Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 55

Урҭ шәырцәымшәан!

Урҭ шәырцәымшәан!

(Матфеи 10:28)

  1. 1. О, ԥхьаҟа шәеицнеила сыжәлар,

    Ажәабжь рзеиҭашәҳәа ауаа.

    Шәагьырцәымшәан шәаӷацәа,

    Аҟәымшәышәқәа идшәырҳа,

    Дшалагаз Христос уажә аҳра,

    Уи дшыриааиз иаӷацәа,

    Аџьныш иаарласны дышҿеиҳәо,

    Ҳхы ҳшақәиҭитәуа рацәа.

    АХАПА

    Урҭ шәырцәымшәан, сара сыжәлар!

    Сыҟами шәара шәсыхьчартә,

    Сыблаҷыц сшазыҟоу еиԥшны,

    Исызиашоу еиқәсырхартә.

  2. 2. Шәаӷацәа рацәазаргь даара,

    Имақаруазаргь дара,

    Шәыхьӡ иаҿызаргь арџьара,

    Иашьҭазаргьы шәа шәжьара.

    Урҭ шәҿагылозаргь, шәырцәымшәан,

    Шәымала шәынхом аӡәгьы:

    Сшәыцзаауеит аҵыхәтәанынӡа,

    Шәсыхьчалоит ауп есқьынгьы.

    АХАПА

    Урҭ шәырцәымшәан, сара сыжәлар!

    Сыҟами шәара шәсыхьчартә,

    Сыблаҷыц сшазыҟоу еиԥшны,

    Исызиашоу еиқәсырхартә.

  3. 3. Мап, ахаангьы шәаансыжьуам,

    Са сбаагәароуп шәара шәзы.

    Шәатәнатәыр аԥсра зегьы,

    Сажәа иархынҳәуеит шәыԥсы.

    Шәцәеижь ашьра зылшо шәырцәымшәан,

    Урҭ ирымчым шәыԥсы ршьырц.

    Аҳра гәыла-ԥсыла шәадгыл,

    Нас шәҟаларц џьанаҭ аҿы.

    АХАПА

    Урҭ шәырцәымшәан, сара сыжәлар!

    Сыҟами шәара шәсыхьчартә,

    Сыблаҷыц сшазыҟоу еиԥшны,

    Исызиашоу еиқәсырхартә.

(Уахәаԥш иара убас Ҩынтә. 32:10; Неем. 4:14; Аԥсал. 59:1; 83:2, 3.)