АШӘА 96
Анцәа Иажәа хазыноуп
(Ажәамаанақәа 2:1)
-
1. Агәырӷьара, аҭынчра, алашара,
Агәыӷра шәҟәык ирынаҭоит ауаа.
Аԥышәа змам, иҭынчу рзы лабжьароуп.
Аԥсы рханамҵои ажәа заҳауа.
Иԥшьоу Аҩыра ауми зыӡбахә ҳамоу!
Иегова имчала уи шырҩыз ҳбоит.
Дара хынраалареи ламыс цқьеи рылан.
Ирзыӡырҩуа есааира дыӷәӷәахоит.
-
2. Ианырҵон урҭ ҳдунеи ду шыҟалаҵәҟьаз,
Нцәа дгьыли-жәҩани шишаз иԥшӡаны.
Џьанаҭ дшынхоз, Иаб ихьыӡгьы шҳареикуаз,
Днаӡамзи усҟан иишаз ауаҩы.
Анаҩс маалықьк диҿамгылеи Иегова,
Дагәҭаст Уи имчра, тәамбашақә дазнеит.
Убри иахымҟьеи агәнаҳаи агәаҟреи,
Аха Ҳазшаз аҿыхра мҩа ҳирбеит.
-
3. Абар, иааҳадгылт аамҭа гәырӷьаҿҳәаша,—
Иисус иоуп жәҩанаҿ Аҳра зтәу иахьа.
Ҳзықәгәыӷуа ҳарҭ азылԥхарақәа рами,
Нас Аҳра ажәабжь рылаҳҳәоит ауаа.
Ари ашәҟәы аҵабырг ссир агәылоуп!
Доуҳала чароуп згәы аарту рызгьы.
Иара ҳа ҳзы ииашаҵәҟьоу хазыноуп,
Аҟәышра ҳнаҭоит, ҭынчракгьы ҳгәаҿы.
(Уахәаԥш иара убас 2 Тим. 3:16; 2 Пиотр 1:21.)