Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 45

Сыгәҭахәыцрақәа

Сыгәҭахәыцрақәа

(Аԥсалом 19:14)

  1. 1. Са сыгәҭахәыцрақәа зегьы,

    Сынцәа, иаздырҳалааит угәы.

    Сгәы ззыҳәо, исҭаху сара

    Иунаҭалааит агәахәара.

    Иансықәыӷәӷәо агәырҩақәа,

    Лахьеиқәрак са санатәнатәуа,

    Сзызхәыцуа усҟан Уара уоуп,

    Мҩа иаша сшықәлаша атәоуп.

  2. 2. Иқьиоу, илашоу зегьы,

    Еснагь иаԥсоу арҽхәарагьы,

    Аҭынчра, нас агәыбылра,

    Убарҭ зегь сгәы дырҭәлааит сара.

    Ухәыцрақәа акыр иаԥсоуп,

    Ԥхьаӡашьа рымам, ирацәоуп.

    Иқьиоу узакәан сҭахуп,

    Уи сыцуп, сылаԥшгьы ахуп.

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 49:3; 63:6; 139:17, 23; Флп. 4:7, 8; 1 Тим. 4:15.)