Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 10

Амаалықьцәеи адемонцәеи ирызку аиаша

Амаалықьцәеи адемонцәеи ирызку аиаша

1. Избан амаалықьцәа ирызку аиаша ҳдыруазар зҳахәҭоу?

ИЕГОВА иҭахуп ҳара амаалықьцәа ирызку аиаша ҳдыруазарц, избанзар дара иҭаацәара иахәҭакуп. Абиблиаҿы урҭ «Анцәа иԥацәа» ҳәа рызҳәоуп (Иов 38:7). Иҟарҵозеи амаалықьцәа? Ишԥарыцхраауаз дара ажәытәан ауаа? Иҳацхраар рылшома уажәы ҳара? (Шәахәаԥш Ацҵа 8.)

2. Изшада амаалықьцәа? Шаҟаҩ ыҟада дара?

2 Ҳара иаҳдыруазар ауп амаалықьцәа зшаз дызусҭоу. Кәаласаа рахь 1:16 аҿы иануп Иегова Иисус даниша ашьҭахь «жәҩани дгьыли рҿы иҟоу зегьы» шишаз, амаалықьцәагьы уахь иналаҵаны. Шаҟаҩ ыҟада дара? Абиблиаҿы иануп миллионҩыла амаалықьцәа шыҟоу (Аԥсалом 103:20; Аатра 5:11).

3. Ианузеи Иов 38:4—7 амаалықьцәа ирызкны?

3 Абиблиаҿы иара убас иануп Иегова адгьыл ишаанӡа амаалықьцәа шишахьаз. Иов ишәҟәаҿы иҳәоуп дара шгәырӷьоз Иегова адгьыл шишоз анырбоз. Усҟан амаалықьцәа ҭаацәарак еиԥш Иегова имаҵ руан (Иов 38:4—7).

АМААЛЫҚЬЦӘА АНЦӘА ИМАҴЗУҨЦӘА ИРЫЦХРААУЕИТ

4. Иабантәиҳдыруеи амаалықьцәа ауаа ирыцхрааларц шырҭаху?

4 Амаалықьцәа еснагь ирҭахын ауаа ирыцхрааларц, насгьы Анцәа адгьыл азы гәҭакыс имоу рдыруазарц (Ажәамаанақәа 8:30, 31; 1 Пиотр 1:11, 12, АдҾ). Адами Евеи Анцәа ианиҿагыла, ҳәарада, амаалықьцәа уи ргәы днархьит! Иахьа ауаа реиҳараҩык Иегова иахьизымӡырҩуа дара еиҳагьы ргәы днархьуеит. Аха аӡәы игәнаҳа данахьхәуа, насгьы Анцәа иахь даныхынҳәуа, амаалықьцәа даара игәырӷьоит (Лука 15:10). Амаалықьцәа азхиоуп Иегова имаҵ зуа рыцхраара. Иегова урҭ ихы иаирхәоит адгьыл аҿы имаҵзуҩцәа дреиҷаҳаларц, насгьы ихьчаларц азы (Ауриацәа рахь 1:7, 14). Шәааи ҿырԥштәқәак еилҳаргап.

«Сынцәа имаалықь дааишьҭит алымқәа рсаса аиркырц азы» (Даниил 6:22)

5. Ишԥарыцхраауаз амаалықьцәа ажәытәан Анцәа имаҵзуҩцәа?

5 Иегова ақалақьқәа Содоми Гоморреи анықәихуаз, Лот иҭаацәеи иареи еиқәирхарц азы ҩыџьа амаалықьцәа ааишьҭит (Аҟазаара 19:15, 16). Ашәышықәсақәа рышьҭахь аԥааимбар Даниил алымқәа ахьҭаз ажра данҭарыжь, акгьы имыхьӡеит, избанзар Анцәа «амаалықь дааишьҭит алымқәа рсаса аиркырц азы» (Даниил 6:22). Уи адагьы Иегова амаалықь даашьҭны апостол Пиотр абахҭа дҭигеит (Аусқәа 12:6—11). Иара убас амаалықьцәа Иисус ицхраауан, уи адгьыл аҿы даныҟаз. Иаҳҳәап, аӡы иҽанӡааих ашьҭахь «амаалықьцәа Иара имаҵ руан» (Марк 1:13). Иисус дыршьраны даныҟаз, амаалықь уи «игәы-иԥсы ирӷәӷәон» (Лука 22:43).

6. а) Иабантәиҳдыруеи амаалықьцәа иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа ишрыцхраауа? б) Иарбан зҵаарақәоу уажәы зҭак ҟаҳҵо?

6 Иахьа амаалықьцәа ауаа рахь илбааӡом. Аха Анцәа урҭ ихы иархәаны имаҵзуҩцәа рыцхраара даҟәымҵӡеит. Абиблиаҿы иануп: «Иегова имаалықь Иара ицәшәо ихьчоит, насгьы еиқәирхоит» (Аԥсалом 34:7). Аха ҳрыхьчалар закәзеи амаалықьцәа? Избанзар ҳара амч ӷәӷәа змоу аӷацәа ҳамоуп, урҭ ацәгьа ҳзырурц иашьҭоуп. Изусҭцәада дара? Иабантәиааи? Насгьы ишԥашьҭоу дара ацәгьа ҳзура? Арҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵарц азы, шәааи ҳахәаԥшып Анцәа Адами Евеи аниша ашьҭахь иҟалаз.

ИАҲАМБО ҲАӶАЦӘА

7. Иҟарҵазеи ауаа Аҩсҭаа иахьижьаз иахҟьаны?

7 Ахԥатәи ахаҿы ишеилаҳкааз ала, амаалықьцәа руаӡәк Анцәа диҿагылеит, иара амчра инапахьы игарц иҭаххеит. Абиблиаҿы уи Аҩсҭаа Аџьныш ҳәа изҳәоуп (Аатра 12:9). Аҩсҭаа иҭахын ауаагьы Анцәа иҿагыларц. Иара Ева лжьара илшеит, уи аахижьҭеи иижьахьоу ауаа даара ирацәоуп. Аха иҟан Иегова изиашаз ауаагьы, иаҳҳәап, Авель, Енох, Нои (Ауриацәа рахь 11:4, 5, 7).

8. а) Ишԥадемонцәахеи амаалықьцәа шьоукы? б) Иҟарҵазеи адемонцәа аӡхыҵра аан иҭамхарц азы?

8 Нои ихаан амаалықьцәа шьоукы ауаа рцәеижь аахәаны ауаа реиԥш адгьыл аҿы инхаларц азы ажәҩан аҟынтә илбааит. Избан? Абиблиаҿы иҳәоуп дара аҳәса ргарц шырҭаххаз. (Шәаԥхьа Аҟазаара 6:2.) Аха амаалықьцәа ус аҟаҵара рыхәҭамызт (Иуда 6). Ицәгьаз урҭ амаалықьцәа реиԥш, усҟантәи аамҭазы ауаа реиҳараҩык бжьысит, игәымбылџьбарахеит. Иегова иӡбеит аӡхыҵра ҟаҵаны ауаа цәгьақәа ықәигарц. Аха изиашаз имаҵзуҩцәа еиқәирхеит (Аҟазаара 7:17, 23). Ицәгьаз амаалықьцәа рыԥсы еиқәдырхарц азы ажәҩан ахь ихынҳәит. Абиблиаҿы урҭ амаалықьцәа адемонцәа рыхьӡуп. Дара Аҩсҭаа идгыларц рыӡбеит, убас ала Аџьныш рнапхгаҩ иакәхеит (Матфеи 9:34).

9. а) Идикылама Анцәа адемонцәа, урҭ ажәҩан ахь ианыхынҳә? б) Еилаҳкаауазеи ҳара анаҩс?

9 Идемонцәахаз урҭ амаалықьцәа Анцәа иҿагылеит аҟынтә, иара урҭ иҭаацәарахь идимкылаӡеит. Уи инеиҳангьы дара уажәшьҭа ирылшом ауаа рцәеижь аахәаны адгьыл аҿы анхара. Аха урҭ адгьыл зегь иқәынхо ауаа ржьара иаҟәымҵӡеит (Аатра 12:9; 1 Иоанн 5:19). Шәааи еилаҳкаап урҭ абырсҟаҩык ауаа ржьара шрылшо. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 2:11.)

АДЕМОНЦӘА АУАА ШЫРЖЬО

10. Ишԥаржьо адемонцәа ауаа?

10 Адемонцәа ауаа зларжьо рацәоуп. Ауаа амагиа зхы иазырхәо ахәышәтәцәа рахь ианцо, мамзаргьы рхаҭа амагиа иадҳәалоу ак аныҟарҵо рхы адемонцәа ирырҭоит. Уи аспиритизм ахьӡуп. Абиблиа иҳанаҳәоит адемонцәа ирыдҳәалоу зегьы ҳҽацәаҳахьчаларц (Галаҭаа рахь 5:19—21). Избан? Избанзар ашәарыцаҩ ашәарах икырц азы ашьацҳәа ширгыло еиԥш, адемонцәагьы ауаа ржьарц азы еиуеиԥшым ашьацҳәақәа рхы иадырхәоит. (Шәахәаԥш Ацҵа 25.)

11. Изакәызеи аԥшра, насгьы избан уи ҳҽацәаҳахьчалар зҳахәҭоу?

11 Адемонцәа рхы иадырхәо ашьацҳәақәа руак аԥшра ауп. Изакәызеи уи? Уи аԥхьаҟа иузыԥшу, мамзаргьы иузымдыруа ак аилкааразы адемонцәа рымч ахархәара ауп. Ишԥаԥшуеи ауаа? Шьоукы аеҵәақәа рыла иԥшуеит, агороскопқәа рыгәра ргоит, адыргақәа ирыхәаԥшуеит, амаца ала иԥшуеит, ауаҩы инапаҵа ианыԥшылоит, акаҳуа ала иԥшуеит, аԥхыӡқәа рыгәра ргоит. Аӡәырҩы ргәы иаанагоит уи зегь цәгьарак аҵам ҳәа, аха уи ус акәӡам. Арҭ аусқәа даара ишәарҭоуп. Абиблиаҿы иануп адемонцәеи аԥшцәеи шеидҳәалоу. Иаҳҳәап, Аусқәа 16:16—18 аҿы иануп ԥҳәызбак лыӡбахә. Уи иҟалашаз лыҵазҳәоз адемон длылан. Апостол Павел адемон данлылица, уи аԥҳәызба иҟалашаз уаҳа илызҳәомызт.

12. а) Избан аԥсцәа рацәажәара иашьҭоу рхы ашәарҭара изҭадыргыло? б) Избан Анцәа имаҵзуҩцәа адемонцәа ирыдҳәалоу ақьабзқәа ахаангьы рхы зрыладмырхәуа?

12 Адемонцәа даҽа шьацҳәак рхы иадырхәоит. Дара ирҭахуп агәра ҳдыргарц аԥсцәа рыԥсы ыҟоуп ҳәа, насгьы урҭ ҳацәажәалар, мамзаргьы иаҳԥырхагахар рылшоит ҳәа. Иаҳҳәап, зҭынха ма зҩыза дыԥсыз шьоукы цоит аԥсцәа рацәажәара ҳалшоит ҳәа зҳәо ауаа рахь. Дара иԥсыз ауаҩы изкны ак еиҭарҳәар, мамзаргьы ибжьы рхаҵаны ацәажәара иалагар рылшоит (1 Самуил 28:3—19). Даҽа шьоукы агәра ргоит иԥсыз ак аниҭаху ԥхыӡла дырбоит ҳәа. Аԥсрақәа ирыдҳәалоу ақьабзқәа жәпакы шьаҭас ирымоу ауаҩы данԥсуа ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа иҟоу ииашам агәаанагара ауп. Убри аҟынтә аишәа дыргылоит, аԥсхәрақәа ҟарҵоит, аԥсы изы аԥсаҭатә наргоит, уҳәа убас иҵегьы. Арҭ ақьабзқәа зегьы адемонцәа ирыдҳәалоуп. Ақьырсианцәа урҭ рхы анрыладмырхәуа, рҭаацәа, мамзаргьы ргәылацәа гәамҵлар, ирацәҳалар, мамзаргьы зынӡа рацәажәара иаҟәыҵыр алшоит. Аха ақьырсианцәа ирдыруеит аԥсы шыҟам. Аԥсцәа узрацәажәаӡом, даргьы ԥырхага ҳаҭара рылшом (Аԥсалом 115:17). Убри аҟынтә агәҽанызаара аашәырԥшла. Ахаангьы шәашьҭамлан аԥсцәа ма адемонцәа рацәажәара, насгьы урҭ ирыдҳәалоу ақьабзқәа шәхы рылашәымҟьашьлан. (Шәаԥхьа Ҩынтәзакәан 18:10, 11; Исаиа 8:19.)

13. Ирылшазеи уаанӡа адемонцәа ирыцәшәоз ауаа?

13 Адемонцәа ауаа ржьара адагьы, идыршәарц иашьҭоуп. Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ирдыруеит ирзынхаз аамҭа шмаҷу, насгьы Анцәа иаарласны урҭ адгьыл аҟынтә ишықәиго, убри аҟынтә еиҳа-еиҳа рыҽдырцәгьоит (Аатра 12:12, 17). Ус шакәугьы, уаанӡа адемонцәа ирыцәшәоз зықьҩыла ауаа иахьа уи ашәара иаиааит. Ирыцхраазеи дара?

АДЕМОНЦӘА ШӘЫРҾАГЫЛ, ШӘЫХГЬЫ РЦӘЫШӘЫХЬЧА

14. Иҟаҳҵар ҳалшозеи адемонцәа рнырра ҳхы ацәаҳахьчарц азы, актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа ҳарҿыԥшны?

14 Абиблиа иҳанаҳәоит адемонцәа рнырра ҳхы ацәаҳахьчар шҳалшо. Иаҳҳәап, уа иануп ақалақь Ефес инхоз ауаа шьоукы Анцәа изку аҵабырг еилыркаанӡа адемонцәа ишрацәажәоз. Изларылшазеи дара адемонцәа рҿагылара, насгьы рнырра аҟынтә ахақәиҭра аиура? Абиблиаҿы иануп: «Алаԥшхырԥаратә-аршанхаратә усқәа уаанӡа ирҿыз аӡәырҩы рышәҟәқәа ааганы зегьы ишырбоз амца иҩалажьны ирбылуан» (Аусқәа 19:19). Дара қьырсианцәахар рҭахын аҟынтә, амагиа иазкыз рышәҟәқәа зегь наҟ иқәыргеит. Иахьагьы Иегова имаҵ аура зҭаху дарбанзаалак адемонцәа ирыдҳәалоу зегь ықәигароуп. Уахь иаҵанакуеит ашәҟәқәа, ажурналқәа, агороскопқәа, афильмқәа, ашәақәа, ахәмаррақәа, иара убас амагиеи адемонцәеи цәгьарак рыҵамшәа иаазырԥшуа зегьы. Уи адагьы уахь иаҵанакуеит ауаа алаԥш рымкырц азы иныҟәырго амаҭәарқәа (1 Коринфаа рахь 10:21).

15. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи еиҭа Аҩсҭааи адемонцәеи ҳарҿагыларц азы?

15 Ефес инхоз ақьырсианцәа амагиа иазкыз рышәҟәқәа анырблы ашьҭахь ашықәсқәа шцахьазгьы, апостол Павел ргәазҭеиҵеит анаҩсгьы адоуҳа цәгьақәа рҿагылара иаҟәымҵларц (Ефесаа рахь 6:12). Избан? Избанзар адемонцәа уеизгьы урҭ рԥырхагахара иашьҭан. Иҟарҵалар акәзи ақьырсианцәа еиҭа? Апостол Павел иреиҳәеит: «Зегь раԥхьаӡагьы, шәгәышԥыхьчага, акәылӡ лых, динхьчагас иҟашәҵа: уи аҩысҭаа ихҿа цаҳә-цаҳәқәа адԥыххаалап [мамзаргьы ааннакылап]» (Ефесаа рахь 6:16). Агәышԥыхьчага иеибашьуа аруаҩ дшахьчо еиԥш, ҳаргьы ҳагәрахаҵара ҳахьчоит. Иегова ҳшихьчо агәра гаҵәҟьаны ҳаҟазар, Аҩсҭааи адемонцәеи рҿагылара ҳзымариахоит (Матфеи 17:20).

16. Иҳацхраар алшозеи Иегова иахь ҳагәрахаҵара арӷәӷәара?

16 Иҳацхраар алшозеи Иегова иахь ҳагәрахаҵара арӷәӷәара? Ҳара есыҽны Абиблиа ҳаԥхьалар, насгьы Иегова ҳшихьчо ала ҳагәрагара ҳарӷәӷәалар ауп. Усҟан Аҩсҭааи адемонцәеи ацәгьа ҳзура рылшом (1 Иоанн 5:5).

17. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара еиҭа адемонцәа рҟынтә ҳхы ҳахьчарц азы?

17 Ефес ақалақь аҿы адоуҳа цәгьақәа рнырра даара иӷәӷәан, убри азоуп апостол Павел уа инхоз ақьырсианцәа еснагь Анцәа иҳәаларц зрабжьеигоз (Ефесаа рахь 6:18). Ахьчара роурц азы дара иааҟәымҵӡакәа Анцәа иҳәалар акәын. Ҳара? Ҳаргьы ҳанхоит адемонцәа рнырра даара иахьыӷәӷәоу адунеи аҿы, убри аҟынтә Иегова ҳихьчарц азы ҳиҳәалароуп. Иара ҳаниҳәо даара ихадоуп ихьӡ аҳәара. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 18:10.) Иегова Аҩсҭаа ҳаицәихьчарц азы еснагь ҳиҳәозар, иара хымԥада ҳаҳәарақәа рҭак ҟаиҵоит (Аԥсалом 145:19; Матфеи 6:13).

18, 19. а) Шәыриааир шԥашәылшо Аҩсҭааи адемонцәеи? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи ахаҿы?

18 Адемонцәа ирыдҳәалоу зегьы ҳҽацәаҳахьчалар, насгьы Иегова ҳшихьчало агәра ҳгалар, Аҩсҭааи адемонцәеи ҳарҿагылар ҳалшоит. Урҭ рыцәшәара аҭахӡам. (Шәаԥхьа Иаков 4:7, 8.) Иегова адемонцәа раасҭа акырӡа дыӷәӷәоуп. Нои ихаан Иегова урҭ ахьирхәхьан, ҳаԥхьаҟа зынӡа иқәигоит (Иуда 6). Ишәхашәмыршҭлан адоуҳа цәгьақәа ҳхала ҳшырҿагылам. Иегова ҳара имаалықьцәа рыла ҳихьчоит (2 Аҳцәа 6:15—17). Агәра ганы ҳаҟазар ауеит Иегова ицхыраарала Аҩсҭааи адемонцәеи риааира шҳалшо (1 Пиотр 5:6, 7; 2 Пиотр 2:9).

19 Аҩсҭааи адемонцәеи абриаҟара агәаҟрақәа ааргозар, избан Анцәа уажәраанӡа урҭ зықәимгаз? Уи еилаҳкаар ҳалшоит анаҩстәи ахаҿы.