Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 74

Иацышәҳәа Аԥсҳара ашәа!

Иацышәҳәа Аԥсҳара ашәа!

(Аԥсалом 98:1)

  1. 1. Шаҟа иссирузеи Аԥсҳара ашәа!

    Уи ала Ҳаб дҳараҳамкуеи ҳара.

    Агәыӷра ҳарҭоит ажәақәа ииашоу.

    Уаҿыз Иегова ашәа изҳәара:

    АХАПА

    «Ҳаҭыр иаԥсоу ҳа Ҳанцәа иоуп.

    Ажәабжь шәҳәала, Аԥа Аҳ иоуп.

    Анцәа Иԥсҳара ашәа цқьа ишәҵароуп,

    Адгьыл ду Зшаз иҿаԥхьа шәхырхәала».

  2. 2. Аԥсҳара ашәала Ҳанцәа дҳараҳклап.

    Христос итәыми адгьылгьы уажәшьҭа.

    Жәларык, иԥшьоу аԥсҳарауаа ҩагылеит,

    Дырҽхәо иԥымлои Анцәа ду Иԥсҳа:

    АХАПА

    «Ҳаҭыр иаԥсоу ҳа Ҳанцәа иоуп.

    Ажәабжь шәҳәала, Аԥа Аҳ иоуп.

    Анцәа Иԥсҳара ашәа цқьа ишәҵароуп,

    Адгьыл ду Зшаз иҿаԥхьа шәхырхәала».

  3. 3. Аҭынчқәа иацырҳәааит зегь ари ашәа,

    Имариаӡоуп, иагьыԥшӡоуп ажәақәа.

    Анцәа дзакәу ашамҭақәа ирдырааит,

    Иагьынеиларԥсааит ашәаҿы рыбжьқәа:

    АХАПА

    «Ҳаҭыр иаԥсоу ҳа Ҳанцәа иоуп.

    Ажәабжь шәҳәала, Аԥа Аҳ иоуп.

    Анцәа Иԥсҳара ашәа цқьа ишәҵароуп,

    Адгьыл ду Зшаз иҿаԥхьа шәхырхәала».

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 95:6; 1 Пиотр 2:9, 10; Аат. 12:10.)