Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 75

«Абар, сахьыҟоу! Сышьҭы сара!»

«Абар, сахьыҟоу! Сышьҭы сара!»

(Исаиа 6:8)

  1. 1. Иахьа идыршоит ацәгьара

    Иегова ихьыӡ лазырҟәуа.

    Ирҳәоит: «Уи дхьысҳауп, дыџьбароуп»,

    «Нцәа дыҟам!» — ҿызҭуа гаӡақәоуп.

    Нас, дарбан Ихьыӡ зыхьчарыз?

    Иӡырзгарыз, изыԥшьарыз?

    АХАПА 1

    «Абар, сара сышьҭы, Сынцәа.

    Сацәымшәап Ухьыӡ аҳәара.

    Закәытә ҳаҭырузеи уи, Сынцәа!

    Нас, сыхиоуп, сышьҭы сара».

  2. 2. Шьоукы Анцәа зынӡа ицәшәом,

    Дара ирҳәоит: «Уи дыццакӡом».

    Ахаҳәлых деихырхәоит аӡәы,

    Акесар иқәгәыӷуеит џьоукы.

    Рус шиӡбо дарбан изҳәарыз,

    Дышрабашьуагьы зыцҳарыз?

    АХАПА 2

    «Абар, сара сышьҭы, Сынцәа.

    Ирысҭап зегь агәҽанҵара.

    Закәытә ҳаҭырузеи уи, Сынцәа!

    Нас, сыхиоуп, сышьҭы сара».

  3. 3. Ауаа ҟәымшәышәқәа ус рымҳәои:

    «Ҳа ҳадгьыл ацәгьа ахаԥеит».

    Ишԥалшо Ҳаб иҩызцәахарц,

    Аҭынчра ргәаҵаҿ идырҳарц?

    Дызусҭада урҭ ргәы ҟазҵо?

    Аиашара мҩагьы дзырбо?

    АХАПА 3

    «Абар, сара сышьҭы, Сынцәа.

    Саҟәыҵуам Уажәа дырҵара.

    Закәытә ҳаҭырузеи уи, Сынцәа!

    Нас, сыхиоуп, сышьҭы сара».

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 10:4; Иез. 9:4.)