Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 4

Ишԥасылшо сыгхақәа рыриашара?

Ишԥасылшо сыгхақәа рыриашара?

УИ АДЫРРА ЗХАДОУ

Агхақәа шыҟауҵо уҳәалар, уара аҭакԥхықәра агара иазхиоу, зыгәрагара иаԥсоу уаҩны уҟалоит.

УХЫ ШԤАМҨАԤУГО УАРА?

Ухаҿы иааг абри аҩыза аҭагылазаашьа: Дима иҩызцәа дрыцыхәмаруеит. Иара ампыл дасуеит, насгьы машәырла агәылацәа рмашьына асаркьа ԥиҽуеит.

Ухы шԥамҩаԥугарыз Дима иҭыԥан уҟазҭгьы?

УААҬГЫЛАНЫ УХӘЫЦ!

УАРА Х-ВАРИАНТК УМОУП:

  1. А. Абналара.

  2. Б. Ахара даҽаӡәы идҵара.

  3. В. Иҟалаз агәыла иаҳәара, насгьы ааха ариашаразы ацхыраара идгалара.

Авариант А алхра агәаҳәара узцәырҵыр алшоит. Аха иҟауҵаз аҳәара еиҳа еиӷьуп, асаркьа ԥуҽзаргьы, даҽа гхак ҟауҵазаргьы. Уи азы амзызқәа ыҟоуп.

АГХАҚӘА ШЫҞАҲҴО РҲӘАРАЗЫ Х-МЗЫЗК

  1. Уи иашоуп.

    Абиблиаҿы иануп: «Иҟаҳҵо зегьы гәык-ԥсык ала, иаша- ҵабыргла иҟаҳҵоит» (Ауриацәа рахь 13:18).

  2. Зыгхақәа аартны изҳәо ауаҩы ианажьра еиҳа имариоуп.

    Абиблиаҿы иануп: «Зыцәгьоурақәа зҵәахуа қәҿиара имазаауам, зхы дырны урҭ аанзыжьуа дрыцҳашьахоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 28:13).

  3. Зегь реиҳа ихадоу — уи ала Анцәа дургәырӷьоит.

    Абиблиаҿы иануп: «Иегова ауаҩы гьангьаш дицәымӷуп, зыламыс цқьоу рыгәра игоит. Ауаа иашақәеи иареи агәрагаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп» (Ажәамаанақәа [Притчи] 3:32).

20 шықәса зхыҵуа Карина амашьына ырццакцәаны иахьныҟәылцоз азы аштраф шылзылырҩааз лаб ицәылҵәахырц лыӡбеит. Аха уи акыраамҭа илзыҵәахуамызт. «Шықәсык аҟара ашьҭахь,— илгәалашәоит Карина,— саб аштраф ахьысзылырҩааз аквитанциа ибеит. Сара ауадаҩра ӷәӷәақәа соуит».

Иарбан лкаау иҟаҳҵар ҳалшо? Карина илҳәоит: «Угхақәа уҵәахлар, еиҳа иузеицәахоит. Урҭ рзы аҭак аҟаҵара уеизгьы иуқәшәоит, аамҭа царгьы!»

УГХАҚӘА АХӘАРҬА РЫЛХРА ШУЛШО

Абиблиаҿы иануп: «Ҳара зегьы агәнаҳарақәа маҷымкәа иҟаҳҵоит» (Иаков 3:2). Ишаҳбаз еиԥш, агха шыҟаҳҵаз аҳәара даара ихадоуп, насгьы уи иаразнак иҟаҵатәуп. Уи ахынраалара шҳамоу, насгьы ҳашшәхьоу аанарԥшуеит.

Даҽа шьаҿак — уи угхақәа ахәарҭа рылхра ауп. Вера зыхьӡу ӡӷабк илҳәоит: «Сара сҽазысшәоит агхақәа арҵаратә процесс еиԥш рызнеира, насгьы ахәарҭа рылхра. Урҭ сыцхраауеит аҽеиӷьтәра, аԥхьаҟагьы ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы даҽакала ахымҩаԥгара». Уааи ҳахәаԥшып, уаргьы ус аҟаҵара шулшо.

Уаб амаланыҟәа имухит, насгьы ибжьухит. Иҟауҵозеи?

  • Уи ицәуҵәахуеит, изгәаҭом ҳәа уақәгәыӷны.

  • Иҟалаз зегь уаб изеиҭауҳәоит.

  • Уаб изеиҭауҳәоит, аха ахара даҽаӡәы идуҵоит.

Уара аԥышәара узымҭиӡеит, избан акәзар уҽазыҟауҵаӡомызт. Иҟауҵозеи?

  • Аԥышәара мыцхәы ицәгьан ҳәа уҳәоит.

  • Ахара уара ишуду уҳәоит.

  • Арҵаҩы бзиа уибом ҳәа уҳәоит.

Уааҟәымҵӡакәа уаанӡа иҟауҵахьаз агхақәа анугәалауршәо, уи амашьына анныҟәуцо ашьҭахьтәи амҩа узырбо асаркьа мацара уанахәаԥшуа иаҩызоуп

Уажәшьҭа хыхь зыӡбахә ҳәаз аҭагылазаашьақәа еиҭах урызхьаԥш, насгьы 1) аб, иара убас 2) арҵаҩы рҭыԥаҿы ухы ргыл. Иухырҳәаауазеи уаби урҵаҩи иҟауҵаз агха аартны иуҳәар? Иухырҳәаарызеи урҭ иҟауҵаз агха уҵәахыр?

Уажәшьҭа иугәаларшәа аҵыхәтәантәи ашықәс аҩныҵҟа иҟауҵаз агха, насгьы абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҵа.

Изакәытә гхази уи? Ухы шԥамҩаԥугеи?

  • Уи уҵәахит.

  • Ахара даҽаӡәы идуҵеит.

  • Иаразнак иҟауҵаз уҳәеит.

Иҟауҵаз уҵәахызар, иарбан цәаныррақәоу нас иузцәырҵыз?

  • Еиҳа иузымариахеит. Иуқәҿиеит!

  • Ахара шуду ацәанырра. Аиаша уҳәар акәын.

Ишԥеиӷьхоз ухы мҩаԥугар?

Иунарҵазеи иҟауҵаз агха?

УГӘЫ ИШԤААНАГО?

Избан шьоукы рыгхақәа рҳәара зырцәыцәгьоу?

Ргәы иаанагар алшозеи ауаа, агха шыҟауҵаз еснагь иуҵәахуазар? Ргәы иаанагар алшозеи ауаа, иҟауҵаз агха аартны иуҳәозар? (Лука 16:10).