб диҿыԥшуан, убри аҟынтә урҭ ашәҟәқәа ҳанрыԥхьо Иегова изкынгьы еилаҳкаауа рацәоуп. Иисус иҳәар илшон: «Сара сызбахьоу Сабгьы дибахьеит» (Иоанн 14:9).

16. Иарбан жәабжь хадоу Иисус ауаа идирҵоз? Иабантәиааигоз иара уи?

16 Имаҷҩымкәа ауаа Иисус «Арҵаҩы» ҳәа иарҳәон (Иоанн 1:38; 13:13). Зегь раԥхьаӡа иргыланы иара ауаа идирҵоз Аҳра иазку ажәабжь бзиа акәын. Аха иарбан Аҳроу уи зыӡбахә иҳәоз? Уи Анцәа ажәҩан аҿы ишьақәиргылаз адгьыл зегь напхгара азызуло, насгьы Анцәа изыӡырҩуа ауаа зегьы азылԥхарақәа рзаазго напхгароуп (Матфеи 4:23). Иисус ауаа идирҵоз зегьы Иегова иеиҳәоз акәын. Иара иҳәеит: «Сара идсырҵауа Сара истәым, уи Сара Саазышьҭыз итәуп» (Иоанн 7:16). Иисус идыруан Иегова ишиҭахыз ауаа ирдыруазарц Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа, насгьы уи адунеи зегь напхгара шазнауло.

17. Иабадирҵоз Иисус ауаа аҵара? Избан иара ауаа рырҵаразы имч дзамеигӡоз?

17 Иабадирҵоз Иисус ауаа аҵара? Зехьынџьара. Ақалақьқәа, ақыҭақәа, асинагогақәа, ауахәама, аџьармыкьақәа, насгьы ахатә ҩынқәа рҿы. Иисус дазыԥшӡамызт ауаа иара иахь инеиуеит ҳәа, иара ихаҭа урҭ рахь дцон (Марк 6:56; Лука 19:5, 6). Иисус ауаа рырҵаразы иаамҭеи имчи дреигӡомызт. Избан? Избанзар идыруан Анцәа ишиҭахыз иара ус ҟаиҵаларц. Иисус еснагь Иаб иҳәатәы хеиҵон (Иоанн 8:28, 29). Иара убас Иисус ауаа рыцҳаишьон, уигьы ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәара игәазҭанаҵон. (Шәаԥхьа Матфеи 9:35, 36.) Иара ибон адиннапхгаҩцәа ауаа ишыддмырҵоз Анцәа Иаҳреи иареи ирызку аҵабырг. Убри аҟынтә иара иҭахын иахьынӡаилшоз ирацәаҩны ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәарц.

18. Иарбан Иисус иааирԥшуаз ҟазшьоу шәара еиҳарак ижәгәаԥхо?

18 Иисус ауаа бзиа ибон, насгьы дрыцхраауан. Иара дразын, иацәажәара мариан. Ахәыҷқәаҵәҟьагьы бзиа ирбон Иисус иацәажәара (Марк 10:13—16). Иара убас Иисус ахаан ииашамкәа ихы мҩаԥигомызт, ахаан аҵарҭыша игомызт, насгьы аиашамра ицәымӷын (Матфеи 21:12, 13). Иара ихаан аҳәса ҳаҭыр рықәырҵомызт. Аха Иисус урҭ рыпату ахаан илаирҟәуамызт (Иоанн 4:9, 27). Уи инеиҳангьы, Иисус ииашаҵәҟьоу ахынраалара илан. Иаҳҳәап, зны иара амаҵуҩцәа инарыгӡоз аус ҟаиҵеит — иапостолцәа ршьапқәа иӡәӡәеит (Иоанн 13:2—5, 12—17).

Иисус ауаа ахьыҟаз зехьынџьара ажәабжь иҳәон

19. Иаҳзырбозеи Иисус ауаа зызгәаҟуаз шидыруаз, насгьы урҭ дрыцхраарц шиҭахыз?

19 Иисус идыруан ауаа ииашаҵәҟьаны изызгәаҟуаз, убри аҟынтә дрыцхраар иҭахын. Иара Анцәа иҟынтә имаз амч ауаа ихәышәтәларц азы ихы иаирхәон (Матфеи 14:14). Иаҳҳәап, ацәеилабаара зыхьуаз хаҵак Иисус иахь днеины иҳәеит: «Иуҭахызар сцәацқьатәра улшоит». Иисус уи ауаҩы ихигоз агәаҟрақәа данрызхәыц игәы ихьит. Иара уи даараӡа дрыцҳаишьеит, насгьы дицхраарц иҭаххеит. Убри аҟынтә дилакьысын иҳәеит: «Исҭахуп, уцқьахааит». Уи ауаҩгьы дыцқьахеит! (Марк 1:40—42). Шәхаҿы ишәзаагома уи ахаҵа шаҟа дгәырӷьоз?

ЕСНАГЬ ИАБ ДИЗИАШАН

20, 21. Избан Анцәа ишизыӡырҩлатәу аганахь ала Иисус иреиӷьу аҿырԥшы ҳзынижьит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

20 Анцәа ишизыӡырҩлатәу аганахь ала Иисус зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳзынижьит. Дзықәшәозаалакгьы, насгьы иаӷацәа иҟарҵозаалакгьы, иара Иаб дизиашан. Иаҳҳәап, Иисус Иаб дизиашаны даанхеит Аҩсҭаа данхихуаз (Матфеи 4:1—11). Иисус иуацәаҵәҟьагьы ихарҵомызт иара Мессиа шиакәыз, дара Иисус деилаԥсеит ҳәа рҳәон, аха иара уеизгьы Анцәа идиҵоз аус анагӡара даҟәыҵуамызт (Марк 3:21). Иаӷацәа гәымбылџьбарала ианизныҟәозгьы, Иисус Анцәа дизиашаны даанхон, насгьы урҭ ацәгьа рзура дашьҭамызт (1 Пиотр 2:21—23).

21 Иисус дыргәаҟны даныршьуазгьы иара Иегова дицәхьамҵит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 2:9.) Шәазхәыц данԥсуаз аҽны иара ихигаз. Раԥхьа Иисус иаӷацәа дыргеит, анаҩс Анцәа дирџьоит ҳәа мыцла ахара идырҵеит, насгьы аҵарҭыша агара бзиа избоз аӡбаҩцәа ашьра иқәырҵеит. Иара убас ажәлар ихыччон, римтәи аруаа ддыргәаҟуан, аҵыхәтәаны ашьаҟа дкыдырҵеит. Иԥсы анихшәоз аамҭазы иара ибжьы ҭыганы иҳәеит: «Инаӡеит» (Иоанн 19:30). Хымш рышьҭахь Иегова Иисус адоуҳатә шамҭа еиԥш иԥсы ҭеиҵеит (1 Пиотр 3:18). Мчыбжьқәак рышьҭахь, Иисус ажәҩан ахь дхынҳәит, насгьы Анцәа Аҳас даныҟаиҵо аамҭа дазыԥшны «иарӷьараҿ дидтәалт» (Ауриацәа рахь 10:12, 13).

22. Иарбан лшароу иҳамоу Иисус Иаб дизиашаны дахьаанхаз абзоурала?

22 Иисус Иаб дизиашаны дахьаанхаз абзоурала, ҳара иҳалшоит Анцәа раԥхьаӡа игәы ишҭеикыз еиԥш наӡаӡа џьанаҭ дгьыл аҿы ҳанхалар. Анаҩстәи ахаҿы еилҳаргоит абри азҵаара: «Ишԥаҳалшо наӡаӡа анхара Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала

^ 11 абз. Иегова Аб ҳәа изҳәоуп, избанзар иара Ҳазшаз иоуп (Исаиа 64:8). Иисус Анцәа Иԥа ҳәа изҳәоуп, избанзар уи дызшаз Анцәа иоуп. Амаалықьцәагьы Адамгьы Анцәа иԥацәа ҳәа рызҳәоуп (Иов 1:6; Лука 3:23, 38).