Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 95

Алашара есааира икаҷҷоит

Алашара есааира икаҷҷоит

(Ажәамаанақәа 4:18)

  1. 1. Ишԥарҭахыз аԥааимбарцәа жәытә-натә

    Деилыркаарц Христос, Анцәа иишаз.

    Иаҳәеит адоуҳа цқьа, Мессиа дшаауаз,

    Ҳарҭ амҩа ҳзырбоз, ҳаиқәзырхашаз.

    Иҳақәиҭу Аҳ иоуп, шьҭа аамҭагьы ааит,

    Уи амаӡа ԥшьа еилкаахеит.

    Жәҩан иҟоу Ҳазшаз иԥацәа зегь зышьҭаз

    Уажәшьҭа, ҳаамҭаз, ҳа ҳзыҳәа иаатхьеит.

    АХАПА

    Еиҳа икаҷҷоит ҳара ҳамҩа,

    Амш еилгоу еиԥш, ҳусқәа лашоуп.

    Еснагь Анцәа ииҳәо уазхәыцла,

    Ҳара ҳамҩақәиҵарц дыхиоуп.

  2. 2. Иҳақәиҭу дҳаиҭеит иҟәышу атәы,

    Ианаамҭоу ацхыраара ҳаиҭоит.

    Аҵабырг-лашара еиҳа икаҷҷоит,

    Ҳахшыҩи ҳагәқәеи уи иарҿыхоит.

    Есыҽны ашәаԥшь еиԥш ауп ҳамҩа шлашо,

    Ҳамшәакәа еихаҳгоит ҳшьаҿа.

    Иегова иҟәышра зегь рыла иаатуеит,

    Уи агәырӷьара ҳнаҭоит рацәа.

    АХАПА

    Еиҳа икаҷҷоит ҳара ҳамҩа,

    Амш еилгоу еиԥш, ҳусқәа лашоуп.

    Еснагь Анцәа ииҳәо уазхәыцла,

    Ҳара ҳамҩақәиҵарц дыхиоуп.

(Уахәаԥш иара убас Рим. 8:22; 1 Кор. 2:10; 1 Пиотр 1:12.)