Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 84

Амаҵ ҳуеит ацхыраара ахьаҭаху

Амаҵ ҳуеит ацхыраара ахьаҭаху

(Матфеи 9:37, 38)

  1. 1. Ҳазшаз идыруеит изакәу

    Анасыԥ мҩа, еихьӡара зцу.

    Алшара ҳаиҭеит, ҳазҳаларц,

    Имаҵ ҳауларц, ҳагьҟәышхаларц!

    АХАПА

    Иаҳамҭои Ҳаб Ҳазшаз

    Ҳамчқәа еизыркәкәа.

    Ҳахьаҭаху ҳцалап, ҳа ҳласны,

    Ҳрыцхрааларц ауаа.

  2. 2. Ҳацхыраара ахьаҭаху,

    Ҳласып убрахь, иахьаҳзыԥшу.

    Ҳгәыблыра, мап, ихьшәашәамхеит.

    Ихиру ҳус шьҭа иҭбаахеит!

    АХАПА

    Иаҳамҭои Ҳаб Ҳазшаз

    Ҳамчқәа еизыркәкәа.

    Ҳахьаҭаху ҳцалап, ҳа ҳласны,

    Ҳрыцхрааларц ауаа.

  3. 3. Инаҳагӡап иҳаиҳәаз Ҳаб.

    Азал ҳаргылп, иагьҳарԥшӡалап.

    Даҽа бызшәак ҳҽазаҳкп иаҳҵарц,

    Нас ажәларқәа ажәабжь раҳарц.

    АХАПА

    Иаҳамҭои Ҳаб Ҳазшаз

    Ҳамчқәа еизыркәкәа.

    Ҳахьаҭаху ҳцалап, ҳа ҳласны,

    Ҳрыцхрааларц ауаа.

(Уахәаԥш иара убас Иоанн 4:35; Аус. 2:8; Рим. 10:14.)