АШӘА 12
Анцәа ду Иегова
(Ақәҵымҭа 34:6, 7)
-
1. Ҳаб ду Иегова, хьӡи-ԥшеи уаԥсами,
Аҽхәаԥхьыӡ Уара иузҳәоуп,
Иашарыла умҩа қәҵоуп.
Умчи уҟәышреи шьарда ҵҩа рымам,
Бзиабарала уҭәуп.
-
2. Ҳаб Иегова, ҳхьаа удыруеит,
Ҳсабоуп, аха ҳауҭахуп,
Ҳныҳәарақәа урзыԥшуп.
Амҩа ҳурбоит, иҳаҭан адырра,
Ҳацхраара еснагь уазхиоуп.
-
3. Ашәа узырҳәоит бжьы ҳаракыла
Дгьыли-жәҩани гәырӷьаҵәа,
Ухьыӡ ҭаҳгалоит, Ҳанцәа.
Ҳуҳәоит, Иегова, ҳаҳәара удкыл,
Ҳаҽхәаԥхьыӡ уаԥсоуп рацәа.
(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 32:4; Ажәам. 16:12; Матф. 6:10; Аат. 4:11.)