Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 99

Ҵҩа змам аишьцәа

Ҵҩа змам аишьцәа

(Аатра 7:9, 10)

  1. 1. Сашьцәа, ҵҩа змам, сывагылоуп,

    Ажәлар зегьы ҳарбоит.

    Гәыкала урҭ шаҳаҭуеит,

    Рыцқьаразы иқәԥоит.

    Сашьцәа рацәоуп, ҵҩа рымам,

    Ирызҳауеит рацәа.

    Хылҵшьҭреи, бызшәалеи, милаҭлеи урҭ

    Ихьыӡ дырҽхәоит Рынцәа.

  2. 2. Сашьцәа, ҵҩа змам, сывагылоуп,

    Ажәабжь иреиӷьу рҳәоит.

    Даара ихируп ажәабжь,

    Кәакь-цыԥхьаӡа иахьӡоит.

    Еиқәшәоу «шьаҵоуп» иҳашьоу,

    Зны-зынлагь ҳааԥсалоит.

    Ҭынчроуп ҳгәаҿы, дҳацзар ҳарҭ Христос,

    Анасыԥ ҳаиҭалоит.

  3. 3. Сашьцәа, ҵҩа змам, сывагылоуп,

    Рымч Анцәа иахьтә иаауеит.

    Урҭ Анцәа ду иҿаԥхьа

    Имаҵ еснагь ируеит.

    Сашьцәа рацәоуп, ҵҩа рымам,

    Зегьзшаз дрыхӡыӡаауеит.

    Ҳицны иус ҳанаҿу разҟуп,

    Иашҭаҿы имаҵ ҳуеит.

(Уахәаԥш иара убас Ис. 52:7; Матф. 11:29; Аат. 7:15.)