Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 46

Иҭабуп, Иегова

Иҭабуп, Иегова

(1 Фессалоникаа рахь 5:18)

  1. 1. Ҭабуп, улашараз, Иегова, Ҳанцәа,

    Иҳазҭо адырра, ҳзыбжьо рацәа.

    Ҭабуп, Иегова, иахьҳауҭаз азин,

    Уахгьы-ҽынгьы ҳуҳәаларц зегьы рзын.

  2. 2. Ҭабуп, Иегова, Уԥазаҵә дахьааз,

    Дунеи иаҿагылан аиааира згаз.

    Ҭабуп, угәаԥхараз иаҳзаарту ҳара.

    Уа умч ала ҳақәныҟәоит ҳҿаҭахьа.

  3. 3. Ҭабуп, аҳаҭыраз Уа ухьӡ ҳахҵара,

    Аиаша закәу ажәлар дырҳара.

    Ҭабуп, Аҳра ацәгьа лассы иахьаго,

    Наунагӡа адгьыл ахьгәырӷьало!

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 50:14; 95:2; 147:7; Кәал. 3:15).