Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 106

Абзиабара еизҳарҳауеит

Абзиабара еизҳарҳауеит

(1 Коринфаа рахь 13:1—8)

  1. 1. Иегова ҳиҳәоит ҳахқәа ларҟәны,

    Ҳарҿыԥшларц иҟазшьақәа зегьы.

    Урҭ рахьтә абзиабара хадоуп,

    Хәы змам иԥшьоу идоуҳа иалҵшәоуп.

    Баҩхатәрак ҳалазаргь, ҳҟәышзаргьы,

    Уи ада ҳа ҳаԥсахом акгьы.

    Абзиабара ӷәӷәа ҳаҳәалар,

    Еснагь иҳалшоит уи ааҳарԥшлар.

  2. 2. Абзиабара агәы аартуп,

    Зегьы иреиҷаҳарц аҭахуп.

    Уи иамам хәыцра цәгьақәак ҵәахны,

    Иахашҭуеит гәалақәак, иамаз зны.

    Ҳгәаҿы ҳабзиабара ӷәӷәахар,

    Џьоук реидарагь ҳалшоит иаҳгалар.

    Абзиабара акрачҳауеит,

    Иреиӷьу ҳамҭаны уи аанхоит.

(Уахәаԥш иара убас Иоанн 21:17; 1 Кор. 13:13; Гал. 6:2.)