АШӘА 64
Ҳгәырӷьаҵәа ҭагалара аус ҳалахәуп
-
1. Иаҳбарҭоуп: ҭагалара иаамҭоуп,
Ача ҟалахьеит амхаҿы.
Уи ҳгәырӷьо иҭаҳгаларц ҳгәиҭоуп,
Иныжьны наҟ ҳусқәа зегьы.
Иисус иҿырԥшала ҳгәазҭеиҵоит,
Дҿырԥшыгоуп зегь рыла ҳа ҳзы.
Ҳаҭыруп аус ицура Иара!
Ҭагалара ҳцоит иаҳҭахны!
-
2. Иегова иахь иҟоуп ҳгәыблыра,—
Иаҳзааигәоу рахь, шәааи, ҳаццаклап.
Ахырԥара иашахом ҳус ԥшьа,
Уи ала рыԥсы еиқәҳархап!
Иҳаиҭеит агәырӷьара ҳамҭас
Иегова, ҳагәқәа ирӷәӷәаларц,
Иҳаурц аҭынчреи агәырӷьареи,
Аҵыхәтәанӡа иҳачҳалап!
(Уахәаԥш иара убас Матф. 24:13; 1 Кор. 3:9; 2 Тим. 4:2.)