Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 13

Ҳамҭас ишәыҭоу аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишәшьала

Ҳамҭас ишәыҭоу аԥсҭазаара ахә ҳаракны ишәшьала

1. Иҳазҭада аԥсҭазаара?

ИЕГОВА иҟаҵәҟьоу Нцәоуп (Иеремиа 10:10). Иара иоуп ҳазшаз, аԥсҭазаара ҳазҭаз. Абиблиа иануп: «Уара уоуп зегь аԥызҵаз, угәаҳәарала ауп зегь шыҟоу, ишшоу» (Аатра 4:11). Ааи, Иегова ҳанхаларц иҭаххеит. Аԥсҭазаара иара иҳаиҭаз зеиԥшыҟам ҳамҭоуп. (Шәаԥхьа Аԥсалом 36:9.)

2. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи анасыԥ ҳамазарц ҳҭахызар?

2 Иегова ҳанхаларц азы иаҭаху зегь ҳаиҭоит, иаҳҳәап, афатә, аӡы, уҳәа убас иҵегьы (Аусқәа 17:28). Иара иҭахуп аԥсҭазаара агәырӷьара ҳзаанагаларц (Аусқәа 14:15—17). Анасыԥ ҳамазарц ҳҭахызар, ҳара Анцәа ишьақәиргылаз аԥҟарақәа ҳрықәныҟәалар ҳахәҭоуп (Исаиа 48:17, 18).

ДЫШԤАЗЫҞОУ АНЦӘА АԤСҬАЗААРА?

3. Иҟаиҵазеи Иегова, Каин Авель дахьишьыз азы?

3 Абиблиа иҳаилнаркаауеит Иегова ҳаԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи ахә ҳаракны ишишьо. Иаҳҳәап, Адами Евеи рԥа Каин иашьа Авель игәаӷ аник, Анцәа уи иҽникылар шихәҭоу иеиҳәеит. Аха Каин Анцәа дизымӡырҩӡеит, насгьы иԥсахы еибакны «иашьа Авель дижәлан дишьит» (Аҟазаара 4:3—8). Иегова Каин дишәиит, уи иашьа дахьишьыз азы (Аҟазаара 4:9—11). Излаҳбаз ала аӡәы игәаӷ акреи ицәымӷреи даараӡа ишәарҭоуп, избанзар уи цәгьарак ҳнарҟаҵар ауеит. Ус иҟоу ауаа наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуам. (Шәаԥхьа 1 Иоанн 3:15). Иегова дҳаргәырӷьаларц азы, ауаа зегь рахь абзиабара аарԥшышьа ҳҵароуп (1 Иоанн 3:11, 12).

4. Иҳаилдыркаауазеи Иегова Израильаа ириҭаз азакәанқәа иара аԥсҭазаара дшазыҟоу иазкны?

4 Иаазырԥшуазеи еиҭа Иегова аԥсҭазаара ахә шишьо? Зқьышықәсақәа рышьҭахь Моисеи ила иара Израильаа Жәа-ԥҟарак риҭеит. Ԥҟарак иаҳәон: «Ауаҩы думшьын» (Ҩынтәзакәан 5:17). Аӡәы игәы иҭакны ауаҩы дишьуазҭгьы, иаргьы дыршьыр акәын.

5. Дышԥазыҟоу Анцәа имиц ахәыҷы даныршьуа?

5 Дышԥазыҟоу Анцәа имиц ахәыҷы даныршьуа? Иегова изы имиц ахәыҷы иԥсҭазаарагьы ахә ҳаракуп. Иегова Израильаа ириҭаз Азакәан инақәыршәаны аӡәы зцәа зтәымкәа иҟаз аԥҳәыс длысызҭгьы, насгьы уи иахҟьаны ахәыҷы дыԥсызҭгьы, уи зхараз ауаҩы дышьтәын. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 21:22, 23; Аԥсалом 127:3.) Уи иҳаилнаркаауеит имиц ахәыҷы ишьра шыҟамло. (Шәахәаԥш Ацҵа 27.)

6, 7. Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова аԥсҭазаара ахә шаҳшьо?

6 Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова ҳхатә ԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи ахә шаҳшьо? Ҳаԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи ашәарҭара иҭазыргыло ҟаҳҵаӡом. Ҳара ҳахаӡом аҭаҭын, амарихуана, арыжәтә ҳҽаҳаршьӡом, насгьы анаркотикқәа ҳадаҳкылаӡом, избанзар уи зегьы ҳгәабзиара иаԥырхагоуп, ҳашьыргьы ауеит.

7 Ҳцәеижьгьы Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭоуп, убри аҟынтә уи Анцәа ишиҭаху ҳхы иаҳархәалар ауп, насгьы ҳгәабзиара ҳаиҷаҳалар ауп. Ус ҟаҳамҵалар, Анцәа иҿаԥхьа ҳацқьаны ҳзаанхом (Римаа рахь 6:19; 12:1; 2 Коринфаа рахь 7:1). Иегова иҳаиҭаз аԥсҭазаара ахә ҳамшьозар, имаҵ ҳазуам. Ашьцылара бааԥсқәа рааныжьра мариамхар ҟалоит, аха аԥсҭазаара ахә ҳшьозар, насгьы аҽыԥсахра ҳҽазаҳшәозар, Иегова дҳацхраауеит.

8. Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳхатә ԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи ашәарҭара иҭаҳмыргылаларц азы?

8 Ишеилаҳкааз еиԥш, аԥсҭазаара зыхә ҳараку ҳамҭоуп. Убри аҟынтә ҳара ҳхатә ԥсҭазаареи егьырҭ рыԥсҭазаареи ашәарҭара иҭаҳмыргыларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Аԥсҭазаара ахә шаҟа иаҳшьо ааҳарԥшуеит амашьына, амотоцикл, уҳәа убас иҟоу атранспорттә хкқәа шныҟәаҳцо ала. Иара убас ҳара ҳҽырцәаҳахьчоит ишәарҭоу ма агәымбылџьбарара зныԥшуа аспорттә хәмаррақәа (Аԥсалом 11:5). Уи адагьы, ҳаҩнаҿы анхара шәарҭамзарц ҳацклаԥшуеит. Абар Иегова Израильаа иреиҳәаз: «Аҩн ҿыц анургылалак, ахыбраҿы абаркьыл аҭаны иҟаҵа, аӡәы далыҩрны дкамҳарц, насгьы уара иухҟьаны уҩны ашьакаҭәаразы ахара адымларц азы» (Ҩынтәзакәан 22:8).

9. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу аԥстәқәа?

9 Иегова изы иара убас ихадоуп ҳара аԥстәқәа ҳшырзыҟоу. Иара аԥстәқәа ҳшьларц азин ҳаиҭеит акәац ҳфарц ҳҭахызар, мамзаргьы урҭ ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылозар (Аҟазаара 3:21; 9:3; Ақәҵымҭа 21:28). Аха аԥстәқәа гәымбылџьбарала рызныҟәара ма баша агәырҿыхаразы рышьра ҟалаӡом (Ажәамаанақәа 12:10).

АԤСҬАЗААРА ԤШЬОУП

10. Иабантәиҳдыруеи ашьа аԥсҭазаара шаанарԥшуа?

10 Иегова ашьа ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоит, избанзар уи аԥсҭазаара аанарԥшуеит. Иаҳҳәап, Каин Авель данишь, Иегова иҳәеит: «Уашьа ишьа адгьыл аҟынтә иҵәаауеит сара сахь» (Аҟазаара 4:10). Арҭ ажәақәа ишаҳдырбо ала, Анцәа изы Авель ишьа иԥсҭазаара аанарԥшуан. Убри азоуп Иегова Каин дзишәиз. Аӡхыҵра ашьҭахьгьы Иегова еиҭах иҳәеит иара изы ашьа аԥсҭазаара шаанарԥшуа. Иара Нои иҭаацәеи иареи акәац афаразы азин риҭеит. Анцәа иҳәеит: «Инеи-ааиуа зыԥсы ҭоу зегьы фатәыс ишәымазаауеит. Аиаҵәара фатәыс ишшәысҭаз еиԥш, убри зегь фатәыс ишәысҭоит». Анаҩс иациҵеит: «Аха ацәеижь аԥсы шахоу [аԥсҭазаара шамоу] — ашьа шалоу ишәымфан» (Аҟазаара 1:29; 9:3, 4).

11. Иарбан закәану Анцәа ашьа иазкны Израильаа ириҭаз?

11 Аӡхыҵра ашьҭахь 800 шықәса раҟара анҵы Иегова ижәлар даҽазнык иреиҳәеит: «Израильаа, мамзаргьы ишәыланхо атәымтәылауаа рҟынтә аӡәы данышәарыцо зыфара ҟало ашәарах, ма аԥсаатә икыр, ианишьуа ршьа ишьҭыроуп, нас нышәла ихиҩароуп... Ишәымфан ашьа» (Алевит 17:13, 14). Уи иаанарԥшит Иегова ихәыцшьа шимыԥсахыз, насгьы иуаажәлар ашьа иԥшьоу ак еиԥш иазыҟазарц шиҭахыз. Дара акәац рфалар рылшон, аха ашьа рфар ҟаломызт. Ак аныршьуаз, ашьа шьҭны адгьыл ахь икарҭәар акәын.

12. Ишԥазыҟоу ақьырсианцәа ашьа?

12 Иисус иԥсра ашьҭахь шықәсқәак анҵы апостолцәеи ақьырсиантә еизара аиҳабацәеи Иерусалим еизеит. Дара ирыӡбар акәын Анцәа Израильаа ириҭаз Азакәан аҟынтә иарбан закәанқәаз ақьырсианцәагьы инарыгӡалар рыхәҭаз. (Шәаԥхьа Аусқәа 15:28, 29; 21:25.) Иегова ицхыраарала дара еилыркааит иара изы ашьа уаанӡа еиԥш ахә шыҳаракыз, убри аҟынтә уи иԥшьоу ак еиԥш иазыҟазар шрыхәҭаз. Раԥхьатәи ақьырсианцәа ашьа афара ма ажәра азин рымамызт, иара убас цқьа ашьа злымҵыз акәац рфар ҟаломызт. Уи азакәан еилазгоз амцнцәахәқәа ирымҵахырхәоз, мамзаргьы зхымҩаԥгашьа цқьамыз диҩызан. Дышԥазыҟоу Иегова иахьа ашьа? Иара иҭахуп ҳаргьы ашьа иԥшьоу ак еиԥш ҳазыҟазарц.

13. Избан ақьырсианцәа ашьа зрыларымҵо?

13 Иаанагома уи ақьырсианцәа ашьа рыларҵаргьы ҟалом ҳәа? Ааи. Иегова ашьа афара ма ажәра азин ҳаимҭаӡеит. Аҳақьым арыжәтә шәжәыр ҟалом ҳәа шәеиҳәазҭгьы, ишәылашәҵарызма шәара уи? Ҳәарада, мап! Убас еиԥшҵәҟьа, ашьа афара ма ажәра шыҟамло еиԥш, алаҵарагьы ҟалом. (Шәахәаԥш Ацҵа 28.)

14, 15. Шаҟа ихадоузеи ақьырсианцәа рзы аԥсҭазаара ахә ашьара, насгьы Иегова изыӡырҩра?

14 Шәхаҿы иаажәг: аҳақьым ашьа шәылашәымҵар шәыԥсуеит ҳәа шәеиҳәоит. Иҟашәҵозеи шәара? Дасу ҳхазы иҳаӡбар ауп ашьа аганахь ала Анцәа иҳаиҭаз азакәан ҳақәныҟәоу-ҳақәымныҟәоу. Ақьырсианцәа раҳасабала ҳара Анцәа ҳамҭас иҳаиҭаз аԥсҭазаара ахә ҳаракны иаҳшьоит, убри аҟынтә ҳаԥсҭазаара еиқәзырхар алшо даҽа методқәак рыԥшаара ҳҽазаҳшәоит, аха ашьа ҳалаҳҵаӡом, мамзаргьы даҽаӡәы ҳшьа иларҵарц иаҳҭаӡом.

15 Ҳара ҳгәабзиара аиҷаҳаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, аха иаҳдыруеит Анцәа изы ашьа аԥсҭазаара шаанарԥшуа, насгьы ишыԥшьоу, убри аҟынтә уи ҳалаҳҵаӡом. Анцәа изыӡырҩра ҳара ҳзы еиҳа ихадоуп, и́ҳаулакгьы ҳаԥсы аиқәырхара аасҭа. Иисус иҳәеит: «Зыԥсы еиқәзырхарц зҭаху иԥсы ицәыӡуеит, аха сара сыхьӡ азы зыԥсы зцәыӡуа, иԥсы еиқәирхоит» (Матфеи 16:25, АдҾ). Ҳара Иегова ҳаизыӡырҩларц ҳҭахуп, избанзар бзиа даҳбоит. Иара ҳара ҳаасҭа иаҳзеиӷьу идыруеит. Ҳара иара иеиԥш аԥсҭазаара ԥшьоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит, ахәгьы ҳшьоит (Ауриацәа рахь 11:6).

16. Избан Анцәа имаҵзуҩцәа иара изизыӡырҩуа?

16 Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа азхиоуп ашьа иазку азакәан ақәныҟәара. Дара ашьа рфаӡом, иржәӡом, рҽырхәышәтәырц азгьы ирыларҵаӡом, аха рыԥсҭазаара еиқәзырхо егьырҭ аметодқәа рхы иадырхәоит *. Дара агәра ганы иҟоуп Иегова ирзеиӷьу шидыруа, избанзар иара иоуп аԥсҭазаара рызҭаз. Агәра жәгома шәара Анцәа ишәзеиӷьу шидыруа?

ИЕГОВА АШЬА АХАРХӘАРА АЗИН АНРИҬОЗ

17. Иарбан лшара заҵәыку Израильаа ашьа ахархәаразы ирымаз?

17 Анцәа Моисеи ииҭаз Азакәан иаҳәон: «Ацәеижь аԥсы ашьа иалоуп, уи сара акәырбаннагарҭазы иалсхит, шәара шәыԥсқәа алаҿышәхларц азы [мамзаргьы анажьра шәаҳәаларц азы], избанзар ашьа ауп шәҿызхуа» (Алевит 17:11; шәахәаԥш Ацҵа 17). Израильаа агәнаҳа аныҟарҵоз Иегова иранаижьырц азы акәырбан наргон, насгьы аԥшьаҩы уи ашьа ауахәамаҿы акәырбаннагарҭа иақәиҭәарц иҳәон. Абри аҭагылазаашьа заҵәык аҿы ауп Иегова Израильаа ашьа рхы иадырхәаларц азин анриҭоз.

18. Иарбан гәыӷроу иҳауз, Иисус иԥсы ахьҳахҭниҵаз абзоурала?

18 Иисус адгьыл ахь данаа, ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿихырц азы иԥсы ҳахҭниҵеит, даҽакала иуҳәозар, ишьа кеиҭәеит. Убри ала иара кәырбанс аԥстәқәа рнагаразы иҟаз азакәан аԥихит (Матфеи 20:28; Ауриацәа рахь 10:1). Иисус иԥсҭазаара ахә даараӡа иҳаракын аҟынтә, Анцәа уи шьаҭас иҟаҵаны ауаа зегьы наунагӡа анхаразы агәыӷра риҭеит (Иоанн 3:16; Ауриацәа рахь 9:11, 12; 1 Пиотр 1:18, 19).

Иаашәырԥшыр шԥашәылшо аԥсҭазаареи ашьеи рыхә шышәшьо?

19. Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи ҳара аӡә ишьа ҳадымзарц азы?

19 Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит аԥсҭазаара ахьҳаиҭаз азы! Уи зеиԥшыҟам ҳамҭоуп. Ҳара иаҳҭахуп ауаа еилыркаарц Иисус игәра ргалар, наунагӡатәи аԥсҭазаара роур шрылшо. Ҳара ауаа бзиа иаҳбоит, убри аҟынтә иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит аԥсҭазаара роурц азы иҟаҵатәу еилыркаарц азы (Иезекииль 3:17—21). Ус ҟаҳҵалар, апостол Павел иеиԥш ҳаргьы иаҳҳәар ҳалшоит: «Шьа сыдым. Сара, сымшәа-смырҳа, лшарас исымаз схы иархәаны, Анцәа игәаҳәаратә шәыласҳәон» (Аусқәа 20:26, 27). Ааи, Иегова иӡбахә ауаа ианырзеиҭаҳҳәо, насгьы аԥсҭазаара ахә шаҟа иҳараку анраҳҳәо, аԥсҭазаареи ашьеи рыхә шаҳшьо ааҳарԥшуеит.

^ 16 абз. Ашьа алаҵара иазкны еиҳаны еилышәкаарц азы шәаԥхьа Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьыз ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз», адаҟьақәа 77—79.