АШӘА 108
Анцәа гәыкала бзиа ҳаибоит
(Исаиа 55:1—3)
-
1. Гәыкала ҳаиҭахуп,
Ҳаб дҳахӡыӡаауеит ҳарҭ зегьы.
Дҳаиҭеит бзиа ҳбаны Иԥа,
Ахә ахишәааит ҳаԥсҭазаара.
Ҳамҭас гәыӷра мҩагьы ҳирбеит,
Анасыԥ лаша ҳазирхиеит.
АХАПА
Уааи иӡышуа, уааласы,
Аԥсҭаҵага ӡы ужәып.
Ҳаб ибзиабара цқьеи
Аиашеи урҳалап.
-
2. Гәыкала ҳаиҭахуп,
Уи атәы иусқәа ирҳәоит:
Иԥа иакәзар, Аҳас дҟаиҵеит.
Анапхгара ду иаҭәеишьеит.
Иажәа деижьаӡом, ииҳәаз ҳәоуп,—
Анцәа Иаҳрагьы шьақәырӷәӷәоуп!
АХАПА
Уааи иӡышуа, уааласы,
Аԥсҭаҵага ӡы ужәып.
Ҳаб ибзиабара цқьеи
Аиашеи урҳалап.
-
3. Гәыкала ҳаиҭахуп,
Анцәа ҳарҭгьы бзиа даҳбап.
Аҟәымшәышәқәагьы идҳарҵап,
Анцәа имҩақәа дҳарбалап.
Аҳра ажәабжь дҳарҳарц ҳаҿуп,
Гәыбылралагь иаҳҳәарц ҳҭахуп:
АХАПА
Уааи иӡышуа, уааласы,
Аԥсҭаҵага ӡы ужәып.
Ҳаб ибзиабара цқьеи
Аиашеи урҳалап.
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 33:5; 57:10; Еф. 1:7.)