Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 90

Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла

(Ауриацәа рахь 10:24, 25)

  1. 1. Ҳаб имаҵ шаҳаулац иаҳуазар,

    Ҳхаҵара иацҵо, иҳарӷәӷәап.

    Ҳгәыблыра усла иааҳарԥшуазар,

    Ҳахӡыӡаан ҳакзаара ҳахьчап.

    Абзиабара ҳарҭ иҳахәоит,

    Ахачҳара ааҳарԥшрацы.

    Ҳзыхьчо еизароуп Анцәа ижәлар,

    Уи нҳажьырц ҳаҟоума бзанҵы.

  2. 2. Абзиабара зныԥшуа ажәа

    Ианыуадаҩу уарӷәӷәалоит.

    Шьаҟас дузыҟалар уҩыза,

    Агәахәара узаанагоит.

    Ҳамгәырӷьои, ҳашьцәа аус рыцуа

    Ҳхықәкы акакәны ҳанхаларц.

    Ҳарзыҟаларц ҳҭахуп жәҩахырны,

    Егьырҭгьы реидара ҳгаларц.

  3. 3. Ҳхаҵара аблала иаҳбарҭоуп:

    Ҳазшаз Иегова имш ааигәоуп.

    Ииашоу амҩа ҳа ҳанымҵларц,

    Ҳаҭааларц аизара ҳахәҭоуп.

    Наӡаӡа имаҵ ҳурц ҳҭахыми

    Иегова, ҳакзаара хьчауа.

    Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарцаз,

    Еснагь ишьҭибахлап ҳагәқәа.