Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АХЫ 19

Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә шәшьала

Иеговеи шәареи шәеиҩызара ахә шәшьала

1, 2. Иабаҳаԥшаар ҳалшо ахыҵакырҭа?

ШӘХАҾЫ иаажәг: амҩа шәаныланы шәышцоз, аԥша цәгьа асуа иалагеит. Ажәҩан еиқәаҵәахеит, имацәысуеит, идыдуеит. Абар, уажәымзар-уажәы ақәаршҩы дәықәлоит. Шәхы ахьыҵашәкыша аҭыԥ шәашьҭоуп. Абар ишәыԥшааит ақәа ахькылымсуа, аԥша ахьымнеиуа аҭыԥ. Шәгәырӷьара ҳәаак амам!

2 Иахьа ҳара убри аҩыза аҭагылазаашьа ҳҭагылоуп. Адунеи еиҳа-еиҳа еицәахоит. Иҟалап шәара шәхәыцуазар: «Иабасыԥшаари ахыҵакырҭа?» Аԥсаломшәаҳәаҩ иҩит: «Сара Иегова иасҳәоит: „Уара уоуп сара схыҵакырҭеи схырӷәӷәарҭеи, сзықәгәыӷло Сынцәа“» (Аԥсалом 91:2). Ааи, Иегова илшоит иахьа ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара дҳацхраар, уи адагьы, иара аԥеиԥш бзиа ҳақәиргәыӷуеит.

3. Иҟаҳҵар акәзеи Иегова ҳхыҵакырҭа иакәхарц азы?

3 Ҳашԥаихьчо ҳара Иегова? Иара ҳзықәшәо иарбан уадаҩразаалакгьы ахгара дҳацхраар илшоит. Иаҳҿагылоу дызусҭазаалакгьы, Анцәа уи иаасҭа акырӡа дыӷәӷәоуп. Рыцҳарак ҳақәшәаргьы, Иегова ҳаԥхьаҟа уи шириашо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» (Иуда 21). Иегова ауадаҩрақәа рыхгара дҳацхрааларц ҳҭахызар, иара ҳаицәыхарамхалароуп. Аха ишԥаҳалшо уи аҟаҵара?

БЗИА ШӘЫЗБО АНЦӘА БЗИА ДЫЖӘБАЛА

4, 5. Ишԥаҳирбеи Иегова бзиа ҳшибо?

4 Иегова ҳаицәыхарамхарц азы шаҟа иӷәӷәаны бзиа ҳаибо ҳдыруазар ауп. Шәазхәыц Иегова иаҳзыҟаиҵаз зегьы. Иара адгьыл ԥшӡа ҳзишеит, улаԥш хызкша ашәаԥыџьаԥи, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи ишеит. Уи адагьы, иара иҳаиҭеит афатә хааи аӡы цқьеи. Абиблиа ала иара ихьӡи иссиру иҟазшьақәеи ҳзааиртит. Иара убасгьы Иегова зегь реиҳа бзиа иибоз Иԥа иԥсы ҳахҭниҵарц азы адгьыл ахь дааишьҭит (Иоанн 3:16). Уи абзоурала ҳара зеиԥшыҟам аԥеиԥш ҳақәгәыӷлар ҳалшоит.

5 Иегова ажәҩан аҿы Аҳра шьақәиргылеит, иаарласны уи адгьыл аҟынтә агәаҟрақәа зегь ықәнагоит. Уи Аҳра адгьыл џьанаҭны иҟанаҵоит. Усҟан ауаа зегьы хьаада-баада, ҭынч инхалоит (Аԥсалом 37:29). Иара убас Иегова иҳаиҳәеит ҳаԥсҭазаара уажәнатә агәырӷьара ҳзаанагаларц азы иҟаҵалатәу. Иегова иҭахуп есымша ҳиҳәаларц, иара еснагь ҳзыӡырҩра дазхиоуп. Ааи, Анцәа зегьы хаҭа-хаҭала бзиа ҳшибо еилыкка иаҳирбеит.

6. Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова ибзиабара ахә ҳаракны ишышәшьо?

6 Иаашәырԥшыр шԥашәылшо Иегова ибзиабара ахә ҳаракны ишышәшьо? Иҭабуп ҳәа иашәҳәала ишәзыҟаиҵо зегьы рзы. Илахьеиқәҵагоуп, аха иахьа аӡәырҩы ауаа иҭабуп аҳәашьа рыздырӡом. Иисус адгьыл аҿы даныҟазгьы ус иҟан. Зны Иисус ацәеилабаара зыхьуаз жәаҩык ахацәа ихәышәтәит, аха иҭабуп ҳәа иазҳәаз аӡәы заҵәык иоуп (Лука 17:12—17). Шәааи уи ахаҵа иеиԥш ҳаргьы Иегова иҭабуп ҳәа иаҳәара ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлап.

7. Шаҟа иӷәӷәаны бзиа даҳбалар ҳахәҭоузеи Иегова?

7 Ҳара бзиа ҳазбо Анцәа бзиа даҳбалароуп. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит Анцәа Иегова гәынаӡала, ԥсынаӡала, насгьы дырранаӡала бзиа дырбалар шрыхәҭаз. (Шәаԥхьа Матфеи 22:37.) Иаанагозеи уи?

8, 9. Иҳарбар шԥаҳалшо Иегова бзиа дшаҳбо?

8 Иазхома Иегова бзиа даҳбоит ҳәа аҳәара мацара? Мап. Иегова гәынаӡалеи, ԥсынаӡалеи, дырранаӡалеи бзиа даҳбозар, уи ҳусқәа ирныԥшлоит (Матфеи 7:16—20). Абиблиа иаҳәоит Анцәа бзиа даҳбозар, иԥҟарақәа шынаҳагӡало. Ицәгьоума уи? Мап, Иегова «иуасиаҭқәа рықәныҟәара иуадаҩу ак акәым». (Шәаԥхьа 1 Иоанн 5:3.)

9 Иегова ҳаизыӡырҩлар, анасыԥ ҳауеит (Исаиа 48:17, 18). Аха иҳацхраар алшозеи Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахьчара? Шәааи еилаҳкаап.

ИЕГОВЕИ ШӘАРЕИ ШӘЕИҨЫЗАРА ШӘЫРӶӘӶӘАЛА

10. Избан Иегова изку адыррақәа анаҩсгьы изеизырҳалатәу?

10 Шәышԥеиҩызцәахеи Иеговеи шәареи? Абиблиа аҭҵаара шәаналага шәара Иегова еиӷьны деилышәкааит, насгьы иареи шәареи шәеиҩызцәахеит. Анцәеи шәареи шәеиҩызара амца иаҿурԥшыр алшоит. Уи хәыжжаӡа иакызарц азы амҿы аҵаҵалатәуп. Уи «амца» мыцәарц азы Иегова изку адыррақәа анаҩсгьы еизшәырҳала (Ажәамаанақәа 2:1—5).

Иеговеи шәареи шәеиҩызара амца иаҿурԥшыр алшоит. Уи хәыжжаӡа иакызарц азы амҿы аҵаҵалатәуп

11. Ишԥашәныруеи Абиблиа аҟынтә еилышәкаауа аҵабыргқәа?

11 Абиблиа аҟынтә еилышәкаауа аҵабыргқәа агәырӷьара ду шәзааргалоит. Иисус ҩыџьа иҵаҩцәа аԥааимбаражәақәа рҵакы андеилиркаа ашьҭахь ирҳәеит: «Мшәан ҳгәы-ҳаԥсы мбылӡоз амҩан данҳацәажәауаз, Аҩыратә анҳаилиркаауаз?» (Лука 24:32).

12, 13. а) Иахьыр алшозеи Анцәа иахь иҳамоу абзиабара? б) Иҟаҳҵар ҳалшозеи Иегова иахь ҳабзиабара мыхьшәашәарц азы?

12 Иисус иҵаҩцәа Аҩыра иану анеилыркаа ишгәырӷьоз еиԥш, шәара Абиблиа иану аилкаара шәаналага шәгәырӷьара ҳәаак амамызҭгьы алшон. Уи Иегова еиӷьны иеилкаара шәгәазҭанаҵеит, насгьы бзиа дыжәбеит. Ҳәарада, шәара ишәҭахӡам уи абзиабара хьшәашәар (Матфеи 24:12).

13 Иеговеи шәареи шәеиҩызцәахахьазар, уи аиҩызара шәырӷәӷәаларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵалароуп. Шәара анаҩсгьы Анцәеи Иисуси ирызку адыррақәа еизшәырҳалароуп, насгьы еилышәкаауа шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәалар шшәылшо шәазхәыцлароуп (Иоанн 17:3). Абиблиа шәанаԥхьо, мамзаргьы ианҭышәҵаауа, абарҭ азҵаарақәа шәхы иашәҭала: «Еилыскаазеи сзыԥхьаз аҟынтә Иегова изкны? Ишԥасыцхраауеи уи Анцәа еиҳагьы бзиа ибара?» (1 Тимофеи иахь 4:15).

14. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара Иегова иахь иҳамоу абзиабара арӷәӷәара?

14 Шәара аҩыза бзиа дшәымазар, ҳәарада, иареи шәареи есымшааира шәеицәажәоит, уи шәеиҩызара еиҳагьы иарӷәӷәоит. Убас еиԥшҵәҟьа Иегова есымша ҳаниацәажәо, иареи ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахоит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 5:17.) Анцәа иҳәара алшара жәҩантәи Ҳаб иҳаиҭаз зеиԥшыҟам ҳамҭоуп. Ҳара еснагь уи ҳгәы ҭыӷьӷьаа ҳиацәажәалароуп (Аԥсалом 62:8). Анцәа иаҳҳәаша ҿырҳәала иҵаны иҳамазар акәӡам, аха ҳгәы иҭаҵәҟьоу иаҳҳәалар ауп. Ааи, Иегова иахь иҳамоу абзиабара еиҳа-еиҳа иӷәӷәахаларц азы Абиблиа ҭаҳҵаалароуп, насгьы гәык-ԥсыкала ҳиҳәалароуп.

ИЕГОВА ИӠБАХӘ АУАА ИРЗЕИҬАШӘҲӘАЛА

15, 16. Шәышԥазыҟоу шәара ажәабжьҳәаратә ус?

15 Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара еснагь иӷәӷәазарц азы, Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа ауаа ирзеиҭаҳҳәалароуп. Ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп ауаа Иегова иӡбахә рзеиҭаҳәара. Иара убас уи Христос ақьырсианцәа дҵас ириҭеит. Ҳара зегьы Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа ирзеиҭаҳҳәалар ауп. Шәалагахьома шәара уи ажәабжь аиҭаҳәара? (Матфеи 24:14; 28:19, 20).

16 Апостол Павел ажәабжьҳәаратә ус даараӡа бзиа ибон. Иара уи «хәы змам... амазара» иаҿирԥшит (2 Коринфаа рахь 4:7). Иахьа Иегова иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәареи уи гәҭакыс имоу деилыркаареи аасҭа ихадоу даҽа уск ыҟам. Уи аус нагӡо шәара Анцәа имаҵ жәулоит. Иара шәџьабаа ахә ҳаракны ишьоит (Ауриацәа рахь 6:10). Ауаа ажәабжь бзиа анырзеиҭашәҳәо, уи шәара шәеиԥш егьырҭгьы ахәарҭа рзаанагоит: шәара шәеиԥш даргьы Иегова иҩызцәахоит, насгьы наунагӡатәи аԥсҭазаара роуеит. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 15:58.) Иҟоума еиҳау агәырӷьара шәзаазго даҽа уск?

17. Избан ажәабжьҳәаратә ус хырԥашьа замам?

17 Ажәабжьҳәаратә ус хырԥашьа амам. Ҳара ауаа «ажәа» рылаҳҳәалароуп, насгьы уи ҳахыццакны иҟаҳҵалароуп (2 Тимофеи иахь 4:2). Ауаа Анцәа Иаҳра аӡбахә раҳароуп. Абиблиа иануп: «Иегова имш ду ааигәоуп. Иааигәоуп, иццакны ааирагьы иаҿуп»; «иагхаӡом» (Софониа 1:14; Аввакум 2:3). Ааи, иаарласны Иегова Аҩсҭаа идунеи цәгьа ықәигоит. Аха уи ҟалаанӡа ауаа ргәырҽанҵалатәуп, даргьы Иегова имаҵ аура иалагарц азы.

18. Избан Иегова имаҵзуҩцәа ҳрывагыланы имаҵ ҳаулар зҳахәҭоу?

18 Иегова имаҵзуҩцәа ҳрывагыланы имаҵ ҳауларц иҭахуп. Абиблиаҿы иануп: «Аӡәи-аӡәи ҳагәцареибакып, бзиабарала ҳҽеимаҳдап, наҟ-ааҟ, ҳара-ҳара ҳабжьара, абзиара-аизыразра бжьаҳҵап. Абас еиԥш иҟоу ҳаиҿцаара-ҳаибабара, шьоукы-шьоукы ишыҟарҵало аиԥш, тәамбашақә ҳазымныҟәап; аӡәи-аӡәи ҳагәқәа еибарҵарлап, ҳгәаҳәарақәа шьҭибахлап, уи амш еиҳа-еиҳа ишааскьо ҳасаб азуны» (Ауриацәа рахь 10:24, 25). Ҳара аизарақәа бжьаҳмыжьларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп. Аизарақәа рҿы ҳгәы шьҭибахлар ҳалшоит.

19. Иҳацхраауазеи аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа рбара?

19 Аизарақәа рҿы шәара ишәыԥшаар шәылшоит Иегова имаҵ аура ишәыцхраауа аҩызцәа бзиақәа. Уа шәрабадыруеит шәара шәеиԥш гәык-ԥсыкала Иегова имаҵ аура зҽазызшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Даргьы шәара шәеиԥш инаӡаӡам, убри аҟынтә агхақәа рыхьуеит. Уи аҩыза аныҟало ранажьра шәазхиаз. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:32.) Еснагь игәашәҭала шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи ирылоу аҟазшьа бзиақәа, усҟан урҭ бзиа ижәбалоит, Иеговагьы еиҳа шәизааигәахоит.

ИИАШАҴӘҞЬОУ АԤСҬАЗААРА

20, 21. Изакәызеи «ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара»?

20 Иегова иҭахуп иҩызцәа зегьы аԥсҭазаара бзиа рымазарц. Абиблиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Анцәа иҳаиҭо аԥсҭазаара иахьатәи ҳаԥсҭазаара зынӡа ишеиԥшымхо.

Иегова «ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара» шәалагәырӷьаларц иҭахуп. Шәара?

21 Ҳара 70—80 шықәса акәымкәа, џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа ҳанхалоит. Ахаангьы ҳачмазаҩхаӡом, ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ҟалом, насыԥ ҳамазаауеит. Абиблиаҿы уи «ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара» ҳәа азҳәоуп. Иегова агәра ҳиргоит уи аҩыза аԥсҭазаара шҳаиҭо, аха ҳхаҭагьы уи ҳҽаларԥсны иаҳкырц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵалароуп (1 Тимофеи иахь 6:12, 19, АдҾ).

22. а) Ишԥаҳалшо «ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара» ҳҽаларԥсны акра? б) Ҳаԥсахар ҳалшома ҳара наӡаӡатәи аԥсҭазаара? Иҳаилшәыркаа.

22 Ишԥаҳалшо «ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара» ҳҽаларԥсны акра? Аус бзиақәа ҟаҳҵалароуп, урҭ рыла ҳбеиахалароуп (1 Тимофеи иахь 6:18). Даҽакала иуҳәозар, Абиблиа аҟынтә еилаҳкаауа ҳхы иаҳархәалароуп. Аха ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара ҳауоу-иаҳмоуоу зыбзоурахо ҳҽазышәарақәа ракәӡам. Ҳара иҟаҳҵалакгьы, ахаангьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳзаԥсахом. Уи Иегова изиашоу имаҵзуҩцәа хәыда-ԥсада ириҭо, «ҳзыԥсам ақьиара» зныԥшуа ҳамҭоуп (Римаа рахь 5:15, АдҾ). Жәҩантәи Ҳаб даараӡа иҭахуп имаҵзуҩцәа зегьы уи аҳамҭа риҭарц.

23. Избан ииашоу аӡбара шәыдышәкылар зшәыхәҭоу?

23 Шәхы шәазҵаа: «Имаҵ зуама Анцәа иара ишиҭаху еиԥш?» Ԥсахрақәак шыҟаҵатәу гәашәҭазар, аамҭа мгакәа иҟашәҵа. Иегова ҳхыҵакырҭа иакәхарц азы иара ҳиқәгәыӷуазар ауп, насгьы еснагь изыӡырҩра ҳҽазаҳшәозар ауп. Иара ицәгьоу ари адунеи аҵыхәтәазы изиашоу имаҵзуҩцәа ихьчалоит. Уи адагьы, иара ҳшақәиргәыӷыз еиԥш џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа ҳанирхоит. Ааи, шәара ииашаҵәҟьоу аԥсҭазаара шәоур шәылшоит, уажәы ииашоу аӡбара шәыдышәкылар!