Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 9

Иааигәоума адунеи аҵыхәтәа?

Иааигәоума адунеи аҵыхәтәа?

1. Иабантәиҳдыруеи ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу?

«АДУНЕИ еицәаханы уаҳа иабоуго?» — иҟалап абри аҩыза азҵаара шәызцәырҵуазар, ажәабжьқәа шәанрыхәаԥшуа ашьҭахь. Арыцҳарақәеи агәаҟрақәеи адунеи иахыҵәеит аҟынтә, шьоукы адунеи аҵыхәтәа ааигәазар ҟалап ҳәа ихәыцуеит. Иааигәаҵәҟьома адунеи аҵыхәтәа? Иҳалшома ҳара ҳаԥхьаҟа иҟало аилкаара? Ааи. Анцәа Иегова ауаа ирзымдыруа идыруеит, идыруеит ҳаԥхьаҟа иҟало, насгьы адгьыл иаԥеиԥшу. Иара уи ҳаиҳәоит Иажәа Абиблиа ала (Исаиа 46:10; Иаков 4:14).

2, 3. Еилыркаарц ирҭахызи Иисус иҵаҩцәа, насгьы ҭакс ириҭазеи иара?

2 Абиблиаҿы иануп адунеи аҵыхәтәа шааиуа. Аха уи иаанагаӡом Адгьыл ықәӡаауеит ҳәа, иқәӡаауа ацәгьара ауп. Иисус Христос иҳәон Анцәа Иаҳра адгьыл зегь напхгара шазнауло (Лука 4:43). Иисус иҵаҩцәа еилыркаар рҭахын Анцәа Иаҳра напхгара аура ианалаго, убри аҟынтә иазҵааит: «Иҳаҳә, ианбаҟалои убри? Уара уаарагьы, аамҭа аиасрагьы дыргас ироураны иҟои?» (Матфеи 24:3). Иисус арыцхә имҳәаӡеит, аха аҵыхәтәа ааиаанӡа аԥсҭазаара зеиԥшрахо, насгьы иҟало ахҭысқәа реиҳәеит. Урҭ ахҭысқәа иахьа ҳаблала иаҳбоит.

3 Ари ахаҿы ҳара еилҳаргоит адунеи аҵыхәтәа зынӡа ианааигәоу аамҭазы ҳшынхо узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа. Аха раԥхьа еилаҳкаароуп ажәҩан аҿы иҟаз аибашьра аӡбахә, уи ҳацхраауеит адгьыл аҿы аԥсҭазаара абас изыцәгьахаз аилкаара.

АЖӘҨАН АҾЫ АИБАШЬРА

4, 5. а) Иҟалазеи ажәҩан аҿы Иисус Аҳас даныҟала ашьҭахь? б) Иҟалазеи адгьыл аҿы Аҩсҭаа ажәҩан аҟынтә данылбаашьҭха ашьҭахь, Аатра 12:12 иану инақәыршәаны?

4 Аабатәи ахаҿы ҳара еилаҳкааит 1914 шықәсазы Иисус ажәҩан аҿы Аҳас дшыҟалаз (Даниил 7:13, 14). Аатра ашәҟәы иҳанаҳәоит ажәҩан аҿы иҟалаз ахҭысқәа рыӡбахә: «Абри аамҭазы ажәҩан аҟны еибашьрахеит: ганкахьала аибашьра иалахәын Михаил [Иисус] * Имаалықьцәеи иареи, егьи аганахь — агәылшьап [Аҩсҭаа], иара амаалықьцәа аваргыланы». Аҩсҭаа идемонцәеи иареи аибашьра иаҵахеит аҟынтә, адгьыл ахь илбаашьҭын. Шәхаҿы иаажәг амаалықьцәа шаҟа игәырӷьоз! Аха адгьыл аҿы ауаа уи агәаҟрақәа рзаанагеит. Избан? Избанзар Аҩсҭаа идыруеит «изынхаз аамҭа шмаҷу», убри аҟынтә иԥсахы еибакны дыҟоуп (Аатра 12:7, 9, 12).

5 Аџьныш адгьыл зегьы агәаҟрақәеи ацәгьарақәеи рыла ирҭәырц даҿуп. Иара иԥсахы еибакны дыҟоуп, избанзар идыруеит иҵыхәтәа шааигәоу, иаарласны Анцәа дшықәиго. Шәааи ҳахәаԥшып Иисус аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкны ииҳәаз. (Шәахәаԥш Ацҵа 23.)

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА

6, 7. Ишԥанаӡо аибашьрақәеи амлакреи ирызкны Иисус ииҳәаз ажәақәа?

6 Аибашьрақәа. Иисус иҳәеит: «Ажәлари ажәлари, аҳреи аҳреи еиҿагылашт» (Матфеи 24:7). Ҳаамҭақәа рзы аибашьрақәа рҿы шаҟаҩы ҭахаз аҟара ахаан иҭамхацызт. Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа ҭызҵаауа аорганизациа излаҳәо ала, 1914 шықәса инаркны аибашьрақәа рҿы шә-миллионҩык инареиҳаны ауаа ҭахеит. Шәышықәса рыҩныҵҟа (1 900 шықәса инаркны 2 000 шықәса рҟынӡа) аибашьрақәа ирыхҟьаны иԥсыз ауаа рхыԥхьаӡара актәи ашәышықәса инаркны 19-тәи ашәышықәсанӡа аибашьрақәа рҿы иԥсыз раасҭа хынтә еиҳахеит. Шәазхәыц шаҟа гәырҩеи гәаҟреи аибашьрақәа иааргаз!

7 Амлакра. Иисус иҳәеит «амлашьрақәа» шыҟало (Матфеи 24:7). Иахьа афатә меигӡарахда ишыҟоугьы, аӡәырҩы ауаа ирфаша рымам. Избан? Избанзар дара уи аархәарц азы аԥара рымам, мамзаргьы рхала ак аадрыхырц азы адгьыл рымам. Миллиардҩык инареиҳаны мышкы ирфаша аархәарц азы долларк аасҭа еиҵаны ирыздырхароуп. Агәабзиарахьчара иазку адунеизегьтәи аорганизациа излаанацҳауа ала, есышықәса миллионҩыла ахәыҷқәа ԥсуеит, еиҳарак амлакра иахҟьаны.

8, 9. Иаҳзырбозеи адгьылҵысрақәеи ачымазарақәеи ирызку Иисус иажәақәа шынаӡо?

8 Адгьылҵысрақәа. Уи адагьы, Иисус иҳәеит «адгьылҵысра дуқәа» шыҟало (Лука 21:11). Аҵарауаагьы уи шьақәдырӷәӷәоит. Дара ирҳәоит есышықәса адгьылҵысра ӷәӷәақәа шыҟалало. 1 900 шықәса инаркны адгьылҵысрақәа ирыхҟьаны ҩ-миллионҩык инареиҳаны ауаа ҭахахьеит. Уажәы атехнологиақәа уаанӡа аасҭа еиҳа еиӷьыртәит, аха уеизгьы адгьылҵысрақәа ирыхҟьаны ауаа аԥсра иаҿуп.

9 Ачымазарақәа. «Ачымазарақәа ҟалашт»,— иҳәеит Иисус. Ачымазара ӷәӷәақәа ирласны адунеи иалаҵәоит, урҭ ирыхҟьаны аӡәырҩы аԥсра иаҿуп (Лука 21:11). Аҳақьымцәа ачымазарақәа жәпакы рыхәышәтәышьа рҵеит, аха хәышәтәышьа змам ачымазарақәа уеизгьы иҟоуп. Хыҵхырҭак излаҳәо ала, есышықәса ауаа абарҭ реиԥш иҟоу ачымазарақәа ирыхҟьаны иԥсуеит: акьыба, агәыхь, атуберкулиоз, амалиариа, ахолера. Аха уи адагьы аҳақьымцәа ирҳәоит есааира иҿыцу ачымазарақәа шцәырҵуа. Аҵыхәтәантәи 40 шықәса рыҩныҵҟа иҿыцу 30 чымазара цәырҵит, урҭ рҟынтә чымазарақәак хәышәтәышьа рымам.

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА РЗЫ АУАА ЗЕИԤШРАХО

10. Ишԥанаӡо иахьа 2 Тимофеи иахь 3:1—5 иану ажәақәа?

10 Абиблиа иануп «аҵыхәтәантәи амшқәа ихьанҭоу аамҭақәахоит» ҳәа (2 Тимофеи иахь 3:1—5). Апостол Павел иҳәеит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аӡәырҩы ауаа рхы шымҩаԥыргало. Абар иара еиқәиԥхьаӡаз ҟазшьақәак:

  • ауаа рхы-рыԥсы иашьҭалоит

  • аԥара бзиа ирбалоит

  • изхылҵыз ирзымӡырҩуа иалагоит

  • иҭабуп аҳәара рхадыршҭуеит

  • аӡәы иҩызахара-изааигәахара иашьҭалом

  • аҽынкылара рцәыӡуеит

  • игәымбылџьбарахоит

  • Анцәа иаасҭа ақьафура бзиа ирбалоит

  • Анцәа бзиа дырбошәа ҟарҵалоит, аха изыӡырҩлаӡом

11. Ирыхьуазеи ацәгьара ҟазҵо ауаа, Аԥсалом 92:7 иану инақәыршәаны?

11 Ижәбома шәара шәахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа арҭ аҟазшьақәа шаадырԥшуа? Адунеи зегь иқәынхо ауаа аӡәырҩы ус иҟалеит. Аха Анцәа иаарласны зегь ириашоит. Абар иара ҳзықәиргәыӷуа: «Амцқьацәа аҳаскьын еиԥш иангыло, ацәгьаҟаҵаҩцәа ашәҭ еиԥш ианышәҭуа — уи зегь зыҟало урҭ наунагӡа иқәыргарц азы ауп» (Аԥсалом 92:7).

АҴЫХӘТӘАНТӘИ АМШҚӘА РААН АГӘЫРӶЬАРА ҲЗААЗГО

12, 13. Иҳаилиркаауазеи Иегова ҳазҭагылоу арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа раан?

12 Абиблиа иану аԥааимбаражәақәа рыла Анцәа заа иҳәахьан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы адунеи арыцҳарақәеи агәаҟрақәеи рыла ишҭәуа. Аха аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкны Абиблиа иану уи мацара акәӡам, иҟоуп угәы шьҭызхуа ажәабжьгьы.

«Ари Аҳратә Ажәабжь бзиа аӡбахә адунеи зегьы... иахьыгӡахоит» (Матфеи 24:14)

13 Абиблиа аилкаара. Аԥааимбар Даниил иҩуан аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ииашоу адырра шеизҳауа (Даниил 12:4). Уи аԥааимбаражәа инақәыршәаны Анцәа ижәлар дрыцхраауеит уаанӡа аасҭа Абиблиа еиӷьны аилкаара. Иегова ииашоу адырра аизырҳара далагеит еиҳарак 1914 шықәса инаркны. Иаҳҳәап, иара иаҳзааиртит ихьӡ аҵакы, адгьыл азы имоу агәҭакы, аҿыхреи, аԥсреи, аԥсҭалареи ирызку аҵабырг. Уи адагьы ҳара еилаҳкааит ҳауадаҩрақәа зегь зыӡбо Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу. Еилаҳкааит анасыԥ зхьыԥшу, насгьы Анцәа дҳаргәырӷьаларц азы ишынхалатәу. Даҽа ԥааимбаражәак иҳаилнаркаауеит Анцәа ижәлар ироуа адырра рхы ишадырхәо. (Шәрыхәаԥш Ацҵақәа 20, 24.)

14. Иабанӡарылаҵәахьо ауаа Аҳра иазку ажәабжь, насгьы ирылазҳәода уи?

14 Адунеизегьтәи ажәабжьҳәаратә ус. Иисус аҵыхәтәантәи амшқәа данрылацәажәоз иҳәеит: «Ари Аҳратә Ажәабжь бзиа аӡбахә адунеи зегьы... иахьыгӡахоит» (Матфеи 24:3, 14). Иахьа Иегова ишаҳаҭцәа 900 бызшәа инареиҳаны рыла 240 тәыла рҿы Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирыларҳәоит. Адунеи ахьынӡанаӡааӡо еиуеиԥшым амилаҭқәеи ажәларқәеи ирыҵанакуа Иегова ишаҳаҭцәа ауаа ирзеиҭарҳәоит Анцәа Иаҳра аӡбахә, иара убас уи ауаа рзы иҟанаҵо (Аатра 7:9). Уи азы дара аӡәгьы аԥара имырхӡом. Иисус ишиҳәахьаз еиԥш, Иегова ишаҳаҭцәа зҭахым рацәаҩуп, иагьрышьҭашәарыцоит, аха ажәабжьҳәаратә ус аӡәгьы изаанкылом (Лука 21:17).

ИҞАШӘҴОЗЕИ ШӘАРА?

15. а) Агәра ганы шәыҟоума шәара ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо, насгьы избан? б) Ирзыԥшузеи Иегова изыӡырҩра зҭаху, насгьы ирыхьуазеи уи зҭахым?

15 Агәра ганы шәыҟоума шәара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо? Аҵыхәтәантәи амшқәа ирызку абиблиатә ԥааимбаражәақәа жәпакы иахьа анаӡара иаҿуп. Иаарласны Иегова иӡбоит Аҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара уаҳа иаҭахӡам ҳәа. Убасҟан иааиуеит аҵыхәтәа (Матфеи 24:14). Иарбан ҵыхәтәоу? Уи Анцәа ацәгьара зегь ахьықәиго аибашьра Армагеддон акәхоит. Иисуси амаалықьцәеи рыла Иегова Иԥеи иареи рзыӡырҩра зҭахым зегьы ықәигоит (2 Фессалоникаа рахь 1:6—9). Усҟан Аҩсҭааи адемонцәеи ауаа уаҳа ирызжьалаӡом. Анцәа изыӡырҩреи Иаҳра аҵаҟа анхареи зҭаху зегьы иара ҳзықәиргәыӷыз зегь шынаигӡо рыблала ирбоит (Аатра 20:1—3; 21:3—5).

16. Иҟашәҵар шәыхәҭоузеи шәара аҵыхәтәа ахьааигәоу азы?

16 Аҩсҭаа напхгара ззиуа ари адунеи иаарласны аҵыхәтәа ԥҵәоит. Убри аҟынтә ҳхы ҳазҵаар ауп: «Иҟасҵар сыхәҭоузеи сара?» Иегова иҭахуп шәара иахьынӡашәылшо еиҳаны, насгьы еиӷьны Абиблиа ҭышәҵааларц. Уи азы Абиблиа аҵара ҭакԥхықәрала шәазнеилар ауп (Иоанн 17:3). Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа еиӷьны аилкаара ауаа ирыцхраарц азы есымчыбжьа аизарақәа мҩаԥыргоит. Урҭ аизарақәа шәырҭааларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.) Аҽыԥсахра шшәыхәҭоу еилышәкаазар, уи шәацәымшәан, шәҽышәыԥсахла. Усҟан Иеговеи шәареи шәеиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Иаков 4:8).

17. Избан аӡәырҩы рзы адунеи аҵыхәтәа иаалырҟьаны изааиуа?

17 Апостол Павел иҩуан адунеи аҵыхәтәа аӡәырҩы ргәырҽанӡамкәа, «ҵхагәазы идәықәу аӷьыч иеиԥш», ишааиуа (1 Фессалоникаа рахь 5:2). Иисус аханатә иҳәахьан аӡәырҩы ауаа ишырҭахымхо аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳшынхо узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа рбара. Иара иҳәеит: «Аха Нои имшқәа раан ишыҟалаз аиԥш ауп, Ауаҩытәыҩса Иԥа иаарагьы [аҵыхәтәантәи амшқәа] шыҟало: избан акәзар убасҟангьы, аӡхыҵра иалагаанӡа, Нои иӷба дҭалаанӡа, ауаа акрырфон, акрыржәуан, хаҵа ицон, аҳәса ааргон,— аӡхыҵра рыжәланы, зегьы ықәнахаанӡа убри ишазымхәыцуаз, гәҩара шрымамыз аиԥш ауп, Ауаҩытәыҩса Иԥа иаарагьы шыҟало» (Матфеи 24:37—39).

18. Иарбан гәҽанҵароу Иисус иҳаиҭаз?

18 Иисус иҳәеит: «Шәхы шәашьклаԥшла, имыцхәу крыфарала, рыжәтә-жәрала шәхы шәмырчалан, иахьеи-уахеитәи абзазара шәҽашәымҭан, уи амш шәгәышәҽанӡамкәа ицәырмҵразы». Избан? «Избан акәзар уи акаҭа иаҩызоуп». Иара иҳәеит уи «адгьыл иқәынхауа ауааԥсыра зегьы ирхаԥоит» ҳәа. Анаҩс иациҵеит: «Иарбан аамҭазаалакь азы шәҷаԥшьала, шәныҳәала, абарҭ арыцҳарақәа зегьы рахьтә ахцәнырхара шәаҭәахаразы, Ауаҩытәыҩса Иԥа иҿаԥхьа шәгыларазы» (Лука 21:34—36). Избан Иисус иажәақәа ҳахшыҩ рзаҳашьҭыр зҳахәҭоу? Избанзар иаарласны Аҩсҭаа идунеи цәгьа ықәгахоит, аха Иеговеи Иисуси ззыразу еиқәхоит, насгьы адгьыл аҿы наӡаӡа инхалоит (Иоанн 3:16; 2 Пиотр 3:13, АдҾ).

^ 4 абз. Михаил — Иисус Христос ихьӡқәа руак ауп. Еиҳаны еилышәкаарц азы шәахәаԥш Ацҵа 22.