Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АЗҴААРА 6

Ишԥасылшо иҽеим анырра аҿагылара?

Ишԥасылшо иҽеим анырра аҿагылара?

УИ АДЫРРА ЗХАДОУ

Ухатә гәаанагара адгылашьа уҵар, уԥсҭазаара ухаҭа напхгара азулоит, егьырҭ уи аҟаҵара рылумыршакәа.

УХЫ ШԤАМҨАԤУГО УАРА?

Ухаҿы иааг абри аҩыза аҭагылазаашьа: Браиан иахь ҩыџьа аҵара ицызҵо аҷкәынцәа неиуеит. Иара игәы нҭыԥсаа ицеит — ари амчыбжь аҩныҵҟа урҭ мчыла аҭаҭын дадырхарц ҩынтә рҽазыршәахьеит. Ари ахынтә раан акәхоит.

Руаӡәк иҳәоит:

— Иҟозеи, еиҭах угәы ҿыӷьуама? Сара уара узыҳәа ак сымоуп. Уи угәы арҿыхоит...

«Акы» иара иҷыдоу интонациак аҭан иҳәоит. Иара иџьыба дҭалоит, уара иудыруеит уажәы уаантәи иҭиго. Аҭаҭын. Браиан еиҳагьы игәы нҭыԥсаауеит.

— Исҭахӡам, сара ишәасымҳәахьеи...

Аҩбатәи Браиан иажәа ԥиҟьоит:

— Иҟалазеи, ухаҵаӡами?

— Ааи, схаҵоуп...

Руаӡәк Браиан ижәҩахыр инапы ықәиҵоит, насгьы иеиҳәоит:

— Нас уах!

Даҽаӡәы аҭаҭын Браиан иқьышә иадкыланы, гызмалрыла дцәыҵаччоит:

— Умшәан, ҳара аӡәгьы иаҳҳәаӡом. Аӡәгьы издырӡом.

Ухы шԥамҩаԥугарыз Браиан иҭыԥ аҿы уҟазҭгьы?

УААҬГЫЛАНЫ УХӘЫЦ!

Избан Браиан иқәлацәа аҭаҭын изахо? Иазхәыцны рхатә алхра ахьыҟарҵаз азы аума? Мап. Дара зегь иҟарҵоз ҟарҵеит. Егьырҭ рхымыччаларц азы, урҭ рхәаԥшышьа ауаа ишьақәдыргылалартә алдыршоит.

Абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа уақәшәар, иуцхраауазеи уара уқәлацәа рықәыӷәӷәара уҽамҭакәа ухатә алхра аҟаҵара?

  1. ЗАА УАЗХӘЫЦ

    Абиблиаҿы иануп: «Хара иԥшуа арыцҳара ибоит, насгьы иҽацәихьчоит, аԥышәа змам ԥхьаҟа ицоит, насгьы иахьырхәхоит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 22:3).

    Иҽеим аҭагылазаашьа заа иубар алшоит. Иаҳҳәап, уаԥхьа аҵара уцызҵо гәыԥҩык гылоуп. Зегь аҭаҭын иахоит. Ауадаҩра заа иубозар, уи ахгара улшоит.

  2. УАЗХӘЫЦ

    Абиблиаҿы иануп: «Ицқьоу аламыс шәымаз» (1 Пиотр 3:16, АдҾ).

    Ухы уазҵаа: «Уажәы зегьы иҟарҵо ҟасҵар, иарбан лҵшәоу уи исзаанаго нас?» Иҟалап, уқәлацәа аамҭак аҩныҵҟа иуҟәаҵыр, аха ухы шԥаубало нас? Уазхиоума уара угәаанагара мап ацәкра, уқәлацәа ухымыччаларц азы? (Ақәҵымҭа [Исход] 23:2).

  3. ИӠБА

    Абиблиаҿы иануп: «Аилкаара змоу ауаҩы ишьаҿақәа заа дрызхәыцуеит» (Ажәамаанақәа [Притчи] 14:16).

    Знымзар-зны алхра ҟаҳҵароуп, уи иаанаго́ алҵшәагьы ҳадаҳкылароуп. Абиблиаҿы иануп ииашоу алхра ҟазҵаз ауаа рыӡбахә, урҭ иреиуан Иосиф, Иов, насгьы Иисус Христос. Иара убас, уа иануп иҟәыӷам аӡбарақәа здызкылоз ауаа рыӡбахә, уахь иаҵанакуеит Каин, Исав, насгьы Иуда Искариот. Ухы шԥамҩаԥуго уара?

Абиблиаҿы иануп: «Аҵабырггьы хьчала» (Аԥсалом 36:3 [37:3, АдҾ]). Уара алҵшәақәа урызхәыцхьазар, насгьы аӡбара удукылахьазар, угәаанагара аҳәара даара иузымариахоит. Уи ашьҭахь иаразнак агәырӷьара узцәырҵуеит.

Уқәлацәа ахшыҩ дырҵара аҭахӡам. Еиҳараӡак иаҭаху,— уи лакҩакрада «мап» аҳәара ауп. Мамзаргьы уҭак еиҳагьы ишьақәырӷәӷәаны иҟазарц азы уара иацуҵар улшоит:

  • «Уи сара сыда!»

  • «Уи шәагьаламцәажәан!»

  • «Излазбо ала, ибзианы сшәыздырӡом!»

Еиҳараӡак ихадоу — аҭак иаразнак, насгьы лакҩакрада аҟаҵара ауп. Уара иџьоушьоит шаҟа ирласны иуҟәаҵуа!

АХЫЧЧАРАҚӘА УАНРЫҚӘШӘО ИҞАҴАТӘУ

Уқәлацәа рнырра уҽауҭозар, ахәыцра злымшо аробот уеиԥшхоит, избанзар егьырҭ ирҭаху удырҟаҵалартә рылуршоит

Иҟауҵар улшозеи уқәлацәа ухыччозар? Иаҳҳәап, дара ушәаргәындоуп ҳәа уарҳәоит. Иухаумыршҭын: ахыччарақәа — уқәлацәа уқәыӷәӷәаларц азы рхы иадырхәо знеишьоуп. Ишԥаулшо уи аҿагылара? Уара иумоуп ҩ-вариантк:

  • Ахыччара удукылар улшоит. («Ааи, сара сшәоит! Исҭахӡам...»)

  • Аҭак бзиа рыҭ. Мап зацәукуа деилыркаа, анаҩс иазырхәыц. («Шәуаа ҟәышқәоуп, арахь агаӡарақәа ҟашәҵоит!»)

Уқәлацәа ухыччара иаҟәымҵуазар, наҟ урԥырҵ! Шаҟа уԥшуа аҟара, еиҳаны иуқәыӷәӷәалоит. Наҟ урԥырҵыр уара идурбоит ирҭаху удырҟаҵалар шуҭахым.

Уқәлацәа рнырра зынӡаск аҽацәыхьчара улшаӡом. Аха уара иулшоит угәаанагарақәа рыцәхьамҵра, уи деилыркаара, насгьы аҭагылазаашьа аконтроль азура. Алхра уара иҟауҵароуп! (Иисус Навин [Иисус Навин] 24:15).