АШӘА 66
Ирылаҳҳәоит ажәабжь бзиа
-
1. Лашьцаран ажәлар шәышықәсала ирхаԥаз,
Христос дрыздыруамызт, Уи иажәоуп имаӡаз.
Аха Иегова ҳрыцҳаишьеит, Иԥа даашьҭны,—
Дагьыҟаиҵеит Аҳас Уи, ииҳәаз нагӡаны.
Иегова Иаҳра ажәҩанаҿ, абар, иихьеит,—
Ҳазшаз уажәшьҭа иазгәеиҭаз
амш дугьы ааигәахеит.
Аҭаца бзиа Аб дизалихит Иԥа,
Иԥшьоугь ириҭахьеит наӡаӡа ахьӡ-аԥша.
-
2. Иахьа агәырӷьажәабжь ауаа ираҳҳәароуп,
Христос изку уи амаӡагьы рзааҳартроуп.
Ргәы иахәоит амаалықьцәа ҳа ианҳацхраауа,
Ианаҳҳәо ӷьеҩла Аҳра напхгара шауа.
Шәааи, ҳарҭ зегьы Иегова ихьыӡ ҳаԥшьалап,
Даԥсами хьӡи-ԥшеи адгьыл Зшаз,
убри ҳхаҳмыршҭлап.
Ҳазшаз уанихаҭарнаку — ҳаҭыр дуӡӡоуп,
Нас, ажәабжь бзиа рылаҳҳәап, инымҵәаӡо!
(Уахәаԥш иара убас Марк 4:11; Аус. 5:31; 1 Кор. 2:1, 7.)