АШӘА 63
Ҳара Иегова ишаҳаҭцәа ҳауп!
(Исаиа 43:10—12)
-
1. Ажәлар рынцәахәқәа рыԥшьоит,
Анцәа иаша дладырҟәуеит.
Ҳанцәа Зегьзымчу иоуп,
Усла дҳаракуп.
Рынцәахәқәа аԥеиԥш иазкны
Ирҳәарызеи, ҵабыргны?
Рныхақәа цәажәартә абыз рҿам,
Рнапыҟаҵамҭақәа хәарҭам.
АХАПА
«Сышаҳаҭцәа шәоуп шәара»,—
Дҳаигәырӷьоит Ҳазшаз ҳара.
Уи игәҭакы ссир ажәлар ирбоит,
Заа ииҳәахьазгьы ҟаиҵоит.
-
2. Анцәа ихьыӡ ҳарҽхәалап,
Гәахәарыла уи ҳҳәалап.
Ӷьеҩла Аҳра ажәабжь
Ажәлар идҳарҳап.
Ҳиаша ажәлар еиқәнархап,
Уи хақәиҭра рзаанагап.
Урҭ еизҳалап доуҳала, ишәҭлап,
Ашәаҿ Иегова ддырҽхәалап.
АХАПА
«Сышаҳаҭцәа шәоуп шәара»,—
Дҳаигәырӷьоит Ҳазшаз ҳара.
Уи игәҭакы ссир ажәлар ирбоит,
Заа ииҳәахьазгьы ҟаиҵоит.
-
3. Иҳарҭбаароуп ҳмаҵзура,
Анцәа ихьыӡ ҳаԥшьалап,
Иегова имш ду
Шааигәоу ҳҳәалап.
Зымҩа нзыжьыз наҟ хара,
Анцәа ианаижьт игха.
Гәыкала иҟоу Уи еиқәирхап,
Ҳамҭас наӡаӡа инирхап.
АХАПА
«Сышаҳаҭцәа шәоуп шәара»,—
Дҳаигәырӷьоит Ҳазшаз ҳара.
Уи игәҭакы ссир ажәлар ирбоит,
Заа ииҳәахьазгьы ҟаиҵоит.
(Уахәаԥш иара убас Исаиа 37:19; 55:11; Иез. 3:19.)