Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 24

Иегова ишьхахь шәхала

Иегова ишьхахь шәхала

(Исаиа 2:2—4)

  1. 1. Улаԥш ԥхьаҟа ирха:

    Адунеи зегьы иабоит

    Ашьха, Иегова иитәу,

    Ашьхақәа иреиҳауп.

    Рҽеибаркны харантәи

    Уахь ихалоит ажәларқәа.

    «Шәҳашьҭал!» — зегьы ирарҳәоит,

    Имаҵ рурцаз Ҳанцәа.

    Уажәшьҭа иааит аҿҳәара,

    Ажәлар ԥсыҽ ирыхәҭоуп иӷәӷәахарц,

    Иазҳаларц, нас ишәҭларц,

    Урҭ Иегова дышрыцхраауа рбарц.

    Ажәлар ду, ҵҩа змаӡам,

    Ҳаб иҵабырг иадгылоит.

    Ажәа рыхьчоит уи ирҭаз,

    Имҩа иқәлан ицоит.

  2. 2. Ажәабжь адгьыл иахьӡарц

    Ҳарҭ Иисус иҳадиҵеит.

    Аҳра иазкугьы ажәа

    Ажәлар ираҳауеит.

    Жәҩанаҿ аҳра зуа Ҳаҳ

    Дҳаԥхьоит Иаҳраз ҳгылазарц.

    Ииҳәо ҳахшыҩ азцароуп,

    Ҳаб имч амҩа ҳнарбарц.

    Угәы ҭгәырӷьаан уԥши,

    Анцәа ир шазҳауа умбари.

    Иалаҳгалоит ҳахәҭа,

    Ажәабжь бзиа андеилҳаркаауа.

    Гәы цаҳә-цаҳәла ҳара

    Ажәлар ааҳаԥхьап иахьа:

    «Шәықәгыл Иегова ишьха,

    Шәыҟаз уа есымша».

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 43:3; 99:9; Ис. 60:22; Аус. 16:5.)