Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 15

Ишәыцхраар алшозеи ииашоу адинхаҵара аԥшаара?

Ишәыцхраар алшозеи ииашоу адинхаҵара аԥшаара?

1. Иҳазҳәар зылшода иарбан динхаҵароу ииашоу?

АДИНХАҴАРАҚӘА зегьы ишьақәдырӷәӷәоит Анцәа изку аиаша ауаа иддырҵоит ҳәа. Аха уи ҟалашьа амам, избанзар дара ирҳәо еиқәшәаӡом. Нас иарбан динхаҵароу ииашоу? Аҭак ҳазҳәар зылшо Анцәа Иегова заҵәык иоуп.

2. Ишԥеилкаатәу иарбан динхаҵароу ииашоу?

2 Иарбан динхаҵароу ииашоу еилаҳкаарц азы Иегова Иажәа ҳаиҭеит. Убри аҟынтә иҭышәҵаала Абиблиа. Иегова дшәыцхраалоит абиблиатә ҵарақәа реилкаара, избанзар иара даараӡа бзиа шәибоит (Исаиа 48:17).

3. Дыззыԥшузеи Анцәа ҳара ҳҟынтә?

3 Шьоукы ирҳәоит Анцәа адинхаҵарақәа зегьы идикылоит ҳәа, аха Иисус ииҳәоз зынӡа даҽакуп, абар иажәақәа: «„Иҳақәиҭу! Иҳақәиҭу!“ ҳәа сазҳәақәо зегьы Жәҩантәи Аҳра рбараны иҟаӡам, уи збо Жәҩан иҟоу Саб игәаҳәара назыгӡауа роуп». Убри аҟынтә даара ихадоуп Анцәа игәаԥхара аилкаара, насгьы уи анагӡара. Ари акрызҵазкуа зҵаароуп, избанзар Анцәа изымӡырҩуа ауаа Иисус «азакәандара мҩаԥызго» ацәгьаҟаҵаҩцәа ирыҿирԥшит (Матфеи 7:21—23).

4. Ииҳәазеи Иисус Анцәа игәаԥхара анагӡара иазкны?

4 Иисус иҳәеит Анцәа игәаԥхара анагӡара еснагь ишымариамхо. Абар иажәақәа: «Агәашә ҭшәа шәҭалала, избанзар иҭбаа-ҭыцәуп аҭахарахьы уназго амҩа, ирацәаҩуп уи ианыланы ицогьы, аха аԥсҭазаарахь уназго агәашә ҭбааӡам, амҩагьы ҭшәоуп, уи зыԥшаауа маҷҩуп» (Матфеи 7:13, 14, АдҾ). Амҩа ҭшәа ианыланы ицо, даҽакала иуҳәозар, Анцәа игәаԥхара назыгӡо ауаа, наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит. Амҩа ҭбаа ианыланы ицо, даҽакала иуҳәозар, Анцәа игәаԥхара назмыгӡо, наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуӡом, уи амҩа аԥсрахьы инанагоит. Аха Иегова аӡәгьы дымԥсыр ауп ииҭаху. Убри аҟынтә зегьы алшара риҭоит иӡбахә еилыркаарц азы (2 Пиотр 3:9).

АНЦӘА ИГӘАԤХАРА НАЗЫГӠО ЗЛАУДЫРУА

5. Излаудыруазеи Анцәа игәаԥхара назыгӡо?

5 Иисус иҳаилиркааит Анцәа игәаԥхара назыгӡо злаудыруа. Иара иҳәеит: «Урҭ румҭақәа рыла иудыруеит». Анаҩс иациҵеит: «Иарбан ҵла бзиазаалакь, ашәыр бзиа аанашьҭуеит» (Матфеи 7:16, 17). Уи иаанагаӡом Анцәа имаҵ зуа ахаангьы агха ҟарҵом ҳәа. Аха дара еснагь рҽазыршәоит Анцәа игәы иақәшәо аҟаҵара. Шәааи еилҳаргап Анцәа игәаԥхара назыгӡо егьырҭ изларылукаауа.

6, 7. Избан ҳҵарақәа зегьы Абиблиа шьаҭас ирымазар захәҭоу? Иаҳнарҵозеи Иисус иҿырԥшы?

6 Ҳара зыгәра ҳго Абиблиа шьаҭас иамоуп. Абиблиаҿы иануп: «Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп, уи хәарҭоуп аҵарашьҭкаараҿ, аҿаԥҽраҿы, агхақәа рырҽеираҿ, аиаша-ҵабырг ашҟа амҩа ақәҵараҿ, Анцәа иуаҩы — акы згым аӡә иакәны, аус бзиақәа дрызшаны дҟаларазы» (2 Тимофеи иахь 3:16, 17). Апостол Павел ақьырсианцәа ирзиҩит: «Ҳара ҳахьтә ишәаҳаз Анцәа иажәа, ауаҩытәыҩса ихы иҭҳәаау ак еиԥш акәымкәа, ишәыдышәкылт иара шыҟаз аиԥш, Анцәа иитәу, ахаҵара змоу анырра ӷәӷәа шәызҭо ажәаны» (1 Фессалоникаа рахь 2:13). Ҳара ҳҵарақәа Анцәа Иажәа заҵәык ауп шьаҭас ирымоу, ауаа ргәаанагарақәа, аҵасқәа ма даҽак акәымкәа.

7 Иисус иҵарақәа зегьы Анцәа Иажәа шьаҭас ирыман. (Шәаԥхьа Иоанн 17:17.) Иара лассы-лассы Аҩыра аҟынтә ажәеинраалақәа ааигон (Матфеи 4:4, 7, 10). Анцәа имаҵзуҩцәагьы Иисус иҿыԥшуеит, дара ауаа иддырҵо зегьы Абиблиа шьаҭас иамоуп.

8. Ииҳәози Иисус Иегова имаҵ аура иазкны?

8 Ҳара Иегова заҵәык иоуп зымаҵ ҳуа. Аԥсалом 83:18 (АдҾ) аҿы иҳәоуп: «Уара Иегова ҳәа хьӡыс измоу, уара заҵәык [уоуп] адгьыл аҿы Зегьирхаку». Иисус иҭахын ауаа иҵабыргу Анцәа дызусҭоу рдыруазарц, убри аҟынтә ихьӡ рзааиртит. (Шәаԥхьа Иоанн 17:6.) Иисус иҳәеит: «Уиеихырхәала... Унцәа [«Иегова», АдҾ], убри аӡә заҵәык имаҵ ула» (Матфеи 4:10). Анцәа имаҵзуҩцәа Иисус иҿыԥшуеит. Ҳара Иегова заҵәык имаҵ ҳуеит, насгьы ихьӡ ҳхы иаҳархәоит. Иара убас уи ахьӡ ауаа ирзааҳартуеит, насгьы Анцәа ҳаԥхьаҟа иҟаиҵараны иҟоу атәы рзеиҭаҳҳәоит.

9, 10. Ишԥааҳарԥшуеи ҳара абзиабара?

9 Абзиабара ӷәӷәа ҳабжьоуп. Иисус иҵаҩцәа идирҵон аӡәи-аӡәи бзиа ишеибабалаша. (Шәаԥхьа Иоанн 13:35.) Ҳара ҳахьизаалакгьы, ҳкультура зеиԥшразаалакгьы, ҳбеизаргьы, ҳӷарзаргьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи реиԥш бзиа ҳаибабоит (Кәаласаа рахь 3:14). Убри аҟынтә ҳара еибашьра ҳцаӡом, насгьы ауаа ҳшьӡом. Абиблиаҿы иануп: «Анцәа ихәыҷқәеи аҩысҭаа ихылҵшьҭроуи абас еиԥш ала уаҩы еилиргар алшоит: аиаша мҩа иаҭаху назмыгӡо, уи иқәымныҟәо дарбанзаалакь — Дынцәахылҵшьҭрам, зашьа бзиа дзымбо диеиԥшуп. Аханатә аахыс ишәылаҳәоу агәырӷьаҿҳәаша жәабжь иаҳәо аӡәи-аӡәи бзиа ҳшеибабалашатә ауп. Каин шәиҿымԥшын, уи — аҩысҭаа дитәышьҭран, убри аҟнытә иашьа дишьит» (1 Иоанн 3:10—12; 4:20, 21).

10 Ҳара аӡәи-аӡәи ҳаицхырааларц, насгьы ҳгәы шьҭибахларц азы ҳаамҭеи, ҳамчи, ҳмазареи ҳреигӡаӡом (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Ҳара абзиара зегьы ирзыҟаҳҵоит (Галаҭаа рахь 6:10).

11. Избан Иисус ҳзизыӡырҩуа?

11 Ҳара Иисус ҳаизыӡырҩуеит, избанзар иара ила заҵәык ауп Анцәа ҳаизааигәахар шҳалшо. Абиблиаҿы иануп: «Дыҟам ари ажәҩан аҵаҟа даҽаӡәы, ауаа рзыҳәа абас иԥсеиқәырхагоу» (Аусқәа 4:12). Ари ашәҟәы ахәбатәи ахаҿы ҳара еилаҳкааит Иегова адгьыл ахь Иисус дшааишьҭыз, Анцәа изыӡырҩуа ауаа ҿихырц азы (Матфеи 20:28). Уи адагьы, Иегова Иисус Аҳас дҟаиҵеит, адгьыл напхгара азиуларц азы. Убри азоуп Абиблиаҿы изаҳәо ҳара наӡаӡа ҳанхаларц ҳҭахызар Иисус ҳаизыӡырҩлароуп ҳәа. (Шәаԥхьа Иоанн 3:36.)

12. Избан ҳара аполитика ҳаҽзалаҳмырхәуа?

12 Ҳара аполитика ҳҽалаҳархәӡом. Иисус Христос аполитика иҽалаирхәӡомызт. Римтәи анапхгаҩы Пилат иҿы Иисус иус анырыӡбоз, ус иҳәеит: «Сара Саҳра ари аԥсабараҿтәым». (Шәаԥхьа Иоанн 18:36.) Иисус иеиԥш, ҳаргьы Анцәа Иаҳра заҵәык напхгара ҟанаҵаларц ҳҭахуп. Убри аҟынтә ҳахьынхозаалакгьы аполитика ҳҽалаҳархәӡом. Аха Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит «иаԥу амчра», даҽакала иуҳәозар, аҳәынҭқарратә мчрақәа, рҳәатәы хаҳҵаларц (Римаа рахь 13:1). Ҳара ҳтәылаҿы иҟоу азакәанқәа ҳрықәныҟәоит. Ҳәарада, закәанк Анцәа изакәан иаҿагылозар, ҳара апостолцәа ҳарҿыԥшуеит, урҭ ирҳәон: «Ҳара ауааԥсыра раасҭа Анцәа ҳаизыӡырҩуеит» (Аусқәа 5:29; Марк 12:17).

13. Иарбан жәабжьу ҳара ауаа ирылаҳҳәо?

13 Ҳара агәра ҳгоит Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу ауаа рыуадаҩрақәа зегь зыӡбо. Иисус иҳәеит адунеи зегь аҿы «Аҳратә Ажәабжь бзиа» шрылаҳәахо. (Шәаԥхьа Матфеи 24:14.) Анцәа Иаҳра иҟанаҵо ауаҩытәыҩсатә ҳәынҭқаррак иазыҟаҵом (Аԥсалом 146:3). Иисус иаҳирҵон уи Аҳра ааирц азы Анцәа ҳиҳәаларц: «Иааиааит Уара Уԥсҳара; иҟалааит угәаԥхара, хыхь, ажәҩан аҿ аиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы» (Матфеи 6:10, АҾ). Абиблиаҿы иануп Анцәа Иаҳра аҳәынҭқаррақәа зегь шықәнаго, насгьы ахаҭа наӡаӡа ишыҟазаауа (Даниил 2:44).

14. Шәгәы ишԥаанаго, изусҭцәада Анцәа игәаԥхара назыгӡо?

14 Нас, шәгәы ишԥаанаго: иарбан динхаҵароу зҵарақәа Абиблиа шьаҭас измоу? Ирылазҳәода ауаа Анцәа ихьӡ? Изусҭцәада абзиабара ӷәӷәа зыбжьоу ауаа? Агәра згода Иисус Христос ила заҵәык шакәу ауаа аиқәырхара шроуа? Зҽалазмырхәуада аполитика? Ирылазҳәода Анцәа Иаҳра заҵәык шакәу ауаа рыуадаҩрақәа зегь зыӡбо? Ҳәарада, Иегова ишаҳаҭцәа роуп (Исаиа 43:10—12).

ИҞАШӘҴОЗЕИ ШӘАРА?

15. Иҟаҵатәузеи иҵегь Анцәа игәы ҳақәшәаларц азы?

15 Анцәа дшыҟоу агәра агара мацара азхаӡом. Адемонцәагьы Анцәа дшыҟоу харҵоит, аха дара уи изыӡырҩӡом (Иаков 2:19). Анцәа игәы иақәшәо ҟаҳҵаларц азы иара дшыҟоу ахаҵара мацара адагьы, игәаԥхарагьы нагӡалатәуп.

16. Избан амцдинхаҵара иадҳәалоу зегьы ҳҽацәаҳахьчалар зҳахәҭоу?

16 Анцәа игәы иақәшәо ҟаҳҵаларц азы амцдинхаҵара иадҳәалоу зегь аанҳажьроуп. Аԥааимбар Исаиа иҩуан: «Шәалҵ уи, шәхы цқьаны ишәыхьчала» (Исаиа 52:11; 2 Коринфаа рахь 6:17). Убри азоуп ҳара амцдинхаҵара иадҳәалоу зегьы ҳҽацәаҳахьчалар зҳахәҭоу.

17, 18. Изакәызеи «Вавилон ду», насгьы избан аамҭа мгакәа уи ааныжьра захәҭоу?

17 Иарбан динхаҵароу имцуп ҳәа иԥхьаӡатәу? Уи Анцәа Иажәа иану аҵабырг ауаа идызмырҵо ауп. Абиблиаҿы амцдинхаҵарақәа зегьы «Вавилон ду» ҳәа рызҳәоуп (Аатра 17:5). Избан? Нои ихаан иҟаз Аӡхыҵра ашьҭахь Вавилон ақалақь аҿы амцдинхаҵарақәа рацәаны ицәырҵит. Урҭ амцҵарақәа адгьыл зегь иахыҵәеит. Иаҳҳәап, Вавилон инхоз ауаа, хҩы-хҩыла ишьақәгылаз анцәахәқәа ирымҵахырхәон. Иахьагьы ирацәоуп Анцәа х-хаҿрак имоуп ҳәа ауаа идзырҵо адинхаҵарақәа, аха Абиблиа еилыкка иаҳнарбоит иҵабыргу Анцәа — Иегова заҵәык шиакәу, Иисус Христос — иара Иԥа шиакәу (Иоанн 17:3). Иара убасгьы Вавилон инхоз ауаа агәра ргон ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит, насгьы уи џьаҳаным иақәшәоит ҳәа. Аха уи мцуп. (Шәрыхәаԥш Ацҵақәа 14, 17.)

18 Анцәа ҳақәиргәыӷуеит иаарласны амцдинхаҵарақәа зегь шықәгахо (Аатра 18:8). Убри аҟынтә аамҭа мгакәа амцдинхаҵара ааныжьтәуп. Иегова иҭахуп аамҭа ыҟанаҵ уи ашьаҿа ҟашәҵарц (Аатра 18:4).

Шәара Иегова имаҵ аура шәалагар, адунеизегьтәи аҭаацәара ду шәахәҭакхар шәылшоит

19. Дышԥашәыцхраауеи Иегова, имаҵ аура шәалагарц анышәыӡбалак?

19 Шәара амцдинхаҵара ааныжьны Иегова имаҵ аура шәыӡбар, шәҩызцәа ма шәҭынхацәа шәырзеилымкаар алшоит, ишәҿагыларгьы ауеит. Аха Иегова шәаанижьӡом. Анцәа имаҵ аура шәалагар, миллионҩыла ишьақәгылоу, абзиабара аазырԥшуа адунеизегьтәи аҭаацәара шәахәҭакхар шәылшоит. Иара убасгьы шәара ишәоуеит адунеи ҿыц аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра (Марк 10:28—30). Иҟалап Иегова имаҵ аура шәаналагоз ишәҿагылоз шәҩызцәа ма шәҭынхацәа руаӡәк аамҭақәак рышьҭахь Абиблиа аҵара иҭаххаргьы.

20. Избан изхадоу иахьанатә Иегова игәы ишақәшәо еиԥш имаҵ аура?

20 Анцәа иаарласны адгьыл аҟынтә ацәгьара ықәигоит, насгьы иара Иаҳра адгьыл напхгара азура иалагоит (2 Пиотр 3:9, 13). Шаҟа ибзиахозеи уи аамҭа! Усҟан зегьы Иегова ишиҭаху еиԥш имаҵ рулоит. Убри аҟынтә ихадоуп ашьаҿақәа рыҟаҵара, насгьы иахьанатә Иегова игәы ишақәшәо еиԥш имаҵ аура.