АШӘА 100
Гәаартыла урҭ шәыдышәкылала
-
1. Игәы аартуп Ҳазшаз, ацқьарагь Данцәоуп.
Еилых ҟамҵа, зегьы Уи дырхылаԥшроуп.
Зегь афатә рыгирхом, қәак римҭакәа ҟалом,
Ирҭәуеит урҭ гәырӷьарыла рыгәқәа.
Ирзааҳартуазар ашәқәа егьырҭ ауаа,
Ҳаиҿыԥшуеит Уи, абзиабара аарԥшуа,
Дазылԥхап ҳаразра, ҳџьабаагь ахә ишьап.
Нас, ҳусқәа ихьӡ ҳарарклааит Ҳанцәа.
-
2. Мышкы-зны аразра алҵшәагьы ҳамбои,
Ҳахьымгәыӷуа џьара ажәлагьы ҟамлои.
Иаҳзымдыруа џьоукы ҳармыцхраауеи лассы,
Ҳанрывагылп агәаҟра ианиаз.
Нас Лидиа ҳалҿыԥшны ҳаргьы иаҳҳәап:
«Сыҩныҟа умҩахыҵ, уԥсы уа иушьап».
Дыгәрыцҳашьаҩуп Ҳаб, зегь ҳус дахаҵгылап,
Иаанҳажьрым, мап, измамкәа инхаз.
(Уахәаԥш иара убас Аус. 16:14, 15; Рим. 12:13; 1 Тим. 3:2; Аур. 13:2; 1 Пиотр 4:9.)