АШӘА 6
Ажәҩан Анцәа ихьӡ ҳаранакуеит
(Аԥсалом 19)
-
1. Жәҩантәыла Ҳаб ишамҭақәа дҳараркуеит.
Иаԥҵамҭа шьахәқәа ҳарҭ
Иаҳбарҭоуп лабҿаба.
Игыло амш дарҽхәалааит, нас, Ҳазшаз.
Аҵх иаанарԥшааит еҵәаџьаа рымч,
Аҟәышрагь ҳарбауа.
-
2. Закәан наӡоуп абзиабара згәылжжуа,
Аԥышәа змам зегьы
Лашароуп иднарбо.
Иусӡбара иашоуп кырӡа Анцәа.
Уи иажәа убысҟак ицқьоуп,—
Агьама хаауп, ицхоуп.
-
3. Иҳалеиҵеит ашәара цқьа Иегова.
Иԥҟарақәа ахьеиԥш
Ҳа ҳгәаҵаҿ иаҳҵәахуеит.
Ԥхьаҟа ҳагоит изакәан, ҳамҩақәҵо.
Иегова ӷьеҩла ихьӡ-иԥша,
Нас иаҳаҭыр ҳахьчоит.
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 111:9; 145:5; Аат. 4:11.)