АШӘА 124
Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
(Аԥсалом 18:25)
-
1. Шәааи ҳизиашаз Ҳаб Иегова,
Агәыблыра ааҳарԥшлап.
Уи ҳҽизаҳкзар гәык-ԥсыкала,
Нас, иԥҟарақәа ҳахьчап.
Изакәанқәа наҳагӡароуп,
Иеиӷьу ҟәышра ҳазбарым.
Узықәгәыӷша Нцәоуп Иегова,
Иара имҩа ҳаншәарым.
-
2. Шәааи ҳрызиашаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи,
Ҳрывагылап, ицәгьахар.
Ҳреиҷаҳарц ҳҭахуп гәыблыла,
Ҳажәа ҟәандагьы иарӷәӷәар.
Ҳаб ҳаныҟала ҳизиашан,
Ҳаиднакылап уи ҳара.
Усҟан ҳҩызарагьы ԥсыҽхом,
Иақәлом ҳакзаара ԥгара.
-
3. Ҳа ҳрызиашан ҳаанхалароуп
Ҳаизара аиҳабацәа.
Урҭ иҳабжьарго ҳахыԥом,
Ҳгәы-ҳахшыҩ азцап рацәа.
Ахынраалара ахьҳалоу
Илԥха ҳаимҭои Анцәа.
Уи дитәыҵәҟьоуп, гәык-ԥсыкала
Иаазырԥшуа азиашара.
(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 149:1; 1 Тим. 2:8; Аур. 13:17.)