Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 70

Иаԥсоу шәыԥшаала

Иаԥсоу шәыԥшаала

(Матфеи 10:11—15)

  1. 1. Христос идирҵон ажәабжь Аҳра иазкыз,

    Иагьҳабжьигеит ҳарҭ, иҳәауа:

    «Иазыӡырҩуа шәажәа, иаԥсоу шәыԥшаала,

    Нас доуҳалагьы амла иакуа.

    Ирашәҳәала аԥсшәа жәа ҟәандала урҭ:

    „Иҟаз хирла абри аҩнаҭа!“

    Мап шәцәыркуазар, ма шәыԥхадырсыр зынӡа,

    Шәеимаа иадлаз асаба шәыршәшәа».

  2. 2. Ҳаздызкыло ыҟазар,— дхарҵеит Христос.

    Анцәа иааимыртуеи урҭ рыгәқәа.

    Инымҵәо аԥсҭазаара гәыӷрас измоу,

    Ашәа ҳациҳәап, Ҳаб дырҽхәауа.

    Шәазымхәыцын ишәҳәаша, шәшәаргьы иаԥсам,

    Зегь иԥшьоу адоуҳа ишәнарҵап.

    Иаҳԥыло ҳанрацәажәо ҳажәа хааӡа,

    Урҭгьы ргәы ааҳартыртә иҟаҳҵап.

(Уахәаԥш иара убас Аус. 13:48; 16:14; Кәал. 4:6.)