Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 87

Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!

Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!

(Ауриацәа рахь 10:24, 25)

  1. 1. Гьангьашла иҭәыми иахьа адунеи,

    Иаздыруам Нцәа имҩа бзанҵы.

    Хырхарҭак изаҭом аӡәгьы ишьаҿа,

    Ихшыҩла дзынхом ауаҩы.

    Агәҭынчроуп иҳарҭо ҳа ҳаизарақәа,

    Иҭынчу рхы ԥхьаркуеит убра.

    Иқьиоу аусқәа ҳгәазҭарҵоит дара,

    Мыч ҳарҭоит, ҳаихартә еиԥш ԥхьаҟа.

    Ҳанымшәо ҳанызаап Ҳаб имҩа еснагь,

    Ҳхаҵара мшызҳа еизҳаларц.

    Ҳанеиԥыло ҵабыргла нхашьа ҳамҵои,

    Анцәа игәыблыраҿ ҳаанхарц.

  2. 2. Иҳамам зда ԥсыхәа имдыруеи Ҳазшаз,

    Уи иабжьгара ҟәыш урҳала.

    Уиқәгәыӷ иара, инапы уҽанҵа,

    Нас аизараз аамҭа ԥшаала.

    Ацхыраара ҳаҭара ҳашьцәа азхиоуп,

    Доуҳала ҳара ҳадмырӷәӷәои.

    Ианумоу абас згәы былуа аҭаацәа,

    Наҟ азаҵәра бналан имцои.

    Игәырӷьахәу амш ааигәахацыԥхьаӡа,

    Есааира ҳаидҳәалан ҳҟалап.

    Ҳа ҳаизара ӷәӷәалаҵәҟьа бзиа иаҳбап,

    Иегова иҟәышрагь ҳахьчап.

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 37:18; 140:1; Ажәам. 18:1; Еф. 5:16; Иак. 3:17.)