Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 5

Иҟасҵар сылшозеи ашкол аҿы исхыччозар?

Иҟасҵар сылшозеи ашкол аҿы исхыччозар?

УИ АДЫРРА ЗХАДОУ

Уара ухымҩаԥгашьа аҭагылазаашьа еиӷьнатәыр, ма еицәанатәыр алшоит.

УХЫ ШԤАМҨАԤУГО УАРА?

Ухаҿы иааг абри аҩыза аҭагылазаашьа: Андреи ашкол ахь ацара иҭахӡам. Иахьагьы, уаҵәгьы, уаҵәашьҭахьгьы. Ари зегь алагеит хымз раԥхьа, аҵара ицызҵо ахәыҷқәа узыршанхо уҳәан-сҳәанқәа ҳәо иандәықәла. Анаҩс иара ихыччо иалагеит. Зны–зынла аӡәы Андреи инапқәа дрысны ишәҟәқәа каижьуан, нас уи машәыршәа ихьызшәа ҟаиҵон, мамзаргьы аӡәы дигәҭасуан, аха Андреи данхьаҳәуаз, уи ҟазҵаз дазусҭаз изеилкаауамызт. Иацы аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахеит: Андреи дзыршәоз аелектронтә аацҳара иоуит...

Ухы шԥамҩаԥугарыз Андреи иҭыԥан уҟазҭгьы?

УААҬГЫЛАНЫ УХӘЫЦ!

Ухы узацхраауам ҳәа умԥхьаӡан! Уара аисра уҽалаумырхәыкәа амбжьахцәа урҿагылар улшоит. Ишԥа?

  • ИАҚӘҾУМҬЛАН. Абиблиаҿы иануп: «Абзамыҟә игәыԥжәара зегьы уқәиҳәацәоит, иҟәыӷоу аҵыхәтәанынӡа аҭынчра ааирԥшуеит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 29:11). Ԥшрала акәзаргьы аҭынчра аарԥшра уҽазушәозар, амбжьахцәа ургәаҟра иаҟәыҵыр рылшоит.

  • УШЬА УМУН. Абиблиаҿы иануп: «Ацәгьа шәзызуа ацәгьара изыжәурц шәашьҭамлан» (Римаа рахь 12:17). Ашьоура иумоу ауадаҩра аӡбаӡом, аха аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәанатәуеит.

  • АГӘЕИЛЫХ БЗИА ААРԤШЛА. Абиблиаҿы иануп: «Хара иԥшуа арыцҳара ибоит, насгьы иҽацәихьчоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 22:3). Иахьынӡаулшо иҽеим ауаа, насгьы ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа уҽырцәыхьчала.

  • ИЗҚӘЫМГӘЫӶУА АҬАК РЫҬАРА УҼАЗЫШӘА. Абиблиаҿы иануп: «Ажәа ҭынч агәеибакра ааннакылоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 15:1). Ахыччара алаф ахь ииаугар улшоит. Иаҳҳәап, уара уҟәазуп ҳәа иухыччозар, уԥышәарччан абас уҳәар улшоит: «Ааи, маҷк исыгсырхар цәгьамызт!»

  • НАҞ УЦА. «Уцәаныррақәа уҽахьрумҭо иаанарԥшуеит ушшәу, насгьы иухыччо иаасҭа акырӡа ушыӷәӷәо,— лҳәоит 19 шықәса зхыҵуа Нора.— Иаразнак иубарҭоуп аҽынкылара шумоу, уи иухыччо изымхо аҟазшьа ауп» (2 Тимофеи иахь 2:24).

  • УХЫ АҚӘГӘЫӶШЬА ҴАЛА. Амбжьахцәа иаразнак ирбоит ахақәгәыӷра ззымхо, насгьы аҭак аҟаҵара злымшо. Узыргәаауа дуҟәаҵыр илшоит, ииҭаху уирҟаҵартә шилумыршо ибозар.

  • ЕГЬЫРҬ ИҞАЛАЗ РЗЕИҬАҲӘА. Уаанӡа рҵаҩыс аус зуаз ԥҳәыск илҳәоит: «Сара ахыччарақәа ирықәшәо зегьы ирабжьызгоит уи ауадаҩра ишақәшәо рҳәаларц. Ус аҟаҵара иашоуп, уи адагьы убас ала, егьырҭ ахәыҷқәагьы ахыччарақәа рҟынтә иухьчар улшоит».

Ахақәгәыӷра амч унаҭар алшоит, уи иухыччо имам